АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2024

Мактина Џьынџьалԥҳа урыстәылатәи лколлегацәа дырԥыло ахәыҷы изинқәа рыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа дрылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы усуратә визитла иҟоу Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа  аҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟынтәи лколлегацәа – Светлана Гусеиновеи Михаил Дмитриеви Михаил Орлови дырԥылеит.   

Мактина Џьынџьал длыцны аиԥыларақәа дрылахәуп ахәыҷы исоциалтә зинқәа рыхьчаразы аспециалист Николь Шамба.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рылҵшәақәа ирылацәажәеит, ашколқәеи аинтернет-ҵакыреи рҿы абуллинг аҿагылара аинструментқәа, иара убас ахәыҷқәа ишәарҭоу ахәмаррақәа ралагалара азҵаара. Ирылацәажәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иҟоу аспециалистцәа-апсихологцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы алшарақәа раԥҵара,   Аԥсны иҟоу аурыс школқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, иара убас Ареспубликатә ахәыҷтәы хәашәтәырҭа адгылара аҭара алыршара.

Мактина Џьынџьалԥҳаи Николь Шамбеи иара убас ааӡара-риашаратә колониа аусуратә ԥышәа амадара азы Москва ақалақь аҿы иҟоу зықәра намӡац ацәгьоуцәа рзы аусеилырганӡатәи аԥхьакырҭақәа  №5, №6 рҭаара азԥхьагәаҭаны ирымоуп.  


Read 89 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 18:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.