АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2024

Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра ахаҭарнакцәа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иахьаҿу иаҭааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа аҩаша, жьҭаарамза 22 рзы Аҟәа ақалақь, ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иахьаҿу иаҭааит.

Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц дыргылараны иҟоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иарбоу аобиект аҿы иахьазы абарҭ аусурақәа нарыгӡахьеит:

– ахархәара змамыз ажәытә хыбрақәа рықәгара мҩаԥгоуп;

– аргылара аҵакыра арыцқьаратә усурақәа мҩаԥгоуп;

–аамҭалатәи афымцамҩангагақәа шьақәыргылоуп;

– аргылара ахьымҩаԥысло аҵакыра аҭахкаара алыршоуп;

– ахыбра афундамент азы аҭыжаара азы адгьылтә усурақәа мҩаԥгоуп, агәыруажра алдоуп;

– агидроизолиациа ашьақәыргыларала абетонҭыршааратә усурақәа мҩаԥгоуп. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц ргыланы ахархәарахь ирырҭараны иҟоуп 2026 шықәсазы.

Афинансыркра азеиԥш лимит – 651,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аргылара ахьымҩаԥысуа аҵакыра – 10 850 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит.

Иргылахо ахыбра ашәагаа 4550,79 ԥшьыркцтә метр рҟынӡа инаӡалоит.

Анардадкылаҩ хаданы  иҟоуп – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «КДК ДЕВЕЛОПМЕНТ».

 

 


Read 86 times - Аԥшьаша, 24 Жьҭаара 2024 01:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.