АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Лаҵара.2025

Гәынба Бадра Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны жәлар рартист Гыцԥҳа Алиса дидикылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист, Аԥсны жәлар рартист, Москва - Аҟәа ареис ала иааз раҧхьатәи апассаџьырцәа ируаӡәкыз Гыцԥҳа Алиса дылԥылеит.

Асас аԥсшәа лаҳәо, иҭабуп ҳәа леиҳәеит аҟазара аҿиараҟны, абаҩхатәра змоу аҿар адгылара  рыҭараҟны ллагаламҭазы, иара убас  Гыцԥҳа Алиса зымҽхак ҭбаау акультуратә проект, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә абаҩхатәра злоу аҿар еидызкыло - Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Шәара шәфестиваль арҿиаратә диалог азы, иара убас ахьӡ ҿыцқәа раартразы акрызҵазкуа аԥшьгароуп. Ҳара ҳзы гәадуроуп жәларбжьаратәи аренаҟны ҳахьӡ ахьҭышәго, аҿар реиҵааӡара ауси иареи еидбаланы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 Алиса Гыцба Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит лаҧшьгарақәа ириҭо азҿлымҳареи ахаҵгылареи рзы.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳапроектқәа шәахьрыдгыло азы. Сара сзы акраҵанакуеит Аԥсны акультура аҿиара аус исылшо ала ацхаара, уи жәларбжьаратәи аренаҟны ацәыргара", - ҳәа иазгәалҭеит  Гыцԥҳа Алиса. 

 


Read 54 times - Амҽыша, 04 Лаҵара 2025 10:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.