
pressadmin-2
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи аҭынчреи рзы Женеватәи адискуссиақәа рҿы хадара злоу зҵаарақәаны иҟалароуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи Женеватәи адискуссиақәа рҿы ацхантәаҩы Џьихан Султаноглуи Евопатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилак аделегациақәа рлахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара аҿы мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Мураҭ Гәылариа: Аҟәа ақалақь аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аоперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа аҳҭнықалақь аҿы ацәгоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи азинеиҿкаара ашьақәыргылареи рзы ирӷәӷәоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акриминагентә милициа анапхгаҩы Мураҭ Гәылариа иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿы акриминагентә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп, уи, жәаҳәарада, аоператив-профилактикатә усура иалҵшәаны иҟалеит.
Аԥснытәи аӡиудоистцәа Симферополь имҩаԥысуаз арегионбжьаратәи атурнир аҿы ахьтәы медалки х-раӡны медалки роуит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аӡиудоистцәа Ҟрыми Севастополи Урыстәыла радлара ҟалеижьҭеи 10-шықәса аҵра иазкны Симферополь имҩаԥысуаз арегионбжьаратәи атурнир аҿы 18 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара ахьтәы медалки х-раӡны медалки роуит.
Нестор Арсҭаа, ԥшь-еиндаҭларак аҿы аиааира анига ашьҭахь, 55 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аслан Бжьаниа ҭелла Владимир Путин Урыстәыла Ахадас еиҭа иалхра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа УА Ахада Владимир Путин иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурахь еиҭа иалхра идиныҳәалеит.
Ҭелла аицәажәараан аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Ахада гәахәарыла дидныҳәалеит иара ихьӡалеи Аԥсны жәлар рыхьӡалеи. «Алхрақәа реихшьалақәа иаадырԥшит урыстәылатәи анапхгара зну амҩа атәылауаа инарҭбааны адгылара шарҭо», - ихәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниеи Антон Ваинои Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазараан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациеи Аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигараны дыҟоуп.
Иахьа аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылаҟа иусуратә визит хацыркын.
Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы 240 апальма шьапы еиҭарҳараны иҟоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь Абазгаа рымҩала ариаҵәаратә усурақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, «вашингтониа» ҳәа изышьҭоу апальмақәа рыхкы аиҭара иаҿуп.
«Актәи аетап аҿы еиҭаҳан 180 пальма шьапы. Иазԥхьагәаҭоуп 240 пальма шьапы аиҭаҳара. Аҵиаақәа раахәара Гагра араон Ахадара ахарџь ала имҩаԥгоуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион архитектор хада Диана Лобода.
Уи лажәақәа рыла, иахьатәи амш иалагӡаны еиҭаҳан 15 пальма шьапы.
«Ҳазҭагылоу аамҭа»: Москва ақалақь аҿы Фазиль Искандер игәалашәара иазкны ахәылԥаз мҩаԥысит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аԥсуа, аурыс литературақәа иналукааша аклассик Фазиль Искандер игәалашәара иазкыз ахәылԥаз «Ҳазҭагылоу аамҭа» мҩаԥысит, - ҳәа адырра ҟаҵоуп Феисбук «Москватәи аԥсуа диаспора» адаҟьа аҿы.
Ахәылԥаз аҿы иқәгылеит Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгыла аҟынтәи аԥсуа аԥхьаҩцәеи амузыкантцәеи Москватәи аԥсуа Диаспора алахәылацәа, иара убас ашәҟәыҩҩы ирҿиара ибзианы издыруа ааԥхьара зауз асасцәа.
Ахәылԥаз аҿы иззааҭгылаз атемақәа ируакуп аинтерес зҵоу Фазиль Искандер инысымҩеи иара ихаҭа ахақәиҭра, ахы аҳаҭырқәҵара, аламыс, гәыкала аҟазаара, уҳәа хра злоу аилкаарақәа дшырзыҟаз алацәажәара.
Заур Шьалашьаа иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор, 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Шьалашьаа Заур Иван-иԥа иԥсҭазаара алҵра инамаданы, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Заур Џьапуа ихантәаҩрала аԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит.
Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 18, ашьыжь Актәи Бедиа ақыҭан зыҩны блыз аҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуеит, ҳәа «Аԥсны.Иахьа» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Уи иажәақәа рыла, апрофильтә маҵзурақәа иҟалаз абылра зыхҟьаз аилкаара иаҿуп.
«Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министри иахәҭоу анапынҵақәа ҟарҵеит абылра иақәшәаз аҭаацәа ацхыраара рыҭазарц азы. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, урҭ иблыз аҩны аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аҩны аиҭашьақәыгылара ҟало-иҟамло еилыркаауеит, апроект-харџьынҵатә доументациа еиқәдыршәоит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аиҩызаратә Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адгылара шанаҭо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра хәажәкырамза 17 рзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа рганахьала аҭыԥ змаз аинцидент азы агәҭынчымра аанарԥшуеит.
«Хәажәкырамза 17 рзы Аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппарат ала Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Арбџьармчқәа иатәу атранспорттә ҵәиԥрыга Ми-8МТ аганахьала ажәылара мҩаԥган.