
pressadmin-2
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла апоет Иуа Абас-иԥа Коӷониа игәалашәара иазкны апоезиатә хәылԥазы мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа аԥсуа поет, ажурналист Иуа Абас-иԥа Коӷониа (13.03.1904 – 14.07.1928 шш.) диижьҭеи 120-шықәса иазку апоезиатә хәылԥазы ахаша, хәажәкырамза 13 рзы И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы еиҿнакааит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу иажәақәа рыла, апоет ирҿиара амилаҭтә аԥсуа литература аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.
«Раԥхьатәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз иакәын иара. Иуа Абас-иԥа Коӷониа акы иаламҩашьо абаҩхатәра злаз уаҩын. Уи ирҿиара ҳажәлар акыр ирзааигәоуп. Апоет илшеит ҳара ҳаҩныҵҟатәи амилаҭтә дунеи аарԥшра илшеит», ҳәа иҳәеит иара.
Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа апоет акыр икьаҿыз иԥсҭазаара дахцәажәеит, анаҩс уи иажәеинраалақәак дрыԥхьеит.
«Иуа Коӷониа ирҿиара ҳмилаҭтә литература аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит. Апоет иусумҭақәа рҵоит ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, иара илитературатә ҭынха иазыркуеит анаукатә статиақәеи амонографиақәеи», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.
Ашәҟәыҩҩы Геннади Аламиа Иуа Коӷониа ииубилеи азы ииҩыз иажәеинраала даԥхьеит. Уи иазгәеиҭеит апоет ирҿиара ихадоу аҟазшьаны ишыҟаз уи ижәлар рыдгылара иахьазкыз.
«Иара гәкажьра ҟаиҵаӡомызт, избан акәзар идыруан ижәларгьы иара адгылара ширҭо», ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.
Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз ажурнал «Амцабз» аредактор, ашәҟәыҩҩы Гәында Кәыҵниа, алитератор қәыԥш Инал Гицбеи Владимир Никонови апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Апоезиатә хәылԥазы Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №4 аҵаҩцәа рықәгыларала ихыркәшахеит.
Атуризм аусхкы аҿы аусеицура иалацәажәеит Аԥсны атуризми аекономикеи рминистрцәеи Акционертә Еилазаара «КАВКАЗ.РФ» анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь аҿы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Акционертә Еилазаара «КАВКАЗ.РФ» адиректор Андреи Иумшанови реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Апроект «Агәрагара аҭел» аиҿкаара иалацәажәеит ахәыҷы изин ахьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилак аилатәара аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 12 рзы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат аофис аҿы имҩаԥысит араҟа иаԥҵаз Ауаажәларратә Хеилак аҩбатәи аилатәара.
Аилатәара иалахәыз Ауаажәларратә Хеилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡара азы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:
- Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи урҭ рҭаацәеи рзы апроект «Агәрагара аҭел» аиҿкаара алыршара;
- аусуратә гәыԥқәа рышьақәыргылареи урҭ реилазаареи инарыгӡало аусура ахырхарҭақәеи ралкаара;
- аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәа русқеи рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аилак ахантәаҩы иԥылара аиҿкаара азҵаара;
Изольда Ҳагба ҩаԥхьа Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» Ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩыс далырхит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изольда Ҳагба ҩаԥхьа Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» Ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩыс далырхит.
Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» Ахылаԥшратә Хеилак азы Аԥҟара инақәыршәаны, Ахылаԥшратә Хеилак алахәылацәеи ахантәаҩи рзинмчы аҽҳәара ҩы-шықәса рҟынӡа инаӡоит. Убри аан урҭ реиҭалхразы алшара ԥкӡам.
Хәажәкырамза 6 рзы онлаин режим ала алахәылацәа реиҳараҩык рыбжьқәа рыла иалххо Ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы иалхрақәа мҩаԥган.
Ахылаԥшатә Хеилак алахәылацәа уажәы Ахеилак ахантәаҩыс иҟоу Изольда Ҳагба рыбжьы лырҭеит.
Академик Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Ахьтәы медал ианашьахеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, академик Шьоҭа Ҟасҭа-иԥа Арсҭаа анаука аҿы иеихьӡарақәа рзы Анаукақәа Ракадемиа «Ахьтәы медал» ианашьахеит, ҳәа Академиа азеиԥш Еизара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.
Алеқсандр Анқәаб ливантәи аԥсуа диаспора аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ливан еиҿкаау «Ачерқьесстә ассоциациа» ахада Риад Цыба зхадараҿы дыҟоу ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Насоу Салаҟаеи злахәыз ари аиԥылара аҿы агуманитартә хырхарҭеи егьырҭ азҵаарақәа рыла ареспубликеи ливантәи адиаспореи русеицуреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ирымоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи Аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аргылареи ареконструкциеи рызҵаарақәа ирызкны акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи Аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аргылареи ареконструкциеи рызҵаарақәа ирызкны акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Наиль Батраев, иара убас анагӡаратә мчқәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәа, апроект анагӡара алахәылацәа.
Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусура аамҭа анагӡара иадҳәалаз азҵаатәқәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы аргыларатә ҭыԥ аҟны анардадкылаҩ хада зымҽхак ҭбаау аргыларатә техникеи аусуратә персонали реидкылара даҿуп.
Хәажәкырамза 13 рзы Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 13 рзы аԥсуа поезиа аклассик Иуа Коӷониа (13.03.1904 ш. - 14.07.1928 ш.) диижьҭеи 120 шықәса ҵит.
Еицырдыруа аԥсуа поет, ажурналист Иуа Коӷониа диит хәажәкырамза 13, 1904 шықәса рзы Кәтол ақыҭан.
Д. И. Гулиа иаԥшьгарала иаартыз Кәтолтәи ақыҭашкол даналга ашьҭахь, 1919 шықәса инаркны Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа (анаҩс арҵаҩратә техникум) аҿы аҵара иҵон. Асеминариа аҿы аҵара аниҵоз иара алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа» аҭыжьреи активла ихы алаирхәан.
1924 – 1925 шш. рзы Аҟәа ақалақь аҿы аус ауан Иуа Коӷониа ила еиҿкааз алитературатәи адраматәи акружокқәа; иара инапхгарала иҭыҵуан анапылаҩыратә журнал «Аҿар рыбжьы». Акружокқәа рхықәкы хаданы иҟан — ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿыакультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхара, уи арҿиара, ауааԥсыра рҵарадара аԥыхра, алитерато ҿарацәа раарԥшра.
1925–1928 шш. И. Коӷониа – дцеит иреиҳау аҵарахьы, дҭалеит Москватәи Аҳәынҭқарратә журналистика Аинститут. Москва иара аамҭала аԥснытәи агазеҭқәа рзы москватәи акорреспондентс дыҟан, ирзааишьҭуан аҳҭнықалақь аҿтәи акультуратә ҟазшьа змаз ажәабжь ҿыцқәа.
Иуа Коӷониа Москва даныҟаз ицәыԥсит бзиа иибоз, аџьабаа ду идызбалахьаз иаби иаб иаҳәшьа Камеи. Урҭ рыԥсҭазаара алҵра иара даара игәы еиҵанархеит. Аҭаацәа ду аныҟәгаҩ ида иаанхеит.
Аинститут дахьҭаз Иуа Коӷониа аҳәынҭқарратә стипендиа ширҭозгьы, иара убас Аԥснытәи Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак аҟынтәи ацхыраара шиоуазгьы, зны-зынла ацхыраара ихьымӡакәа ԥарада дықәхалон, ифатә-ижәтә ишәҵатәы иагхон. Аӡын И. Коӷониа ашкол ахь данзымцоз ҟалалон иахәҭаз ашьаҵатәы амамзаара иахҟьаны. Абри иахҟьазгьы ыҟоуп игәабзиара ауашәшәырахараҿы. Аинститут далгаанӡа, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иара дышьҭан Ахәҵа аҳаблан, Ҳаџьараҭ Аӡынба иҩнаҭаҿы. Араҟа ауп иара ԥхынгәымза 14, 1928 шықәсазы иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Ашьҭахь иԥсыбаҩ Кәтолҟа ииаган.
И. Коӷониа данхәыҷыз инаркны жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа, алакәқәа, афырхаҵаратә ҳамҭақәа, жәлар рпоезиа, ажәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи дрызҿлымҳан. Рыҩнаҭа лассы-лассы иаҭаалон Чагә Чаҵә иеиԥш иҟаз еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩцәа. Ишнеи-шнеиуаз афольклортә материалқәа шьаҭас иаиуит ипоезиа, еиҳаракгьы ипоемақәа.
Аурыс драматә театр раԥхьаӡа акәны Шекспир изхьаԥшуеит: акомедиа«Виндзортәи аҳәса цәиккқәа».
Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 31, мшаԥымза 1 рзы Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы Уилиам Шекспир икомедиа «Виндзортәи аҳәса цәиккқәа» аԥхьарбара мҩаԥысуеит.
«Ари атеатр Уилиам Шекспир идраматургиа раԥхьатәи азхьаԥшра ауп, уи лассы-лассы атеатралтә сценақәа рҿы ицәырымҵуагьы, аха еицырдыруа англызтә гени егьырҭ икомедиақәа џьара акала иаҵамхо, илыԥшааху акомедиа идырны азхьаԥшра ауп», - ҳәа иаҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр апресс-маҵзура аҳәамҭа аҿы.
Акомедиа «Виндзортәи аҳәса цәиккқәа» (егьи аиҭага аҿы – «Виндзортәи аҵәылхыҩҳәсақәа») Уилиам Шекспир иԥсы анҭаз – 1602 шықәсазы - «Сер Џьон Фальстафии виндзортәи аҵәылхыҩҳәсақәеи ирыхҳәаау даара лафҳәарала еиҿкаау цәгьала игәмырҿыӷьгоу акомедиа» («Чрезвычайно занятная и весьма остроумная комедия о сэре Джоне Фальстафе и виндзорских насмешницах») ҳәа даара иуадаҩыз ахьӡ аманы - знык ауп ианҭыжьыз. Ари акомедиа аҿы Уилиам Шекспир афантастикеи арԥшӡара-ҩычаратә стили ракәӡам ихы иаирхәаз, уи узырлахҿыхуа, угәалаҟазаара шьҭызхуа абзазаратә алаԥшхгара аҳасабала, зықәра зфахьоу аԥсықымқым-амгәарыхә, ауаҩышәпа, амцҳәаҩ, ахәымџьарԥыртла ҳәа изышьҭоу, змазара хыда инызххьоу аҳҭынратә рыцар сер Џьон Фальстаф зхадараҿы дыҟоу ибеиоу акомедиатә типқәа рколлекциа цәыригоит. Ас еиԥш аперсонажқәа Уилиам Шекспир икомедиақәа жәпакы рҿы иуԥылоит.
Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Алик Миносиан Аизара ду аҿы ашықәстәи аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Алик Миносиан напхгара зиҭо аиҿкаара Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан иҟоу акультура Ахан аҿы аҩаша, хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысыз Аизара Ду аҿы дықәгыло, хәажәкырамза, 2023 шықәса инаркны жәабранмза, 2024 шықәсанӡа инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аизара Ду рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, араион ауааԥсыра, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агимн анарҳәаха ашьҭахь, Аизаа Ду аделегатцәеи асасцәеи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз зегьы игыланы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа.
Иара аделегатцәа зегьы Аизара Ду аартра рыдиныҳәалеит, убри аан Аилазаара аусура ажәытәӡатәи атрадициақәа змоу ажәлар ркультура аиқәырхара ишазырхоу азгәеиҭеит. Ари аҵакы ду змоу амиссиа шьақәзырӷәӷәо аҿырԥшы аҳасабала иара иааигеит 2017 шықәсазы Гәылрыԥшь араион аҿы раԥхьа имҩаԥысыз, анаҩс ареспублика зегьы азы итрадициахаз амшентәи аерманцәа ркультура Афестиваль.
Ҳара зегьы хымԥада ҳаидгыланы ҳанхароуп -ҳанҵыроуп. Аԥсны иқәынхо ажәларқәа зегьы ракзаара ауп Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара алзыршо», - ҳәа еизаз зегьы адоуҳатә беиареи аҭынчреи анасыԥи ахирреи рзеиӷьашьо инаҵшьны иазгәаеиҭеит иара.
Ашықәстәи аҳасабырба
Алагалажәақәа рышьҭахь имҩаԥысит аилазаара араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа ралхразы иаарту абжьыҭира. Анаҩс аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит Алик Миносиан. Уи аилазаара активла ахы ахьаланахәыз аусмҩаԥгатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: