pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа араион актив алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахь иусуратә визит аан араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа. «Араион аҟны иҟоу аекономика аԥсыҽреи ауааԥсыра ықәҵаны рцареи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аусура знапы алаку еиҳарак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп – арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра арегион аҟны атуристтә усхк ҷыдала хшыҩзышьҭра шанаҭо, уи иабзоураны қәҿиарала аусура ишаҿу Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу «Амшынеиқәа абырлаш» («Черноморская жемчужина», «Тамшь-вилаџь» Тамшь ақыҭаҟны, Кындыӷ ақыҭаҟны, Тҟәарчал араион Аҟармара аҳаблаҟны иҟоу атуристтә обиектқәа жәпакы.
Анаҩс ирылацәажәеит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара атема. «2025 шықәсазы афымцадәыӷба «Ласточка» бжьалоит Очамчыранӡа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Кәтол ақыҭаҟны аргылара шымҩаԥысуа аинвестициатә наплакқәа, 100 гектар аӡахәаҭрақәа, аҩыҟаҵарҭа зауад, аресторан. «Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраарала зынагӡара иаҿу ари апроект аҟны 100 инарзынаԥшуа усурҭа ҭыԥ ҟалоит. Иара убас Очамчыра ақалақь абаӷәазаҟны аидара аиагаразы даҽа наплак дук аргылара иаҿуп, - ҳәа мрагыларатәи Аԥсны аекономика ашьҭыхразы ас еиԥш иҟоу апроектқәа рацәаны аусура иалагар шыбзиоу азгәаҭаны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараз акомиссиа аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаара иазырхоу Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ аусура иалагеит. Иахьа Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны амҩадуқәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азҵааразы акомиссиа актәи аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Ризара-Апарламент апресс-маҵзура.
Акомиссиа афункциа хадақәа рахь иаҵанакуеит:
- ареспублика амҩадуқәа рҿы амашәырқәа зыхҟьо аҭҵаара;
- амҩа-транспорттә машәырқәа рхыԥхьаӡареи урҭ рхыԥҟьақәеи рырмаҷреи аныҟәцаҩцәа рдисциплина арӷәӷәареи, иара убри ала ишәарҭадоу аныҟәара алыршареи рзы ажәалагалақәа реиқәыршәара;
- амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ҵзыршәаауа иуашәшәыроу амашьынақәа рныҟәара аанкылараз хылаԥшра аҭара;
- амашьынақәа рыла инагӡахо хазы игоу аусура ахкқәа алицензиақәа рыҭара ахылаԥшра.
Аслан Бжьаниа усуратә визитла Очамчыра араион даҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы, ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Ахада ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион Администрациа ахада Беслан Бигәаа, Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба.
Аслан Бжьаниа аӡиас Дӷамшь аԥшаҳәа арӷәӷәаразы ицо аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Рацәак ҵуам, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 12 рзы ақәыршҩы бааԥсқәа ирыхҟьаны ихыҵыз аӡы ахатәы ҩнқәа ааба аӡы рыҩналеит, ацҳа аӡы ианага ашьҭахь аҩнқәа быжьба рышҟа анеира алымшо иҟалеит.
Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара аԥхасҭа ду рнаҭеит анхамҩақәа жәпакы. Усҟан арыцҳара иахьақәшәаз аҭыԥқәа Ахада дырҭаан, изыхәҭоу аусбарҭақәа анапынҵа риҭеит Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь аҳәынҭеилакы «Аԥсныҿықәхьчара» атехника зегьы раашьҭразы.
«Аԥсныҿықәхьчара» адиректор хада Гәурам Ҳаразиа Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рзы, ԥхынгәымза 25 рзы урҭ шхыркәшахо азы.
Аԥхасҭа зауыз ақыҭуаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы. "Даараӡа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз ацхырааразы. Аӡы аԥшаҳәа 90-тәи ашықәсқәа раахыс нап адкыламызт, ари даараӡа акраҵанакуеит аԥхьаҟагьы аӡы ҳпырхагамхарц азы», - ҳәа ирҳәеит дара.
Аӡы аԥшаҳәа арӷәӷәаразы имҩаԥысуа аусурақәа рхарџьыԥса ареспубликатә биуџьет аҟнытә иаауеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа ахылаԥшрала.
Анаҩс Ахада Џьгьарда ақыҭан аспорттә шҭа аргылара ахьцоз аҭыԥ даҭааит.
ЗҲәА «Очамчыраргылара» адиректор Саид Адлеиба иҳәеит хара имгакәа ахырхарҭа рацәа змоу аспорттә шҭа аргылара шхыркәшахо. Ара амҵәышәмпыл, анапылапыл, атеннис ду ахәмарразы алшара ҟалоит.
Аҳәынҭқарра Ахада ашьапылампыасратә Клуб “Ерцахә” 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Витали Дараселиа ихьӡ зху Очамчыратәи ареспубликатә стадион даҭааит. Аҳәынҭқара Ахада ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, аиҳабыра алахәылацәа.
Иахьа ашьапылампыласратә Клуб «Ерцахә» 30 шықәса ахыҵит.
Ахада иқәгылараҿы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу аспортсменцәеи ашьапылампыласратә клуб «Ерцахә» абзиабаҩцәеи.
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аклуб аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазку аҵак ду змоу арыцхә. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала ашьапылампыласратә Клуб «Ерцахә» қәҿиарала ҳтәыла аспорттә аренаҟны иқәгылоит.
Апарламенттә Еилакы атәылауаа рсоциалтә маҵзура азы азакәан адкылара азы абжьгара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аилак аилатәара аҿы иахәаԥшит «Ареспублика Аԥсны атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәара ашьаҭақәа рзы» азакәан апроект. Уи адкыларала ареспублика атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәара азинтә шьаҭақәа шьақәыргылахоит.
Иарбоу азакәан апроект атәылауаа (аҭаацәарақәа) рсоциалтә маҵзура (аиқәыршәара) алыршара, уи ахаҭабзиара ашьҭыхра, уи ашәарҭадареи аеффективреи ралыршара азы ирымоу рзинқәа рыхьчара иазырхоуп.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҵара Аминистрра ахь згәабзиара алшарақәа ԥку ахаҿқәа рҵаадырра аиҿкаара азы аԥҟара апроект адгалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҵара Аминистрра ахь «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҵаадырра аиҿкаара азы» Аԥҟара апроект адгалара мҩаԥнагеит.
Апроект еиқәлыршәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат азиндырҩы Лиаховецкаиа Е. Г., иахьа, ԥхынгәымза 8 рзы уи ахәаԥшреи аҭҵаареи рзы атәыла аҵара Аминистрра ахь идәықәҵахеит.
«Иарбоу Аԥҟара хықәкы хадас иамоуп – згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа ирымоу аҵарадырразы азин ахархәаразы алшара рыҭара», - ҳәа иазгәалҭеит Екатерина Лиаховецкаиа.
Аусуратә еиԥылара иацҵо Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак алахәыла Ада Кәарҷелиеи Екатерина Лиаховецкаеи ари аусшәҟәы ҿыц иарбоу анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Екатерина Лиаховецкаиа аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәо иазгәалҭеит:
Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭеи Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзуреи рхаҭарнакцәа автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аинфраструктура аҿиара иадҳәалоу азҵаарқәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәааҿы автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҭаарааан Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иаҵанакуа аобиектқәа рыргылареи рексплуатациеи рзы адирекциа» Шәачатәи аҿга адиректор Кирилл Баранов Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура анапхгаҩы Валери Пикалиов автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ арекоснтрукциа апроект анагӡаразы аусурақәа рцашьеи иҳараку акурорттә аамҭахәҭа азы уи иҭышәынтәаланы аусура алыршара иазку аусмҩаԥгатәқәеи рзы адырра ииҭеит, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа аофициалтә саит.
Иахьатәи амш азы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» апассаџьыртә трафик ала атәыла аҿы зегьы реиҳа ақәыӷәӷәара змоу ҭыԥны иҟоуп. Уи уахыки-ҽнаки рыла аушьҭратә лшара 28 нызықьҩык ауааԥсыреи 1500 рҟынӡа атранспорттә хархәагақәеи рҟынӡа инаӡоит. Аха аус аҿы араҟа есыҽны аҳәаа иахысуеит 50 нызықь инареиҳаны ауааи 9 нызықь инарзынаԥшуа атранспорттә хархәагақәеи.
Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҟны аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҟны атәыла амҩадуқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Уи рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭавтоинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо, амилициа аполковник Беслан Ҷкадуеи.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩуп, уимоу, даараӡа ашәарҭара аныԥшуеит ҳәа ахәшьара арҭеит. Астатистика инақәыршәаны иҟало авариақәа аиҳарак изыхҟьо амашьынарныҟәцаҩцәа рхымҩаԥгашьа ауп.
«Ииасыз амчыбжь иалагӡаны хәҩак ауаа ҭахеит амҩатә машәырқәа рҿы. Урҭ хадаратәла ҿарацәоуп, амашәырқәа реиҳарак мзызс ирымаз арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акроуп. Амашьынарныҟәцаҩцәа рменталитет аганахьала аидеологиатә усура мҩаԥысуеит, аха уи ирласны алҵшәақәа аанарԥшӡом. Аҷыдалкаатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгатәуп!», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут. Уи иажәақәа рыла, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла активла ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп, аиҳарак аинспекторцәа уахынла русура рӷәӷәатәуп.
Аполитикатә Партиақәеи Ауаажәларратә Еиҿкаарақәеи Реидгыла иҟарҵаз аҳәамҭа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә Партиақәеи Ауаажәларратә Еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициа аԥызацәа иреиуоу, Амилаҭтә-хақәиҭратә Қәԥара Аиҿкаара «Ахақәиҭра» («Свобода») алахәыла Адлеиба Д. И. ԥхынгәымза 7, 2024 шықәса рзы иҟаиҵаз ааԥхьара азы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала иҟаиҵаз ааԥхьара аҿы атәылауаҩ Адлеиба Д.И. агәнымӡара узцәырызго аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ахәҭакахьала уи игәаанагарала, «милаҭла иерманцәоу Аԥсны атәылауаа абжьыҭиарақәа рылахәхара, иара убас иҳараку анапхгаратә маҵурақәагьы ранкыларагьы» аморалтәии азакәантәи азин рымаӡам.
Аԥсны аҭаацәарақәа быжьба Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны амедальқәа рырҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи рымш аҽны Аҟәа, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥснытәи аҭаацәарақәа быжьба амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рырҭеит.
2024 шықәсазы иалкаахеит аҭаацәарақәа быжьба. Витали Қьиаазым-иԥеи Хаҭуна Владимир-иԥҳаи Смыраа 2023 шықәсазы аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы рзалмырхәӡеит, убри аҟнытә урҭ амедали аҳаҭыртә шәҟи иахьа иранаршьеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аҭаацәарақәа Аҭаацәареи, абзиабареи, агәрагареи Рымш рыдиныҳәалеит.
«Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит акыр шықәса, 40, 50 шықәса иреиҵамкәа абзиабареи агәреибагареи аарԥшуа еицынхо ауаа рыбжьара ари аныҳәа шьахә азгәаҭара азы алшара ахьҳауз», - ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин.
Витали Қьиаазым-иԥеи Хаҭуна Владимир-иԥҳаи Смыраа 33 шықәса ҵуеит еимоуижьҭеи.
Шьалуа Ҷыҭанааи уи иԥшәма Аллеи — аҭаацәа аԥырҵеижьҭеи иҵуеит 51 шықәса.
Алеқсеи Папасқьыри уи иԥшәма Валентинеи аҭаацәара иалалеижьҭеи иҵуеит — 52 шықәса.
Хачик Дикран-иԥеи Нвард Мигран-иԥҳа Минасианаа еимоуижьҭеи иҵуеит — 52 шықәса.
Иурии Иван-иԥеи Зинаида Николаи-иԥҳа Иакушкинаа рҭаацәара иахыҵуеит — 54 шықәса.
Иван Самсон-иԥеи Валентина Пиотр-иԥҳаи Багаевваа рразҟы еиларҵеижьҭеи – 56 шықәса ҵуеит.
Алексеии Валентинеи Вартикианаа, рҭаацәара 61 шықәса ахыҵуеит.
Аҳамҭақәа занашьахаз Иакәышкинаа хаҵеи ԥҳәыси Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо рҭаацәаратә насыԥ маӡас иамоу атәы еиҭарҳәеит. Урҭ ражәақәа рыла, аҭаацәараҿы аҳәоуеиқәшәареи анасыԥи ҟаларц азы зегьы ирыцку аҳаҭырқәҵареи аилибакаареи роуп: «Зегьы раԥхьаӡа иргыланы хаҵеи ԥҳәыси агәреибагара рыбжьазароуп, бзиа еибабозароуп, ҳаҭырқәҵарала еизныҟәазароуп».








