pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи Ареспублика Ҟрым аминистрцәа Реилазаареи рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит.  

Аԥсуа ган аҟынтәи акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти  рминистр Џьансыхә Нанба, Ҟрым аганахьала – Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Аҩадатәи Кипри Аԥсни аԥарашәаратә система «Мир» ахархәара ахьаиуо афинанстә еиҿкаарақәа раԥҵарала абанктә аиагарақәа ирыдҳәаланы иҟоу апроблемақәа рыӡбара рылшоит, ҳәа РИА Новости  акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит ҭырқәтәылатәи аналитик Енгин Озер.

Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Ерхов уаанӡа РИА Новости ахь иҟаиҵахьаз адыррақәа рыла, Америка аганахьала аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадара анормақәа реилгарала аҭырқәа бизнес ӷәӷәала ақәыӷәӷәаа аиуоит. Иара иазгәеиҭеит Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа ашәатәқәа рыиагара иадҳәалоу апроблема шыҟац иаанхоит ҳәа. Абанктә сектор аҿы иҟоу аинформациа ахыҵхырҭала ишеилкаахаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа хазхаҭалатәи аҭырқәа банкқәа  инҭырҳәцааны аԥарашәаратә аиагарақәа ргәаҭара ахымԥадатәра азы ргәырҽанырҵоит, уимоу, лассы-лассы уи ақәымчратә ҟазшьагьы анаанахәогьы ыҟоуп.  

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Апрокуратура урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс Инесса Поленко лҭахара инамаданы агәаҭара мҩаԥнагоит.  Амашәыр аныҟала ашьҭахьҵәҟьа апрокуратура аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины ахҭыс иақәшәаз ауаа ирызҵааит, анаҩс аекспертиза амҩаԥгара иалагеит. 

«Уаҳа ари аҩыза арыцҳара ҟамларц азы  иахәҭоу аӡбамҭақәа рыдкылареи агәҽанҵареи ҟаҵалатәуп», – ҳәа Sputnik-Аԥсны акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион апрокурор  Беслан Пкьын.

Уи ишазгәеиҭаз ала, атрагедиа ҟалеит Гагра ақалақь уахьналало игылоу анаԥшратә плошьадка аҿы. Атуристцәа ргәыԥ рхатәы машьынала Аԥсныҟа иааит. Урҭ араҟа иаанкылеит агәаларшәага ҳасабла афотосахьақәа ҭырхырц. Ҳгәы излаанаго ала, иҭахаз 40-шықәса зхыҵуаз  Инесса Поленко лыблахаҵ гьежьын анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра аан ааха зауз ҩыџьа ахәыҷқәеи урҭ рани Шәачатәи анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҟынтәи асанитартә авиациа ала Краснодартәи атәылаҿацәтә абылрахәышәтәратә Центр ахь ииаргеит. Урҭ рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчаа Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Крылья Абхазии» амҵәышәмпыл азы аҳәса ркомандақәа рыбжьара ареспублика ачемпион ҳәа ахьӡ ранашьоуп. Афинал аҿы урҭ акоманда «РШВСМ» аҟынтәи амҵәышәмпыласыҩцәа асчиот 57:71 ала ириааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.   Акоманда «Крылья Абхазии» ачемпионат раԥхьаӡа акәны иалахәын.

Аматч аҿы ахԥатәи аҭыԥ азы еицлабуан акомандақәа «Спартак 2», «Очамчыра». Аибарххара зныԥшуаз аиндаҭлара аҿы асчиот 50:54 ала аиааира ргеит аҟәатәи амҵәышәмпыласыҩцәа.

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анапылампыл азы ахацәеи аҳәсеи ркомандақәа рыбжьара ачемпионат хацыркхеит.  

Ахацәа ркомандақәа рыбжьара актәи атур ахәмаррақәа реихшьаалақәа абас ала ишьақәгылеит:

Аҟәа. Мшаԥымза  8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уфа ақалақь, «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәа аҿы, Аиҩызара Амонумент азааигәара аколоннада аргылара иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Башинформ».

Башкириеи Аԥсни рыбжьара аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыхьӡ ала ҳаԥхьаҟа иргылахараны иҟоу аколоннада ашьаҭа аҳасабала раԥхьатәи ахаҳә ашьҭаҵара мҩаԥысит жьҭаарамза, 2023 шықәса, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Уфа ақалақь ахь инаигӡоз авизит аан. 

Аколоннада Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа  аҿы игылоу аколоннада аиԥш-зеиԥшу асахьа аиуеит.  Ари аргыламҭа аҳаракыра  – 12 м. рҟынӡа инаӡоит, аура – 30 м., аҭбаара – 6 м. рҟынӡа инаӡалоит. Аргыларазы ахархәара роуеит афельзиттә хаҳә, мамзаргьы агранит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 4 маининг-ферма ықәгоуп Очамчыра ақалақь аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭеи УЭБиПК «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа алархәны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иалҵшәаны иаарԥшын изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аобиектқәа жәпакы. 

Убас, Шьынқәба имҩала игылоу Хачаа Анатоли Руфим-иԥа иҩны аҿы ирыԥшааит 4 маининг-аппарат. 

Лакоба имҩала игылоу ахатәыҩны аҿы ирыԥшааит   15 цыра аус зуаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.  Иабоу амаругақәа зтәу Кәачахьиа Роза Аполлон-иԥҳа лоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, мшаԥымза 5 рзы, атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Анапхгаратә хықәкытә программа «2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡара азы аконкурстә Комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Аусуратә гәыԥқәа рыла еихшаз акомиссиа алахәылацәа, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыцырхырааны, мызқәак рыҩныҵҟа зыдгалара мҩаԥгаз апроектқәа аҭыԥ аҿы рынагӡара азы иҟоу алшарақәеи апроектқәа ралхразы ишьақәыргылаз акритериақәеи ахыдҵақәеи иахьынӡарықәшәои  ҭырҵаауан.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра ахь, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы еиԥш уажәгьы, арахәааӡара, аҵиааӡара, амеханизациа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, уҳәа ирызку апроектқәа нашьҭхеит. 

Азыҳәамҭақәа аус зуа анаплакқәа, афермақәа, ақыҭанхамҩатә аарыхра знапы алаку ақыҭауаа рҟынтәи инашьҭын. Акомиссиа ахь зынӡа инашьҭын 500 проект. Урҭ рахьынтә иалкаахеит 337 проект. Иарбоу апроектқәа рыхәԥса аицҵалыҵ  100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аконкурс иахысыз алахәыла изы иҷыдоу амаругақәа раахәара азы ақыҭанхамҩа Аминистрра атендерқәа мҩаԥнагоит.  Аконкурс алахәылацәа аӡәырҩы иҟарҵаз аҳәарақәа инарықәыршәаны егьи ацхыраара рыҭахоит. Апрограмма ахарџь ала анаплакқәеи анхамҩақәеи рзы аргылара-монтажтә  усурақәа мҩаԥысуеит.  Ирабоу ахықәкқәа рынагӡара азы ақыҭанхамҩа Аминистрреи аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылареи» аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.

Аҟәа. Мшаԥымза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Очамчыра араион Ахадара аҿы ақалақь аԥшаҳәа ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

«Очамчыра_Информ» иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥшаҳәа ԥыхьатәи архәҭа аҟынтәи Аалӡга аӡиас аҟәара аҟынӡа еиҭашьақәыргылахоит. Иарбоу апроект анагӡара ашьҭахь Очамчыратәи аԥшаҳәа ареспублика аҿы зегь реиҳа идуу иреиуахоит. Иара убас иацҵахоит уаанӡа излагахьаз ариаҵәара апроцессгьы. 

Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара» апрораб Асҭамыр Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, иахьазы 600 метра рҟынӡа инаӡо аҵакыра аҿы 2,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы  шьҭарҵахьеит.

«Зынӡа ишьҭаҵатәны иҳамоуп 3,5 нызықь ԥшьыркцатә метр ахаҳәцәы. Ҭагалан аламҭалазы аусурақәа зегьы рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Кәакәасқьыр.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.