pressadmin-2
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 100 тоннак инареиҳаны амандарина. мандаринов.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 100 тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаганы идәықәҵахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра.
Амандарина раԥхьатәи апартиақәа Краснодартәи атәылаҿацә ахь аиагара иалагеит жьҭаарамза инаркны, уажәы ииагоуп ҳәа ашәҟәы иҭаргалахьеит 120 тонна рҟынӡа иарбоу ацитрусшәырқәа.
Амандаринақәа рыда аҳәаа иахыганы Урыстәылаҟа идәықәырҵоит афеихәуа, ахәырма, алион, араса – иааизакны 280 тонна рҟынӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ.
Раԥхьатәи аиԥхныҩларатә марафон «Аҟәа-Амарафон» мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аспонсор хада – аспорттә тауарқәа рзы урыстәылатәи агипермаркет «Деспорт», иара убас хаҭала амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц иҟарҵаз адгыларала жьҭаарамза 25-27 рзы имҩаԥысуеит «Аҟәа-Амарафон».
Аиԥхныҩлара рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык инарзынаԥшуа зықәра наӡоу аспортсменцәеи аҩра абзиабаҩцәеи, иара убас 500-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
«Аҟәа-Амарафон» ажәытә қалақь амҩақәа рҿы, зинтересқәа еиқәшәо ауаа рыбжьара умчқәа рԥышәареи илыԥшааху аспорттә хҭыс ду агәылахалареи рзы алшара аԥнаҵоит. Аҩҩцәа дара-дара еибадырырц, акы иаламҩашьо Аҟәа ақалақь аԥшӡарақәа рбара азы алшара роуеит.
«Доусы иара инаало, имч-илша зықәхо адистанциа алихыр ҟалоит – ҿыц ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа зхы алазырхәагьы аԥышәа змоу аҩҩцәагьы», - ҳәа иазгәаҭоуп амарафон апресс-релиз аҿы.
«Аҟәа-Амарафон» уалахәхар ҟалоит активла азгәыбылҩы иаҳасабалагьы, иара убри ала аспортсменцәа ргәалаҟазаара ашьҭыхра.
Роберт Киут аҳәаа иаԥну араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа акомитетқәа реилатәара ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аусуратә визитла Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ахь днеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Иара Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы аусеицура акоординациеи аиқәыршаҳаҭреи рзы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа акомитетқәа реилатәара ихы алаирхәуеит.
Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа аделегациа Башкорҭосҭан Ареспублика Амш азгәаҭара иазку аныҳәа иалахәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа аделегациа Башкорҭосҭан Ареспублика Амш азгәаҭара иазку аныҳәа иалахәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипрес-маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аԥыза-минитр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Алиса Гәылариа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркын абашкир жәлари аԥсуа жәлари реиҩызара символра азызуа аԥшаҳәаҟны Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны игылоу аколоннада аиԥш зеиԥшу Аколоннада шкәакәа аартрала.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны дықәгыло, Аслан Бжаниа иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа! Азин сышәҭозар, Аԥсны жәлар рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра.
Сҩызцәагьы саргьы ҳзы ҷыдала гәахәароуп Ареспублика Амш иазку аныҳәа Аԥсны, ҳара ҳаԥшаҳәа зырԥшӡо аколоннада еиԥшу арт-обиект «Колоннада» аартрала иахьалагаз. Ари ҳажәларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа ишрызҳәоу ҳбоит. Асимвол ду аҵоуп аиҩызара иадырганы иҟоу аколоннада аурыс жәлари абашкир жәлари реиҩызара Амонумент иахьавагылоу».
Ихыркәшахеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазкны еиҿкааз аԥкьаҭмпыл азы атурнир.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зҽасазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз абаҩрҵәыратә культуреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазкыз аԥкьаҭмпыл азы атурнир хыркәшахеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Убас, 8 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Мила Матуа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит – Аилин Герхьелиа (ақ. Аҟәа).
Иарбоу ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Владимир Бениа (ақ. Аҟәа).
13 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Меланиа Гәымба (ақ.Пицунда), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Валериа Емексузиан (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит – Алиа Ҵнариа (ақ. Аҟәа).
Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ареспублика Арбџьармчқәа Рымш.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 32 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи раԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла – Аԥсуа ар аира Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара мҩаԥысуан иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьақәа раан, ареспублика ахьыԥшымра азы ишьаарҵәыраз аибашьра анцоз аамҭазы.
Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, ԥхынҷкәын 29, 1991 шықәсазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу рполк еиҿкаан. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Уи напхгара арҭон аподполковник Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп афициарцәа Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа аԥсуа ҵеицәа иашақәа аӡәырҩы.
Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа арбџьармчқәа аҳәаа еилаганы Аԥсны иақәлеит. Урҭ хықәы хадас ирыман Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аԥыхра. Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит август 14 аҽны, Охәреи ақыҭан. Уакәын аԥсуаа рырхәҭақәа ахьгылаз, Егры акәмызт. Аибашьра ианалага зыԥсадгьыл ахьчаразы хатәгәаԥхарала абџьар иаҵагылаз ауаа еидызкылашаз мчрак ыҟазар акәын. Убри аҟнытә Нанҳәамза 18, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет аиҿкаара азы Ақәҵара аднакылеит.
Убри аамҭазгьы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи арбџьармчқәа хазы игоу рполк акомандаҟаҵаҩ идҵан хәышә-хәышә ҩык злоу ҩ-батальонк раԥҵара. Аха аполк алшарақәа рымацара азхаӡомызт аҟнытә ар аиҿкаара напы аркын.
Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Кавказ ареспубликақәа рхадацәа реиԥылара, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа алархәны, иара убас Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылатәи атәылаҿацәи рнапхгаҩцәа алархәны.
Цәыббрамза 5 рзы – аамҭала аибашьра аанкылара алагара ашьҭахь 10 минуҭк ааҵуаны еиԥш, (асааҭ 12:00 рзы) уи ақырҭуа архәҭақәа рганахьала Алада Ешыра иҟаз аԥсуа архәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа рылахысрала еилаган. Иара уааҵәҟьа, қырҭтәылатәи архәҭақәа асааҭ 22:30 рзы атанкқәа рыла ажәылара рҽазыршәеит. Цәыббрамза 9 рзы – Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рҿы цәыббрамза 10, 00 сааҭ инаркны аиҿахысра аанкылара азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан. Аиқәшаҳаҭра ҩаԥхьа еилагоуп. Анаҩс, цәыббрамза 15, 17 рзы ирыбжьарҵаз аиқшаҳаҭрақәагьы анагӡара залмыршахеит, ақырҭуа ган ала иахьеилагаз инамадан.
Жьҭаарамза 1 - 6 рзы – аԥсуаа Гагра ақалақьи Гагра араиони Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра азы ажәылара аԥшьыргеит. Жьҭаарамза 1 – асааҭ 17:00 рзы аԥснытәи архәҭақәа ажәылара иалагоит, Колхьыда аҳабла (уажәы Ԥсахара) ааныркылоит; жьҭаарамза 2 – ахы иақәиҭтәхеит Гагра ақалақь; жьҭаарамза 3 – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ақалақь абомбақәа аларыжьуа иалагеит, уи иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аҭыԥантәи аҭынч уааԥсыра ҭахеит. Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә роперациа раԥхьатәи иааирахеит ари аибашьра аҿы.
Жьҭаарамза 11 рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев.
Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.
Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра аилазараҿы иаԥҵан аррамаҵзурауаа аус рыдызуло аинститут, нас уи акомиссарцәа ринститут ҳәа еиҭакын. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба.
Афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә фымцадәыӷба «Ласточка» 2024 шықәсазы Аҟәаҟа аҩбатәи аԥышәаратә реис нанагӡеит.
Мшаԥымзазы адәыӷба аԥышәаратә режим ала Аҟәаҟа аихамҩатә инфраструктура аҭагылазаашьа агәаҭаразы иааит.
Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥсныҟа аинвестициақәа ралагалара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти афымцамчи рминистр Џьансыхә Нанбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани ахаша, жьҭаарамза 9 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҟынтәи абизнесменцәа ирԥылеит.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд амҩаԥгара 2024 шықәса абҵарамза 5-6 рзы иазԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – Еиду Амилаҭқәа Реиҿаара (ООН) аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС) аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә абжьагаҩ Готфрид Ханне реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраа аҟны жьҭаарамза 9 рзы имҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат аиҳабы Мартин Ҭаркьыл, Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аконсултә Усбарҭа аиҳабы Лаша Аҩӡба, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.
Сергеи Шамба «иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп» ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аилацәажәарақәа ртема хаданы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рформат алацәажәареи Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭалагара ахымԥадатәра азҵаареи.
Сергеи Шамба «иахьазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа абри аҩаӡараҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара ахьалшо платформа заҵәыкны иҟоуп» ҳәа иазгәеиҭеит. Иара «абџьарқәа анҭынчу ажәа ргоит адипломатцәа» ҳәа ззырҳәо аҭагылазаашьа ашьақәгылара алҵшәа хадақәа иреиуоуп ҳәа иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы иажәақәа рыла, аԥсуа ган азы зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп аибашьра аиҭаламгареи Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.








