АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:05

Аҟәа имҩаԥысит Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи анапҟазацәеи реиԥылара

Аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны ахи аҵыхәеи рҟынтәи жәлар рнапкымҭақәа разҟазацәеи рыбжьара иаарту аицәажәара.

Аиԥыларахь ааԥхьара рыман анышәаԥшьӡы, аба аус рыдызуло аҟазацәа, амилаҭтә ҳәызбақәа, арԥшӡагақәа, аҳамҭаҷқәа ҟазҵо.

Тема хаданы иҟалеит аҭыԥантәи аалыҵ аҿиара иамоу аԥынгылақәа. Аҟазацәа ихадоу ауадаҩрақәа ирзааҭгылеит: аӡыргара азымхара, атәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы аалыҵ аҭиразы аҭыԥқәа рыҟамзаара.

Даур Ақаҩба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭыԥантәи аҟазацәа адгылара рыҭара, атәыла ахаҿреи акультуреи реиқәырхара ишадҳәалоу.

«Шәџьабаа Аԥсны азы аҵак ду амоуп. Иахьа аџьармыкьа ҭәуп аҳәаанырцәтәи аҳамҭаҷқәа рыла, уи ҳҟазацәа рзы аԥынгыла ду ҟанаҵоит. Аха сара агәра ганы сыҟоуп, зхаҭабзиара ҳараку акы иаламҩашьо ҳҟазацәа рнапкымҭа егьырҭ зегьы ишрылкаахо», — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аиԥылараан алахәылацәа ажәалагала ҟарҵеит атәылаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа анапҟазаратә центр аԥҵазарц. Аминистр иҳәеит ишхадоу хырхарҭацыԥхьаӡа рҭахрақәа рдырра.

«Шәусуразы аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи аԥсуа аалыҵ акы исламҩашьо аҟаҵареи иацхраауа ашьаҿақәа еицыҟаҳҵалароуп», — ҳәа иажәа хиркәшеит Ақаҩба.


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.