
pressadmin-2
«Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт азы ахара зду ԥшьҩык ырбаандаҩуп лаҵарамза 22 аҟынӡа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва амҵан, Красногорс ақалақь аҿы иҟоу аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы хәажәкырамза 22 рзы иҟалаз атеракт азы ахара зду ԥшьҩык ырбаандаҩуп лаҵарамза 22-нӡа, ҳәа адырра ҟаҵоуп Москва ақалақь азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа р-Telegram-канал аҿы.
Аӡбаратә еилатәарақәа мҩаԥысуан Москва ақалақь Басманнтәи аӡбарҭа аҿы. Иаанкылаз рыԥшьҩыкгьы аӡбарҭа аҿы иҟан Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 205, ахәҭа 3, ап. «б» («Атеррористтә акт») иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ахара зду раҳасабала. Урҭ ақәнага рақәыршәара аҳасабала ԥсраҽнынӡа аҭакрала ахгара рзалхзар алшоит.
«Известия» акорреспондент иҟаиҵаз адыррақәа рыла, актәи ахара зду Далерџьон Мирзоев 32 - шықәса ихыҵуеит, уи дҭаацәаоуп, ԥшьҩык зықәра маҷу ахәыҷқәа драбуп. Иҟоу адыррақәа рыла, иара хымз аҽҳәара иманы Новасибирск ақалақь аҿы аамҭала ашәҟәы дҭагалан, аха уи аҽҳәара ииасхьеит. Иара иду ахара дақәшаҳаҭхеит.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиаҿы имҩаԥысит Академиа 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаалатә еизара.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпрес. Имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадырақәа Ракадемиа 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаалатә еизара. Аизара аартуа ААР апрезидент, академик Зураб Џьапуа дырзааҭгылеит иарбоу аҿҳәаразтәи академиа аусура.
Ажәахәқәа рыҟаҵара иалагаанӡа, уи иалатәаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит, иаҳхысыз ашықәс азы здунеи зыԥсахыз аԥсуаҭҵааҩцәа: Руслан Барцыц, Алеқсеи Чачаков, Иуана Шамба, Имархети Калаџьиан – Еремиан.
«Адунеи зегь ианыруа, аԥсуаа рыҷкәынцәагьы злахәу Донбастәи аибашьра адунеиеибаркыра ахаҭа аԥсахыр алшоит. Ус шакәугьы Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин иҳәеит: анаука аҳәынҭқарраҿы ихадоу аҭыԥ шаиуа, уи ада аҿиара шыҟамло. Убри инаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар аԥсуа академикцәа, аҵарауаа иҵегьы азхьаԥшра рымазар ахәҭоуп.
Академиа апрезидиум аҿы аиҿкаара ҳаҿуп академиа аексперттә комиссиа ду, аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа, аспектқәа зегь абызшәа аҿиара, адемографиа, ақыҭанхамҩа, аҵара, акультура, атуризм зегьы рҿы адырра ҿыцқәа шьаҭас иҟалароуп, урҭ зырҿио анаука ада акгьы ыҟаӡам. Анаука ҿиарцазы иҭышәынтә́алоу аҭагылазаашьа ыҟазароуп».
Хымԥада иаԥҵатәны иҟоуп академиазы азакәан. Академиа астатус, ароль, азинқәа, насгьы анаука афинансқәа разшәашьа аформа ҿыцқәа рыԥшаара. Иахьазы академиа асистемаҿы аус руеит ахырхарҭақәа хԥа. Урҭ зегьы ҳҳәынҭқарразы иактуалтәу азҵаарақәа ирызкуп.
Аԥсны Ахадара гәыкала, еилкаарала академиа иазыҟоуп, аҽа зҵаароуп амилаҭтә лшарақәа. Уи зырҵабыргуа хҭысуп уажәааигәа Аԥсны Ахада иҿы аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аԥҵара. Насгьы анаука адгыларазы афонд аиҿкаара ахацыркра», ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.Иажәахә ахыркәшамҭаз Академиа иҭнажьыз ахьтәы медал ианаишьеит сынтәа 95 шықәса зхыҵыз, раԥхьатәи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2023 шықәсазтәи арусура, аихшьаалақәа ҟаҵо Зураб Џьапуа аҳаҭыртә шәҟәқәеи апремиақәеи ранаишьеит еиҳа аихьӡарақәа аазырԥшыз аҵарауаа: Виачеслав Чирикба (12 статиа икьыԥхьит, урысшәала, англыз бызшәала). Аслан Аҩӡба ашәҟәқәа реиқәыршәареи, аредакторра рзуреи рзы, Инварби Екба – иикьыԥхьыз астатиақәа рзы, Аиба Лиосик ашәҟәқәа рҭыжьразы. Аспирантцәа ҿарацәа Давид Арӡынба, Валери Аџьынџьал, Радион Аҩӡба, Алиса Матуа, Алеқсандр Гәлиа, Маиа Цибулевскаиа, Алиса Аҳәба уҳәа аӡәырҩы рџьабаақәа алкаан иазгәаҭан. Адипломқәа ранашьан Ирма Аиба, Давид Аӡынба, адиссертациа зыхьчаз.
Владимир Путин «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт инамаданы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт инамаданы атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит.
--- Ҳаҭыр зқәу Урыстәыла атәылауаа!
Шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит жәаҩыла акагьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра – ҳара ҳџьынџьуаа, зықәра наӡам аҿари ахәыҷқәеи аҳәсеи уахь иналаҵаны рҭахара зыхҟьаз, ишьаарҵәыраз атеррористтә акт инамаданы. Ааха зауз, зҭагылазаашьа уашәшәыроу зегьы рыԥсҭазаара аиқәырхара азы уажәы аҳақьымцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит. Агәра згоит, урҭ ирылшогьы ирылымшогьы зегьы шыҟарҵо ахәрақәа зауз реиқәырхара азы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ирласу амедицинатә цхыраареи асанитартә авиациеи рекипажқәеи иҷыдоу аҟәшеиҵақәа рыруааи амцарцәаҩцәеи аԥсеиқәырхаҩцәеи. Урҭ ирылшоз зегьы ҟарҵеит ауаа рыԥсқәа аиқәырхаразы, амца ралгаразы.
Атрагедиа аныҟала раԥхьатәи аминуҭқәа инадыркны аҳақьымцәеи иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәеи ирывагыланы хацәнымырха арыцҳара иақәшәаз ацхыраара рызҭоз, ахәышәтәырҭақәа рахь иназгоз ауаа ртәы сымҳәар алшом.
Зыҩнаҭақәа рҿы агәырҩа неиз аҭаацәа, еиуеиԥшым ахәрақәа зауз иахәҭоу ацхыраара раҳҭоит. Зыуацәеи зҭынхацәеи зыԥхаз зегьы срыдышшылоит. Шәара шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит Урыстәыла атәылауаа зегьы. Хәажәкырамза 24 азеиԥшмилаҭтә лахьеиқәҵаратә мшны ирыласҳәоит.
Москва ақалақьи Москватәи аобласти, атәыла арегионқәа зегьы рҿы атеррористҿагыларатәи адиверсиақәа рыԥхьырҟәҟәааратәи аҟазшьа змоу иназыцҵоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит. Уажәы зегьы ирыцку – ари ашьаарҵәыратә акт аԥшьызгази иназыгӡази уаҳа ацәгьоура ҟарымҵарц азы раанкылара.
Ари ацәгьоура аилыргареи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рылҵшәақәеи ртәы акәзар, уажәазы иҟоу абри ауп. Атеракт назыгӡоз рыԥшьҩык ԥшааны иаанкылоуп. Урҭ аҽӡара рҽазышәо Украина аганахьала амҩа иқәын. Уаҟа, иҟоу адыррақәа рыла, урҭ рзы Украина аганахьала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы амҩа рзырхиан. Зынӡа иаанкылоуп 11-ҩык. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура, егьырҭ азинхьчаратә усбарҭақәа атеррористцәа разыҟаҵаратә база зегьы: урҭ атранспорт ала еиқәзыршәоз, ацәгьоура ахьыруаз аҭыԥ аҟынтәи излацашаз амҩа дзырбоз, рабџьари рџьаԥҳани аҭаҵәахқәа еиқәзыршәоз, уҳәа ацәгьоура аиҿкаара напхгара азҭоз зегьы рааԥшреи раанкылареи рганахьала аус руеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистр «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы хәажәкыра 24 Аԥсны алахьеиқәратә мшны ирылеиҳәеит. Ари аҽны атәыла ахи-аҵыхәеи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭхоит.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
«Ҳара хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористтә акт ӷәӷәала ҳақәыӡбоит.
Атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала зыуацәеи зҭынхацәеи зцәыӡыз зегьы срыдышшылоит.
Хәажәкыра 24 Аԥсны алахьеиқәратә мшны ирылаҳәоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы, хәажәкыра 24 Аԥсны алахьеиқәратә мшны ирылеиҳәеит. Абри атәы аанацҳаит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ари аҽны атәыла ахи-аҵыхәеи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭхоит.
Иацгьы иахьагьы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳарҭа ахь ауаа анеира иаҿуп. Урҭ атеракт аҿы иҭахаз ауаа ргәалашәара азы ашәҭқәа наргоит, ацәашьқәа адыркуеит.
Адипломатиатә Хаҭаранакра аҿы иаартуп «Адышшыларақәа рышәҟәы».
Зегьы ирзеиԥшу агәырҩа: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт аҿы иҭахаз ргәалашәара иазку акциа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахь ҵыхәаԥҵәарада анеира иаҿуп ауаа. Урҭ хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеррористә акт аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны адипломатиатә хаҭарнакра аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵоит, ацәашьқәа адыркуеит.
Иҟалаз арыцҳара ргәы ишалсыз аарԥшразы арахь иааит ақалақь ауааԥсыра рнаҩс ауаажәларратә усзуҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵурауаа. Иқәгылоз зегьы Урыстәыла ажәлар, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьааи ргәырҩеи шрыцеиҩыршо, иҟалаз агәымбылџьбаратә акт ӷәӷәала ишақәыӡбо, Аԥсны есымша адгылареи ацхыраареи ишазхиоу азгәарҭон.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин еизаз зегьы иаадырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ари аиашазы даараӡа рыцҳара дууп. Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы, аԥыза-министр, уҳәа егьырҭ Аԥсны анапхгаҩцәагьы адышшыларақәа ҟарҵеит, урҭ зегьы ҳара Москваҟа идәықәаҳҵеит. Сара шәара зегьы абра еизаз иахьа иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳара ҳаиашьаратә астратегиатә еизыҟазаашьақәа ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа раан еиҳагьы иӷәӷәахоит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абасала адгылара ахьаашәырԥшыз азы», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Изольда Ҳагба агәра ганы дыҟоуп ари ирыцҳашьарадоу игәымбылџьбароу ацәгьоурақәа хымԥада ишаартхо, уи еиҿызкаази иназыгӡази иахәҭоу ақәнага ишақәыршәахо.
«Сара Урыстәыла ажәлар, ааха зауз рҭаацәа срыдышшылар сҭахуп. Ари зыԥсы еиқәхаз, аха иҟалаз ахҭыс хаҭала иақәшәаз, ауаа рышьра зыблала избаз, ахысрақәа злымҳала изаҳаз даара емоциатә ахәара ду рзыннажьит. Аԥсны жәлар рыхьӡала ас еиԥш ахлымӡаах иақәшәаз зегьы срыдышшылоит, ргәырҩеи рхьааи шрыцеиҩаҳшо сҳәар сҭахуп», - ҳәа инацҵаны илҳәеит лара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ари илахьеиқәҵагоу, атрагедиатә амш аҽны Аԥсны Урыстәыла ажәлар ргырҩа рыцеиҩнашоит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара иахьа акала иузмыриашо, еилкаашьа змам, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара иазкыз ари атеракт ҳаиднакылеит. Ҳара ас еиԥш агәымбылџьбаратә уснагӡатәқәа ӷәӷәала рҿагылара азы ааԥхьара ҟаҳҵоит. Иахьа Аԥсны жәлар Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи иҭахаз рҭаацәеи ирыдышшылоит. Аԥсны Урыстәыла жәлар есымша рааигәара иҟазаауеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Лаша Ашәба: «Аԥсны Урыстәыла анеонацизми атерроризми рҿагылара аҿы иадгылоит».
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиови ҭелла реицәажәара мҩаԥысит.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иколлегацәа адепутатцәа зегьы рыхьӡала хаҭала иара ихьӡала Москва амҵан, аконцертә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.
Лаша Ашәба: «Атерроризм аарԥшра иақәыӡбо абжьқәа зегьы рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳара ҳабжьқәагьы».
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 22 рзы Москватәи аобласть, аконцерттә зал «Крокус Сити Хол» аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгараҭара ашҟа адышшыларатә шәҟәқәа дәықәиҵеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенкеи Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володини рахь инашьҭыз адышшыларатә шәҟәқәа рҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла атәылауаа зегьы реиԥш, хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, Москватәи аоблать, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеррористә акт иахылҿиааз арыцҳара ду азы ажәабжь хлымӡаах даара ргәаҵанӡа инаӡеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿы «Адышшыларақәа рышәҟәы» анҵамҭа аниҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьатәи амш зегьы иалагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеиуеит ауаа. Урҭ уахь инаргоит ашәҭқәа, ахәмаргақәа, Москва иҟалаз атеракт аҿы иҭахаз ргәалашәара азы ацәашьқәа адыркуеит.
Ахәылбыҽха атеракт аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы Ацҳаражәҳәарҭа ахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.
Ацҳаражәҳәарҭа аҿы «Адышшыларақәа рышәҟәы» аадыртит. Уи анҵамҭақәа анырҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҳҭнықалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба.
Бадра Гәынба иуаҩрам, ишьаарҵәыру атеррористә акт аҿы иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит.
«Ари игәымбылџьбароу атеррористә акт ҳара зегьы ҳгәаҵанӡа инеиз хьааны иҟалеит. Иҭахаз џьанаҭ гыларҭас ироуааит. Ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа ҟалааит. Ҳара агәра ҳгоит аиашара аиааира шаго, ари ацәгьоура хьанҭа еиҿызкаази иназыгӡази зегьы ирыхәҭоу ақәнага ишақәыршәахо», - ҳәа иҳәеит иара.
Бадра Гәынба, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ахаангьы ирзеиԥшу ашәарҭарақәа рҿаԥхьа аидгылареи аицхыраареи аадырԥшуан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Иахьа ҳара ҳаиашьаратә Урыстәыла жәлар ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ.
Анас Кьышьмариа: «Аҭынч уааԥсыра рышьра иазырхоу атерраризм риашашьа амаӡом!».
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Москва ақалақь, аконцерттә зал «Крокус Сити Холл» аҿы иҟалаз атеракт инамаданы, Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Татиана Москалькова лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы лышьҭит.
«Москва ауааԥсыра, урыстәылауаа, ацивилазациа зылсыз ауаажәларра зегьы рзы «Крокус Сити Холл» иҟалаз ахлымӡаах инамаданы даараӡа ихьанҭоу арҭ асааҭқәа рзы сшәыдышшыларц, шәхьаа шшәыцеиҩысшо сҳәарц сҭахуп.
Аҭынч уааԥсыра рышьра иазырхоу атерраризм еилкаашьеи риашашьеи амаӡом! Ари даараӡа ихьанҭоу ацәгьоура – агәымбылџьбарала жәаҩыла ауаа рышьра згәы иалымсыз ауаҩ иԥсы зызҭоу аӡәгьы дыҟамзар ҟалап. Шәтәылауаа рҭахара инамаданы сшәыдышшылоит.