АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы ааԥынтәи рааԥхьара амҩаԥгара иалагеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 06 аҟнытә Nº 3498-c-V Азакәани «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ажьырныҳәамза 04 аҟнытә Nº 1224-c-XIV Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани хәажәкырамза 29, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз «2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьарала арратә маҵзура иахысуа арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟеи шьаҭас иаҭаны, ааԥынтәи арратә маҵзурахьы ааԥхьара иалагеит.

Арратә ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалахәхоит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵара Аминистрра.  

Атәылахьчара Аминистрра арратә маҵзурахьы ааԥхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа нхарҭәааны рымҩаԥгара азеиԥш хылаԥшра аҭара  алнаршоит.

Арратә маҵзура ахь ааԥынтәи ааԥхьара хыркәшахоит рашәарамза  30, 2024 шықәса рзы.


Read 119 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 14:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.