pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы аилыргаратә усурақәа рымҩаԥгараан, Амилаҭтә сахьатә галлереиа ахьыҟаз аҩбатәи аихагыла аҿы  еиқәхаз усумҭақәак рыԥшааит. 

«Иахьатәи амш ҳақәҿиеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уаанӡа ҳара иҳамԥыхьашәон Валентина Хәырхәмал лнапы иҵыҵыз акерамикатә вазақәа – мыцхәы идууцәам афигуркақәа, иара убас Виачеслав Хәырхәмал идекоративтә ваза. Иахьа ирыԥшааит Валентина Хәырхәмал лусумҭақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵакы змоу – аскульптуратә композициа «Аҽыбӷаҟаза хәыҷқәа» (Маленькие наездники»). Ари еицырдыруа усумҭоуп. Уи изныкымкәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы иқәдырглахьан», – ҳәа иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галлереиа адиректор Сурам Сақаниа.

Аҟәа. Мшаԥымза  1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны «Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара егьи амчра аҟынтәи ихьыԥшымкәа аҳәынҭқарратә мчра  анагӡарала»  асуверенитет ахьарбаз Аконституциа рыдыркылеит Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҿы мшаԥымза  1, 1925 шықәса рзы. 

Ари ареспублика аконституциатә статус шьақәгыланы иҟан 1931 шықәсанӡа, Аԥсны Қырҭтәылатәи АСР автономиа аҳасабала алалара ҟалаанӡа.   

1925 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциа инақәыршәаны, Аԥсны, иҷыдоу аидгыларатә еиқәшаҳаҭра ашьаҭала Қырҭтәыла иадланы уи ала Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика иалалон, анаҩс иарбоу Ареспублика аилазаараҿы Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаара иалалон. Абра заҵәык акәын Қырҭтәыла иарбоу аусшәҟәы аҿы иахьарбахоз. Иара убас ари аусшәҟәы иарбан Аԥсны ԥынгыларада Кавказнҭыҵтәи Асоциалтә Афедеративтә Советтә Республика аилазаара еиԥш Асоветтә Социалистә Республикақәа Реидгыла аилазаарагьы алҵра азин шамоу арбан.  

Аԥсны аполитикатә ҭоурых аусшәҟәқәа реизга «XX ашәышықәсазы Аԥсны Аконституциақәа» (аредактор – афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чыркба) аҿы  раԥхьатәи Аконституциа апроект  аиқәыршәара иазку аусура хада 1922 шықәса инаркны 1925 шықәсанӡа имҩаԥысуан ҳәа иазгәаҭоуп.

Ари аамҭахәҭа аҩныҵҟа ареспублиа агерби абираҟи, иара убас Алхратә Комиссиа Хада азы, жәлар ркомиссариатқәа, аӡбареиҿкаара, уҳәа рзы  аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәан.  Иара убасҟан ауп аусура ианалагаз  Аԥснытәи АСР ашьаустә, атәылауаҩратә, ашьаусеиҿкааратә, адгьылтә, абнатә Закәанеидкылақәа.

21 хи 116 хәҭаҷи рыла ишьақәгылоу Аконституциа аҿы аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рсистема  зегьы инарҭбааны ахҳәаа ҟаҵоуп, жәлар рынхамҩеи афинансқәеи рнапхгараҭара, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи алхратә зинқәеи алхрақәа рымҩаԥгара аԥҟарақәеи арбоуп. Аԥснытәи АСР аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рбызшәаны ишьақәыргылан аурыс бызшәа. Аамҭак ала ареспублика иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа зегьы  рхаҭарнакцәа амилаҭ-культуратә еиԥш азеиԥшҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ихьыԥшым аҿиареи ахатәы базшәа ахархәареи рзы азин шрымоу уи ахьчара шаиуо инаҵшьны иазгәаҭан.    

Аконституциа ахәҭаҷ 86 аҿы ишарбоу ала, аусқәа рыӡбараан жәлар рыӡбарҭа Аԥснытәи АСР аҵакыраҿы азинмчы змоу азакәанеидкылақәа, адекретқәа, ақәҵарақәа аднакылоит, убри аан азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа рыҟамзара, мамзаргьы урҭ инагӡаны рышьақәмыргылара  аан, асоветтә закәанԥҵара азеиш ԥҟарақәеи Аусуцәеи Анхаҩцәеи Рнапхгара азеиԥш политикеи  нагӡахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аччареи аиумори Рымш атәылақәа жәпакы рҿы есышықәса иазгәарҭоит мшаԥымза 1 азы. Ишԥацәырҵи ари аныҳәа, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы уи шԥазгәарҭои? Убри атәы шәаԥхьар ҟалоит Аԥсныпресс аматериал аҿы.

Раԥхьаӡа иабацәырҵи ари аныҳәа

Аччара Амш ашәышықәсақәа раԥхьа азгәаҭара иалагеит. Уи раԥхьа иахьцәырҵыз алкаара уадаҩуп иахьа. Аверсиақәа акыр ирацәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ааԥынтәи амши аҵхи реиҟарара, ажәытәримтәи афестиваль Хилариа, иара убас афранцыз ҳәынҭқар  Карл IX 1564 шықәсазы иҭижьыз Руссильонтәи  аедикт. Аныҳәа ацәырҵра азы ақәырԥшқәа уԥылоит иара убас XIV ашәышықәса иатәу алитературатә хыҵхырҭақәак рҿы. Иаагозар, Џьофри Чоссер иажәабжь  «Аберҭыԥтәи акапеллан иажәабжь» («Рассказ монастырского капеллана»), аҿы, Едуард де Дене 1561 шықәсазы ииҩыз иажәеинраала аҿы. Аверсиақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵабырг иазааигәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп Едуард де Дене иажәеинраала. Уи асиужет максималла аныҳәа аҟазшьеи аҵаки аанарԥшуеит ҳәа иазгәарҭоит. Амаҵуҩы иҵакыдоу адҵақәа иоуеит, аха урҭ рынагӡара апроцесс аан ауп урҭ иреалу адҵақәа шракум, хәмаршақәа иҟаҵоу шраку еилкаахоит.

Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиҳа ишьақәгылаз атрадициақәа ԥшьба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аҿы  Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 (ашшыбӷьыцқәа аӡбарҭаҿы рыхәаԥшразы) инақәыршәаны, Ареспубликатә уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәлар Реиҿкаара»  ахантәаҩы Адгәр Арӡынба атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба ари аус иҽацәхьакра аҭыԥ аман ҳәа иалеиҵаз ашшыбӷыц аганахьала аӡбареиҿкаара аанкылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Иарбоу ашшыбӷьыц аҿы Звольҳараку Афымцамҩангага «Аҽгәара 220 кВ» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы ихымԥадатәииз амаҭәахәқәа раахәараан иҟаз ахарџь армыцхәреи, иара убри ала иҟалар зылшоз аԥареимҵәаразы адырра агәаҭараан  апрокурор Хада иахәҭоу аҩаӡараҿы аусура илимыршаӡеит, иара убас  Аԥсны апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 143-144 иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы адырра агәаҭараан инаигӡаз ауснагӡатәқәа азин шьаҭа рымамызт ҳәа  иазгәаҭахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада ахаҭарнак инаишьҭыз ажәахьанҵа ала иарбоу азашшра ала аӡбареиҿкаара аанкылахеит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиуеиԥшым а-Телеграмм-каналқәа рҿы аларҵәара зауа иалагаз хыхь иарбоу агәаҭараан апрокурор Хада аус иҽацәхьакра аҭыԥ аман ҳәа азхаҵара азы ирыдыркылаз аӡбарҭа аӡбамҭа ыҟоуп ҳәа адырра мцыркуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу ала, мшаԥымза 6 -9, 2024 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы  Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр агастроль дуқәа мҩаԥыслоит. 

Аурыс драматә театр Аԥсны уаҳа зда ыҟам аурыс театр ауп. Уи аԥҵан 1981 шықәсазы.  2016 шықәса инаркны атеатр иҿыцу аҿиара аетап иалалеит, иахьа уи Аԥсны атеатралтә процесс аҿы аԥхьагылара нанагӡоит.

Ԥшьымш рыҩныҵҟа ахәаԥшцәа идырбахоит аԥсуа, аурыс, аҳәаанырцәтәи алитература арҿиамҭақәа рыла иқәыргылоу иреиӷьу аспектакльқәа фба. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Ишьаарҵәыроу ачара» Ф. Г. Лорки, «Софичка» Ф. Искандер – аспектакль арбара ашәҟәыҩҩы ииубилеи азгәаҭара иадҳәалоуп.

Аспектакльқәа   «Ашәахәақәа рыҩныҵҟа» («В лучах» ) (мшаԥымза 6, асааҭ 14:00 рзы),  «Ахаҵа ԥшӡа» («Красавец мужчина») ( мшаԥымза 6, асааҭ 19:00 рзы), «Ацынҵәарах» («Последний из ушедших»), «Аметод» ( «Метод» ) - (мшаԥымза 7 асааҭ 19:00 рзы) Атеатралтә центр «На Страстном» асценақәа рҿы имҩаԥыслоит. (аметро «Пушкинская», «Тверская», «Чеховская»).

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 30, 2024 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ  Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра еиҿнакааз акомплекс «Крокус Сити Холл» аҿаԥхьа ауаажәларра рхалагаларатә мемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит.

Амемориалтә акциа рхы аладырхәит  130 дипломатиатә миссиақәа  рхадацәеи русзуҩцәеи – зынӡа 250 - ҩык инареиҳаны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А.Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы Уилиам Шекспир ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Виндзортәи аҳәса цәикқәа» алаԥшхгара мҩаԥысит.

Хәажәкырамза 31, мшаԥымза 1  рзы Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы Уилиам Шекспир икомедиа «Виндзортәи аҳәса цәикқәа» аԥхьарбара мҩаԥысуеит. «Ари атеатр Уилиам Шекспир идраматургиа раԥхьатәи азхьаԥшра ауп, уи лассы-лассы атеатралтә сценақәа рҿы ишцәырымҵуагьы, аха еицырдыруа англызтә гени егьырҭ икомедиақәа џьара акала иаҵамхо, илыԥшааху акомедиа идырны азхьаԥшра ауп», - ҳәа иаҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр апресс-маҵзура аҳәамҭа аҿы.

Акомедиа «Виндзортәи аҳәса цәикқәа» (егьи аиҭага аҿы – «Виндзортәи аҵәылхыҩҳәсақәа») Уилиам Шекспир иԥсы анҭаз – 1602 шықәсазы - «Сер Џьон Фальстафии виндзортәи аҵәылхыҩҳәсақәеи  ирыхҳәаау даара лафҳәарала еиҿкаау цәгьала  игәмырҿыӷьгоу акомедиа» («Чрезвычайно занятная и весьма остроумная комедия о сэре Джоне Фальстафе и виндзорских насмешницах») ҳәа даара иуадаҩыз ахьӡ аманы - знык ауп ианҭыжьыз.  Ари акомедиа аҿы Уилиам Шекспир афантастикеи арԥшӡара-ҩычаратә стили ракәӡам ихы иаирхәаз, уи  узырлахҿыхуа, угәалаҟазаара  шьҭызхуа абзазаратә алаԥшхгара аҳасабала, зықәра зфахьоу аԥсықымқым-амгәарыхә, ауаҩышәпа, амцҳәаҩ,  ахәымџьарԥыртла ҳәа изышьҭоу, змазара хыда инызххьоу аҳҭынратә рыцар сер Џьон Фальстаф зхадараҿы дыҟоу ибеиоу акомедиатә типқәа рколлекциа цәыригоит. Ас еиԥш аперсонажқәа Уилиам Шекспир икомедиақәа жәпакы рҿы иуԥылоит. Акомедиа афабула игәмырҿыӷьгоу ацәаҩа аҟәнуп. Зматериалтә ҭагылазаашьа арҽеира иашьҭоу зықәрахь инеихьоу аших, амшгаҩ, аҳәса ирышьҭоу Џьон Фальстаф ҩыџьа амал змоу, иҭаацәарахахьоу аҳәса дреиҽырбарц иӡбоит. Иара урҭ абзиабаратә цҳамҭақәа рзиишьҭуеит. Убри инаркны иара лафҳәарала ахыхәмарра, иаалырҟьаны иҟало ахҭысқәеи ицәыҵагызмалу ацәгьаршрақәеи  рыла игәылҭәаау аус ԥылҳаҭ далагалахеит, уи дрықәшәоит акырӡа иччарху  аҭагылазаашьақәа. Урҭ зегьы еиқәзырҽаҽо абанҭ, иара дзышьҭалаз аҳәса, «виндзортәи аҵәылхыҩҳәсақәа» роуп. Ахәаԥшыҩ иҿаԥхьа, ацәыргақәҵа аҿы еиԥш иқәгылоит акомедиатә персонажқәа рацәаны. Џьон Фальстаф ихаҿсахьеи уи дзықәшәаз ахҭықәеи  рнаҩсгьы, абарҭ атипқәа рыла ауп, апиеса ихадоу акомедиатә ҵакы злашьақәгыло. Акомедиа аҿы ишаанагара иҟоу амшгаҩцәа, аҟалҭырқәа, ахара имхәыцуа, уҳәан-сҳәан абзиабаҩцәа, аҽхарззалацәа, ахӡыргаҩцәа, аԥара азы зегьы ирызхиоу апровинциалтә «аамсҭабжа-амешьанцәа», зхы зымабзианы «акыр злоу», зҽаруазаҟьны ихатәроу, ичаху, акырӡа хара имхәыцуа  ауаа  гаӡақәа рхаҿы аазырԥшуа аформақәеи аҟазшьаҷыдарақәеи зегьы еизгоуп.  Убри аан акомедиа «Виндзортәи аҳәса цәикқәа» ахәаԥшыҩ илабжьара иазкӡам, уи иҳалалу алахҿыхрала игәылҭәаау, акомедиатә ҭагылазаашьақәеи иччарху ахҭысқәеи рыла ишьақәгылоу акомедиа ауп. Араҟа аҳра ауеит аԥсҭазаареи иҟоу-шыҟоу ала аԥсҭазаара абзиабареи.

Арежиссиор Антон Корнилов ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит аспектакль ақәыргылареи атеатр   атруппа аус рыдулареи шымҩаԥысуаз атәы.

«Ари аклассикатә пиеса ауп. Жәаҳәарада, ҳара маҷк аркьаҿрақәа ҟаҳҵеит, аха урҭ радикалла атрактовка анырра анамҭаӡеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Арежиссиор 12-ҩык актиорцәа злаху  имасштабу, ақәыргылара ду аҿы, атруппа ахацәа реилазаара зегьы уахь иналаҵаны, ирацәаны акостиумқәеи адекорациақәеи ахархәара аиуеит ҳәа иазгәеиҭеит.   

Уи иажәақәа рыла, атеатр амаҵзурақәа ҳәоуеиқәарала русура иабзоуаны аусураҿы изеиԥшразаалак ауадаҩра цәырымҵӡеит, зегьы акыр иҭышәынтәаланы иҩаԥысуан.

Аспектакль  ақәыргылара аидеиа шԥацәырҵи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо арежиссиор иҳәеит:

«Раԥхьаӡа иргыланы, – уи атеатр азыҳәара акәын. Сара, режиссиорк иаҳасабала, Уилиам Шекспир ирҿира даараӡа исзааигәоуп, уи сара зегьы реиҳа бзиа избо авторуп.  Саныстудентыз аамҭазы сара исыман актиортә усумҭақәа, уаҟа сара адраматург дуӡӡа ирҿиара еиҳа аилкаара азы алшара сыман. Уажәы уи апрофессионалтә қәгылароууп, уи сара сзы акырӡа аанагоит», -ҳәа иҳәеит иара.

Антон Корнилов иара изы аԥснытәи актиорцәа аус рыцура даара иманшәалан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Сара аҭыԥантәи актиорцәа аус рыцура даараӡа исзыманшәалан, гәыҩбарак ҟамҵакәа атруппа аусура ахәшьара ҳарак асҭарц сылшоит. Иансаамҭаз сара еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы еиуеиԥшым асценақәа рҿы аспектакльқәа ықәсыргылахьан, убри аҟнытә сара еиҿсырԥшыша сымоуп. Араҟа зегьы даара  профессионалла еиҿкаауп. Ауаа ашьыжь инакны хәлаанӡа атеатр аҿы иҟоуп, уахынлагьы ианаанкыло убап, ҳара ҳус аҿы даҽакалагьы иауӡом. Аԥсны аспецифика ҳасаб азуны, избоит, ауаа ари аус инагӡаны рымчи –рыхшыҩи рылшарақәеи зегьы азкра ишазхиоу», - ҳәа иҳәеит иара.

Антон Корнилов  акыр ҵуеит иара  икомедиатәу џьара акы ақәыргыларазы агәазыҳәара шимаз азгәеиҭеит.

«Атруппа хыԥхьаӡара мыцху идуӡам, убри аҟнытә акомедиақәа зегьы ақәыргылара залымшахаргьы ауеит. Ҳара иалаҳхит ахәаԥшцәа ргәы ԥызымҵәахьоу, аинтерес рызцәырызгаша иоригиналтәу апиеса», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аџьармыкьа Хада иахьаҵанакуаз иааныркылеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира азы игәҩароу Урыстәылатәи Афедерациа ҩыџьа атәылауаа – 1979 шықәсазы ииз Казань ақалақь аҿы инхо Орлов Алеқсеи Владимир-иԥеи  1985 шықәсазы ииз Москватәи аобласт аҿы инхо Сорокина Евгениа Андреи-иԥҳаи.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, хаҭала игәаҭараан Орлов Алеқсеи иеиқәа аџьыба аҿы ирыԥшааит иагьимырхит ишкәкәоу, аххыраԥшра змоу, икристаллрку амаҭәашьар згәылаз 23 еилаҳәара, Сорокина Евгениа илыдырбалеит  – аиԥш-зеиԥшу амаҭәашьар згәылаз 19 еилаҳәара.

Анаҩс иаанкылаз ауаа алархәны уаанӡа иҟаҵаз имаӡоу аҭаҵәахтә ҭыԥқәа ахьыҟаз аҵакыра аҿы агәаҭарақәа мҩаԥган. Аҟәа ақалақь, Инал-иԥа имҩала, Орлов Алеқсеи иаирбаз аҭыԥқәа рҿы ирыԥшааит ишкәакәоу, икристаллрку амаҭәашьар згәылаз х-еилаҳәарак. Аиԥш-зеиԥшу амаҭәашьар згәылаз даҽа х-еилаҳәарак амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит Сорокина Евгениа Аиааиа апроспект ала уаанӡа иҟалҵахьаз имаӡоу аҭаҵәахтә ҭыԥқәа рҿы.   

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы хәажәкырамза 2024 шықәсазы арбџьармчқәа разыҟаҵара аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилатәара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аиалатәара мҩаԥысуан атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа ихантәаҩрала.

Аихшьаалақәа рыҟаҵараан аоперативтә, амобилизациатә, арратә зыҟаҵара рылҵшәақәа ирыхәаԥшит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан арратәи амобилизациатәи зыҟаҵара, арратә дисциплина, иара убас архәҭақәа рҿы азинеиҿкаара ашьақәыргылара.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-летенант Владимир Савченко арратәи аморал-психологиатәи  ҽазыҟаҵара  иазкны еффективла, аҩаӡара ҳаракы аҿы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа, архәҭақәа рҿы арратә ԥыԥшра анагӡара аиҿкаара ҷыдала дазааҭгылеит, иара убас архәҭақәа рхыдҵақәа азгәеиҭеит, урҭ рынагӡареи реишьҭагылашьеи аликааит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада анапхгараҭара Гагра араион Ахадара ацхыраарала ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа разымхара иадҳәалоу апроблема аӡбара азы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.  

Ахәышәтәырҭа аҿы ареаниматологцәа, атравмотологцәа, ахирургцәа, апедиатрцәа, атерапевтцәа, агинекологцәа ӷәӷәала разымхара ыҟоуп. Даара имаҷуп иалкаау ачымазарақәа иазку аҳақьымцәа, иара убас иазхом амедиаҳәшьцәеи асанитаркацәеи.  

Ас еиԥш араион азы ихымԥадатәиу акадрқәа радыԥхьалара азы, араион Ахадара урҭ нхарҭаҭыԥла реиқәыршәареи уи ахәԥса ашәареи, иара убас егьырҭ азҵаарақәа рҿы адгылара рыҭареи иазхиоуп.  Убас, 2023 шықәсазы, иарбоу ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, аԥхынтәи аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы аус иуан Ҭҟәаԥстәи ахирург қәыԥш.  2024 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра инанагӡо ауснагӡатәқәа рганахьала  мшаԥымза инаркны аусура иалагароуп Уфантәи иаауа ареаниматологцәа.

Иара убас араион Ахадара акушер-генеколог Урыстәыла иҵара ахәԥса ашәара ахахьы иагеит. Уи Ахадареи иареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иҵара даналгалак ашьҭахь усура ҳәа Гагратәи ахәышәтәырҭахь даауеит.

2023 шықәсазы амҩа-танспорттә машәыртә хҭысқәа рышьҭахь ахәышәтәырҭахь инаган 221-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьынтә 18-ҩык анеирохирургиатә хәрақәа рыман. Актәи амедицинатә цхыраара анрыҭаха ашьҭахь, урҭ ироуз ахәрақәа рыпрофиль иаҵанакуаз ахәышәтәырҭақәа рахь ииаган.    Х-ҩык ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Егьырҭ, зҭаагылазаашьа акыр иуадаҩны ахәышәтәырҭахь инагаз   16-ҩык апациентцәа ахәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәратә цхыраара роуит.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы араионтә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 60-нызықьҩык инареиҳаны.  

«Аҳақьымцәа ирымоу ақәыӷәӷәара атәы унарбоит абарҭ арбагақәа: аԥхынтәи аамҭахәҭа азы, ақалақь иаҭаауа асасцәа рыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр ианазҳауа аамҭа азы, есыҽны ахәышәтәырҭахь инеиуеит 200-ҩык инарзынаԥшуа апациентцәа, убри аан иазгәаҭатәуп, ҳара ишҳамоу хҩык ахирургцәеи х-ҩык атерапевцәеи мацара.  Урҭ аиашазы, аҳақьым-универсалцәа роуп», – ҳәа еиҭалҳәеит Индира  Арсалиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.