pressadmin-2
Акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 31-шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк».
Аныҳәатә аиасра алахәылацәа аҽеидкылара иалагеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Асааҭ 12 инарзынаԥшуа, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор, аибашьра аветеран Мзиа Беииеи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи зхадараҿы игылаз аколонна Аидгылара амҩала Ахьӡ-Аԥша апарк аганахьала идәықәлеит.
Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Сергеи Багаԥшь иԥсыжырҭаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Алада Ешыра ақыҭан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30, Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владилав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭацара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!
Акыр иаԥсоу аветеранцәа, аҩызцәа!
Иахьа, ҳара иазгәаҳҭоит зегьы бзиа еицаҳбо, акрызҵазкуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
31 шықәса раԥхьа ҳмилаҭ рԥыза ду Владислав Арӡынба инапхгарала ҳажәлар ақырҭуа қәылаҩцәа рыҟнытә ҳ-Аҧсадгьыл ахы иақәиҭыртәи. Аиааира ҳажәлар ракзаара, рфырхаҵара, рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара ӷәӷәа иалҵшәахеит.
Афырхаҵара иасимволу ари амш алахьеиқәрагьы ацуп. Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зықьҩыла Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Аҩадатәи Кавказ, Алада Урыстәыла, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Ххырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара хашҭра ақәӡамкәа абиԥарақәа еимдо инаргалоит.
Аԥсуа жәлар рхақәиҭ ахьчаразы бџьаршьҭыхла аӷа иҿагылеит аԥсуаа рҵеицәа, рҭыҧҳацәа реиԥш, Аҩада Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәа, Алада Урыстәыла уҳәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҟны иаанхоит, иаадырҧшыз адгылара атәы абиԥарақәа аҧхьаҟагьы еимдо инаргалоит.
Владимир Путин Аԥсны Ахадеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
Лаша Ашәба: «1993 шықәса цәыббрамза 30 акрызҵазкуа рыцхәны иҟалеит ҳҳәынҭқарра аҭоурых азы».
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирымшуп. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Ҳаԥсадгьыл Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
Аслан Бжьаниа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аиааира 31 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Иахьа 31 шықәса ҵуеит Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәыцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
31 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥснытәи ар аибашьцәа Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь ицәырҵны аԥсуа бираҟ ахадыргылеит.
413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа раиааирала ихыркәшахеит.
Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы ԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааираеи Ахьыԥшымреи Рымш. Ари амш аҽны аветеранцәа еизоит, 31-шықәса раԥхьа иҟалаз ахҭысқәа ргәаладыршәоит, иҭахаз рҩызцәа рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, ҳаҭырла иргәаладыршәоит.
Цәыббрамза 30, 2024 шықәса рзы:
Аҟәа ақалақь аҿы:
Цәыббрамза 30 рзы:
Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;
Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара;
Асааҭ 11:05 рзы – Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит;
Асааҭ 11:30 рзы - Аҳҭнықалақь амҩадуқәа рҿы маланыҟәала амҩасра еиҿкаахоит; Алахәылацәа еизоит аколоннада аҿаԥхьа (Леон ипропект ,1 аҟны).
Амаршрут: Леона ипроспект аҟынтәи – Арӡынба имҩа – Чачба имҩа – Аиааира апроспект –Адлеиба имҩа – Алада Ешыра ақыҭа, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал, шьҭахьҟа –Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ахь.
Асааҭ 12:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 31-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплан.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭараны иҟоуп Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа. 31 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара алыршахеит. Абри арыцхә иазкуп Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥгахо агәалашәаратәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа.
Цәыббрамза 30, 2024 шықәса рзы:
Аҟәа ақалақь аҿы:
Цәыббрамза 30 рзы:
Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;
Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара;
Асааҭ 11:05 рзы – Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит;
Асааҭ 11:30 рзы - Аҳҭнықалақь амҩадуқәа рҿы маланыҟәала амҩасра еиҿкаахоит;
Асааҭ 12:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит;
Асааҭ 13:00 рзы – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.
Асааҭ 17:00 рзы – Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Аԥсны аҟазацәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;
Асааҭ 19:00 рзы - Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы, аколоннада аҿаԥхьа Аԥсуа естрада артистцәа злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит;
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркит.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркит.
Абар шьҭа 25 шықәса рыбжьара, есышықәса, цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа 1992 – 1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу аибашьцъа-фырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркырц азы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы инеиуеит.








