pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23 рзы Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысит апленартә еилатәара. Араҟа «Ареспублика Аԥсны Ауаажәларатә Палата азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан инақәыршәаны, иваканттәу аҭыԥқәа рхарҭәааразы аконурстә лыԥшаара апроцедура ала имаӡоу ареитингтә бжьыҭирала  Ауаажәларратә Палата аилазаарахь иалххеит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аконтрольтә Палата 2024 шықәсазы аусура аплан анагӡара иазкхеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит агәаҭарақәа рымҩаԥгара, имҩаԥысуа агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа изаамҭанытәиу рҭагылазаашьа, иара убас ԥхьаҟатәи аусуразы азԥхьагәаҭарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа аҩаша, жьҭаарамза 22 рзы Аҟәа ақалақь, ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иахьаҿу иаҭааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаараза 25 – 27 рзы «Аҟәа-Марафон» аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.

Жьҭаарамза 27 рзы 42,2 км., 21,1 км., 5 км. рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы амарафон алахәылацәа еиҳабацәа рыҩҩрақәа мҩаԥысуеит. Убри инамаданы, аҳҭнықалақь амҩақәак рҿы атранспорт аныҟәара аԥкрақәа алагалахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ныгәзар Чычба.

Амаршрутқәа зегьы рыла атроллеибусқәа рныҟәара аанкылахоит.

Аҭынчра апроспект ала зынӡа автотранспорт аныҟәара аанкылахоит.

Адлеиба имҩа ахәҭак аҿы, аангыларҭа «Ауарашршыга зауад» аҟынтәи Адлеиба имҩа аҟынӡа. Иарбоу амҩа ахәҭа аҿы аамҭала ганкахьлатәи, цәаҳәак ала аныҟәара  шьақәыргылахоит.

Имам Шамиль имҩаеихысырҭа  инаркны Аҭынчра апроспект аҟынӡеи Аҭынчра апоспект аҟынтәи Лакоба имҩа аҟынӡеи.

Лакоба имҩала асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟынтәи «Ацҳа Ҟаԥшь» аҟынӡа атранспорт аныҟәара аԥкрақәа алагалахоит.

Аныҟәараан амҩа арымарахьтәи ацәаҳәа атранспорт иазкхоит, арӷьаратәи – амарафон алахәылацәа рзы.

Коӷониа имҩала инхо, иара убас уи иазааигәаны инхо  ауааԥсыра рзы Џьонуа имҩеи Аршба имҩеи рыла аныҟәаразы апунктқәа аартхоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҳҭнықалақь аҿы жьҭаараза 25 – 27 рзы имҩаԥысраны иҟоу «Аҟәа-Марафон» аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭондил Сурманиӡе, ақалақьтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аусмҩаԥгатә аиҿкааратә Еилакы алахәылацәеи.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ амассатә спорттә усҩаԥгатә амҩаԥгара аҵак ду шаҵоу азгәеиҭеит. Ас еиԥш иҟоу амарафонқәа адунеи атәылақәа жәпакы раҳҭнықалақьқәа рҿы лассы-лассы еиҿкаахоит. Уи иажәақәа рыла, згәабзиара иацкаԥшны  анхашьа апропаганда аҟаҵара адагьы, амарафон атәыла аимиџь ашьҭыхра аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит. Бадра Гәынба иара убас аусмҩаԥгатә аиҿкаара, азинеиҿкаара аиқәыршәареи иара убас уи алахәылацәа ршәарҭадара алыршареи рзы иахәҭоу зегьы аҟаҵара азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аԥсны аҿари аспорт рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба иажәақәа рыла, жьҭаарамза 27 амш актәи азыбжазы Аҟәа ақалақь мҩадуқәак рҿы аамҭалатәи аԥкрақәа алагалатәхоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи амарафон рхы аладырхәраны иҟоуп 700-ҩык инареиҳаны. Ирзыԥшуп иара убас Белоруссиеи Ҟазахсҭани рҟынтәи алахәылацәа. Жьҭаарамза 26 рзы иҩаԥысраны иҟоуп еиуеиԥшым адистанциақәа рыла  ахәыҷтәы еиԥхныҩларақәа, жьҭаарамза  27 рзы амарафон иацырҵоит аиҳабацәа. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп амилаҭтә чысқәеи аҩи рфестиваль, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ ацәыргақәҵа, иара убас аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа злаху аконцертқәа.

Амарафон апрограмма иалагалоуп 42,2 километр рҟынӡа инаӡо адистанциаҿы аҩра, уи иахҟьаны жьҭаарамза 27 амш актәи азыбжазы Аҟәа ақалақь аҿы автотранспорт аныҟара амаршрутқәа ԥсахтәхар акәхоит. Хазы игоу амҩақәа рҿы аамҭала амашьынақәа рныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахар алшоит.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амҩақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкаараҿы Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра егьырҭ аҟәшеиҵақәа русзуҩцәа рыцхраалоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы, жьҭаарамза 21 – 27 рзы имҩаԥысуеит иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа».

Иахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысит Барнаули Аԥсни ркомандақәа рыбжьара аматч. Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа асчиот 4:2 ҳәа иаиааит.

Жьҭаарамза 22 рзы еиԥылеит Аԥсни Кемерови ркомандақәа. Асчиот 8:1 ала аиааира ргеит аԥснытәи аспортсменцәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, иналукааша арҵаҩы, активла аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз Екатерина Платон-иԥҳа Шьаҟрыл (23.10.1924 ш. – 25.10.2010 ш) дахьынхоз аҩны №94 ахаҿратә ган аҿы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23 рзы  аҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активистка Екатерина Платон-иԥҳа Шаҟрыл (1924 – 2010 шш.)  диижьҭеи 100 шықәса ҵит.

Е. П. Шьаҟрыл диит жьҭаарамза 23, 1924 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан еицырдыруа аԥсуа рккаҩы Платон Семион-иԥа Шьаҟрыл иҭаацәараҿы.  1946 шықәсазы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт даналга ашьҭахь аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аусуразы ддәықәҵан Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол ахь. 1948 шықәса инаркны  Е. П. Шьаҟрыл Москва ақалақь аҿы лҵара иацылҵеит. 1954 шықәсазы абызшәадырра Аинститут аспирантура аҿы лҵара анхлыркәша ашьҭахь, Е. П. Шьаҟрыл Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу абызшәадырра Аинститут аҿы афилологиатә наукақәа ркандидат ҳәа аҵарауҩ иҩаӡара аиуразы қәҿиарала адиссертациа лыхьчеит.  Аусумҭа «Ашьҭынгылақәа аԥсуа бызшәаҿы» («Послелоги в абхазском языке") иҳараку ахәшьара аиуит.  1954 шықәса инаркны Екатерина Плантон-иԥҳа Шьаҟрыл  Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурыхи Ринститут аҿы анаукатә усзуҩыс аус луан, аамҭак ала Аҟәатәи арҵаҩратә Институт аҿы афилологиатә факультет аҿы арҵаҩыс аус луан. Араҟа уи зегь раԥхьа аԥсуа грамматика азы алекциақәа аԥсышәала даԥхьо далагеит.    

Екатерина Платон-иԥҳа лаҳәшьа Ҭамара Платон-иԥҳа длыцны, Аинститут адиректор  А. Ф. Хонелиа ицхыраарала аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аԥҵаразы ихымԥадатәииз  аматериалқәа еиқәдыршәеит. Уи аатит 1956 шықәса рзы. Ажәашықәсақәа ирылагӡаны,  1962 - 1992 шш., Е.П. Шьаҟрыл – арҵаҩратә Институт, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аԥсуа бызшәа акафедра адоцентс аус луан. Лырҵаҩратә усура аҿы инарҭбаау анаукатә дыррақәа змаз  Екатерина Платон-иԥҳа Шаҟрыл аԥсуа бызшәа акафедра аҿы ихадоу акурсқәа рыла алекциақәа дрыԥхьон. Лара еиқәлыршәеит Аԥснытәи ауниверситет  азы иҿыцыз аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи реиҿырԥшратә типологиа азы, аԥсуа бызшәа аморфологиеи асинтаксиси рзы иҷыдоу акурсқәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзуреи Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки рхаҭарнакцәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәыз ҳазҭоу ашықәс акурорттә аамҭахәҭазы аҳазалхратә маҵзурақәа русура аихшьаалақәа ҟарҵеит, иара убас Аԥснынтәи иалганы ирго ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазалхратә хылаԥшра аҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Иазгәаҭан, лаҵарамза инаркны жьҭаарамза аҟынӡа акурорттә сезон иалагӡаны, аҳәаа иахысны ишыиасыз 6 млн. ҩык инареиҳаны хазхаҭалатәи ахаҿқәа, иара убас 1 млн. рҟынӡа атранспорттә хархәагақәа. Зынӡа 2024 шықәса алагара инаркны – 2 млн. инареиҳаны атранспорттә хархәагақәеи 9 млн. ҩык инареиҳаны ауааԥсыреи.  Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 10% рыла еиҳауп.

Аԥыԥшратә гәыԥқәа рхыԥхьаӡара ацҵаразы ианаамҭаз ирыдыркылаз аӡбамҭеи имҩаԥгаз аиҿкааратә уснагӡатәқәеи ирыбзоураны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа аҟны аушьҭра-гәаҭаратә усура аҭышәынтәалара алыршахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.