pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Чачхалиа Дадын Валери-иԥа аррамаҵзура дахыԥхьаӡалоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟны даҭоуп. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала аиҵаполковник Аҭәмаа Џьони Гарри-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы азы ацентр аиҳабы имаҵзураҟнытә ихы дақәиҭтәуп даҽа маҵзурак аҟны иаҭара инамаданы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭоит. Абри аҽны атәыла ауааԥсыра атрагедиатә хҭысқәеи харада ибжьадырӡыз ауааи ҳаҭырла иргәаладыршәоит.

Ашәтәшьаҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа иҟоу Сариа Лакоба лыхьӡ зху апарк аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа Аҟәа имҩаԥысыз аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз  ргәалашәара Амш. Ари амш аҽны ҳара сталинтәи арежим иахҟьаны миллионҩыла харада ахара рыдҵаны иҭархаз ҳгәалаҳаршәоит  Арепрессиақәа Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада ахантәаҩы Нестор Лакоба Қарҭ Лавренти Бериа еиҵеиҟәаҟәаз  аус ала ашҳам иҭаны даныршь ашьҭахь ирылагеит.  Сталинтәи арепрессиақәа раан ареспублика уааԥсыла даараӡа ацәыӡ ду аиуит.   Уеизгьы хыԥхьаӡарала имаҷыз аԥсуа жәлар  ақәӡаара ашәарҭара иҭагылеит. Аԥсны ХХ ашәышықәса  30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь-нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бызшәа амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, гәахәарыла ишәыдысныҳәалоит акырӡа зҵазкуа ҳмилаҭтә ныҳәа – Аԥсуа бызшәа Амш.

Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәас иҟоу – аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу, иахьа уажәраанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәоуп. Уи иахьа иалацәажәоит ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы милаҭла иаԥсыуоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы убрахь иналаҵаны шә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.  Ишдыру еиԥш, амилаҭ милаҭны иҟазҵо, урҭ рҿахәы зҳәо, еидкыланы измоу абызшәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ахәаша, жьҭаарамза  25 рзы Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» аҿы «Атрадициатә ҭаацәаратә беиарақәа – ажәларқәа ракзаара иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи аконференциа мҩаԥысит.

Аконференциа ахықәкы – иҟоу ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа рҭагылазаашьаҿы аҭаацәаратә беиарақәа рыхьчареи рымадареи рызҵаарақәа рҿы ауаажәларратә усзуҩцәеи, анагӡаратә мчреи, ауахәамеи рымчқәа реидкылара ауп.

Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса реидгыла, «Аԥсны аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы анацәа» рхеидкыла, «Аԥснытәи атуристтә еидгыла», ацхыраара ҟанаҵеит Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны».

Апленартә еилатәара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Виссарион Аԥлиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов, Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә аартуа Аԥсны аиашахаҵаратә дин иқәныҟәо аҳәса Реидгыла ацхантәаҩы Наталиа Дмитриевскаиа: «Мраҭашәаратәи алибералтә идеологиа ҳҭаацәаратә беиарақәа ақәыӷәӷәаратә нырра рзура иалагеит 90-тәи ашықәсқәа рзы. Уажәы уи алҵшәақәа аабарҭоуп» ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҩы-шықәса раԥхьа, Урыстәыла атрадициатә доуҳа-моралтә беиарақәа рыхьчареи рырӷәӷәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа анрыдыркыла ашьҭахь ауп, ҳара ҳидеологиа анҳау» , – ҳәа иазгәалҭеит лара.

Лара лгәаанагарала, Аԥсны есымша ауаажәларра рморалтә ҭеиҭыԥш иашьаҭаны иҟаз аҭаацәаратә беиарақәагьы убаҵәҟьа адгылара аҭахны иҟоуп.  

«Иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа, ахәыҷқәа рира амаҷхарала, амилаҭ агәабзиара ауадаҩрақәа рцәырҵрала, аҿар рыбжьара аԥстәбарақәа рыррацәахарала аҭаацәа ринститут анырра ӷәӷәа арҭоит», – ҳәа лажәа иацҵо илҳәеит лара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  25 рзы Аԥсны раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа Рымш. Ари аныҳәа   аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ила ишьақәырӷәӷәоуп.

Аныҳәатә еизара алагара аламҭалазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы еилазаара  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашраҿы иҭахази рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахази рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура Дмитри Дбар, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.  

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рбираҟ ацәыргареи Аҳәынҭқарратә гимн арҳәаралеи иалагеит.  

Аныҳәатә еизара иалахәыз иддырбеит ҷыдала уи азы иҭыхыз аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәеи урҭ Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы рлагалеи иазкын.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аветеранцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳара ҳветеранцәа – иуадаҩу аԥсҭазааратә маҩа ианысыз зымчи зылшареи зегьы ацәгьоура аҿагылара иазызкыз ауаа роуп. Иахьа ҳара ҳаиҳабацәа, ҳколлегацәа еиҵагыло аусзуҩцәа рабиԥара реиҵааӡара аҿы рлагала дууп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ирацәоуп афырхацәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи  аамҭа азы акыр зааԥсара дуу амилициа аусзуҩцәа. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам зыԥсадгьыл ахҭынҵаны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш зыхьчаз», – ҳәа иҳәеит Роберт Киут. 

Иҭахаз рҩызцәа игыланы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Роберт Киут аԥсуа милициа 100 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус руеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, урҭ русуратә ԥышәа апрофессионализми афицартә ахьӡ-аԥшеи рҿырԥшны иҟоуп, – ҳәа иҳәеит аминистр. – Ҳара аветеранцәа рыла ишьаҭаркыз хра злоу атрадициақәа наҳагӡоит, уи иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит».   

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба  аҩныҵҟатәи асқәа русбарҭақәа аветеранцәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжанаиа иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  

«Ари аныҳәа аԥҵара акы зҵазкуа, аамҭа иақәшәо усны исыԥхаӡоит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп зыԥсҭазаара зегьы ацәгьоура аҿагылареи азакәанра ашьақәырӷәӷәареи ирзызкыз аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, жьҭаарамза 26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит аҩратә марафон. Уи ареспублика акәақьқәа зегьи уи анҭыҵ аҟынтәигьы хыԥхьаӡара рацәала алахәылацәеи ахәаԥшцәеи аспорт абзиабаҩцәеи еизнагеит.  Аҟәатәи амарафон актәи амш азы ахәыҷтәы аҩра мҩаԥысуан.

Аиԥхныҩрақәа ирылагаанӡа амарафон алахәылацәеи ахәаԥшцәеи Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы инарҭбаау акультура-арлахҿыхратә программа рзыԥшуп.   

Зегьы реиҳа анырра бзиа узҭо усмҩаԥгатәны иҟалеит амилаҭтә чысхкқәаеи аҩи рфестиваль. Амарафон асасцәа ибеиоу Аԥсны атрадициақәеи акультуреи рдунеи аҽагәылахалара азы хра злоу алшарақәа рзаԥҵахоит, ргьамақәа рбар алшоит Аԥсны акулинартә традициа зырбеио хкы рацәала ачысхкқәа, арыжәтә, ашәырӡқәа, ажьырӡы, уҳәа.

Активла аԥсшьараамҭа ахгара бзиа избо рзы аԥышәа змоу аинструкторцәа рнапхгарала ахыци ахәымпали рыла ахысраҿы рымчқәа ԥыршәарц азы алшара рзаԥҵахоит. 

Амузыкатә фестиваль аплошьадка аҿы еизнагеит анагӡаҩ ҿарацәа. Ахәаԥшцәа агәырӷьареи алахҿыхреи зцыз зеиӷьаҟам анырра рнаҭеит имҩаԥгаз аконцерт.  

Ахаа-мыхаақәа рыбзиабаҩцәа рзы еиҿкаахеит аԥсуа хаамыхаа-хкы – аџьынџьыхәа аҟаҵаразы аҟазара акласс. Аҟәазацәа асасцәа ари агәырхаага аҟаҵара иаҵоу амаӡақәа рзеиҭарҳәон, иара убас урҭ ҿыц иҟаҵоу ачыс агьама ддырбон.

«Шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа ҳара, Урыстәыла, Ҟазахсҭан, Белоруссиа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи алахәылацәа ахәыҷтәы атлетикатә еиԥхныҩлара адагьы Аԥсны акультурагьы атәы еилыркаарц азы  ари ахҭыс ҳҽазыҟаҳҵон.

Иахьа аицлабрақәа рхы аладырхәуеит 13 шықәса зхымҵыц ҩышә-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. 

Уаҵәы Аԥсны имҩаԥгахоит 42 километра рҟынӡа инаӡо адистанциа ала актәи аиԥхыныҩлара «Аҟәа-Амарафон». Шәареи ҳареи иахьа Аԥсны атлетика лас аҭоурых аҿиара ҳалахуп, убри аан зеиӷьаҟам, убла хызуа аԥшӡарақәа, амш бзиа, аҳауа зҩыда, афатә хаа, иааидкыланы анасыԥ аиуразы алшара ҳамоуп», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭалҳәеит амарафон аиҿкааҩ, «Аҩратә ҭоурых» («Беговая история») аиҿкааҩ, адиректор Хада Анастасиа Мачульскаиа.

Амш ахҭыс хаданы иҟалеит ахәыҷтәы еиԥхныҩлара. Уи рхы аладырхәит 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 200-ҩык рҟынӡа Аԥсны, Белорусь, Ҟазахсҭан, Каргызҭан атәылақәа рҟынтәи  аспортсмен ҿарацәа.  

6-9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара  1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аиԥхныҩлара аҿы аиааира ргеит Софиа Чаабали Ервин Асланиани, аҩбатәи аҭыԥ аҿы –  Наала Бессоновеи Николаи Савинкини, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Манана Ашьхаруеи Кирилл Макарови.

10-13 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит  Ангелина Рушьаки Сабри Нанбеи, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Анастасиа Ковалиовеи Алеқсеи Бондари, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит - Даниел Туркиеи Ерик Асланиани.

500 м. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩрақәа зхы алазырхәыз 5 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәеи амедалқәеи ранашьахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адҵаҟаҵаҩ Хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Қырҭтәыла Апарламент ахь имҩаԥысуа алхрақәа инарымаданы, аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ашәарҭадара ауснагӡатәқәа рӷәӷәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 26 – 27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит «Аҟәатәи амарафон». Уи рхы аладырхәраны иҟоуп Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан рҟынтәи  600 - ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

Аҟәатәи амарафон ахәыҷтәы еиԥхныҩлара  жьҭаарамза 26, 2024 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуеит.

Аҩрақәа реихшанҵа:

Асааҭ 15:40 рзы – абаҩрҵәыра аҟаҵара;

Асааҭ 16:00  – 16:10 рзы – 5 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа уахь иналаҵаны рзы 500 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;

Асааҭ 16:10 – 16:20 рзы – 6 – 9 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы  1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;

Асааҭ 16:20 – 16:30 рзы  – 10 - 13 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы  1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциа ала аҩра;

Асааҭ 16:45 рзы – 6-9, 10-13 шықәса зхыҵуа акатегориа иаҵанакуа рыбжьара аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥгахоит.

Здистанциа ала қәҿиарала афиниш аҟынӡа инаӡаз ахәыҷқәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит.  

6-9, 10-13 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз иҷыдоу аҳамҭақәа ранашьахоит.  

Аиҳабацәа реиԥхныҩлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 27 рзы.

Аҩрақәа реихшанҵа:

Асааҭ 07:00 рзы – астарт-фиништә қалақь аартра, аҽыԥсахырҭақәеи аҵәахырҭа акамерақәеи русура алагара;

Асааҭ 08:30 рзы – 5 км. рҟынӡа инаӡо  адистанциа ахь астарт;

Асааҭ 09:10  рзы – 42,2 км., 21,1 км. рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рахь аҩрақәа рыстарт.

Адистанциақәа рымҩасра азы иазоужьу аамҭа алимитқәа:

42,2 км. – 6 сааҭ;

21,1 км. – 3 сааҭки 50 минуҭи;

5 км. – 50 минуҭ.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа:

Асааҭ 09:40 рзы – 5 км. рҟынӡа инаӡо   адистанциа ала абсолиуттә аԥхьахәгара аҿы аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара;

Асааҭ 12:30 рзы – 42.2 км., 21 км. рҟынӡа инаӡо   адистанциа ала абсолиуттә аԥхьахәгара аҿы аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара;

Аспорттә еиԥхныҩларақәа рнаҩс амарафон алахәылацәеи асасцәеи ирзыԥшуп инарҭбаау акультуратә программа: амузыка, акәашарақәа, амилаҭтә крыфареи аҩыҟаҵареи ирызку афестивальқәа. Амарафон уи алахәылацәа атрасса аҿы аспорттә мчқәа рԥышәара адагьы ибеиоу Аԥсны атрадициақәеи акультуреи рдунеи аҽагәылахалара азы алшарақәа рзаԥнаҵоит.

Аҩрақәа рлахәылацәа астарттә номерқәа рызшара:

Ахәаша, жьҭаарамза 25 рзы – асааҭ 11:00 инаркны асааҭ  20:00 рҟынӡа;

асабша, жьҭаарамза 26 рзы – асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа;

амҽыша, жьҭаарамза 27 рзы – асааҭ 07:00 инаркны асааҭ  08:00 рҟынӡа.

Амарафон амҩаԥгара аҭыԥ: Пушкин имҩа №1,  Б. Шьынқәба ихьӡ зху апарк.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.