pressadmin-2
Дамаск иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Аҟәа. Абҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иахьа, асааҭ 15:20 рзы, Израильтәи аҳаиртә мчқәа аоккупациа зызуу шьамтәылатәи Голан аҟынтәи ажәылара иҟарҵаз инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Дамаск араион Мезеи, Дамаск араион Кудсаии, Дамаск иаԥну ақыҭаҭыԥқәеи рҿы анхарҭатә хыбрақәа жәпакы ааха рырҭеит, иҭахеит жәохәҩык рҟынӡа ауаа. Жәафҩык ауаа ааха роуит, аҳәсеи ахәыҷқәеи уахь иналаҵаны. Анхарҭатә ҭыԥқәеи ааигәа-сигәа игылаз аҩнқәеи ааха ӷәӷәа роуит.
Дамаск иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара Мезе араион иалахысит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа амазаратә ԥхасҭа аиуит: аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ икабинет асаркьа ԥҽуп, иара убас Ацҳаражәҳәарҭа актәи аихагылаҿы асаркьашәқәа ԥҽуп. Насыԥны, Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адагьы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә хаҭарнакра.
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа зегьы рахь аимак-аиҿак зцу азҵаарақәа ацивилизациатә мҩала аӡбара алдыршарц азы ааԥхьара ҟалҵоит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рахь, ауаажәларра рҿы иҟоу аиҿагылареи, аҭагылазаашьа аибарххареи инарымаданы атәылаҿы аилаҩынтрақәа хацзыркуа азҵаарақәа рыхәаԥшра, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҟынӡа анаскьагара алдыршарц азы ааԥхьара ҟалҵоит. «Иара убри аамҭазы азинхьчаратә усбарҭақәа рахьгьы ааԥхьара ҟасҵоит азин еилазгаз рганахьала амч ахархәара азԥхьагәазҭо аҭагылазаашьа аан иҟоу азакәанқәеи ауснагӡатәқәа реизышәазаара апринципқәеи рықәныҟәара ахымԥадатәра азы», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аомбудсмен. Уи иара убас аоппозициа аԥызацәеи апротестә акциа алахәылацәеи рахьгьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ахымҩаԥгареи амч ахархәара мап ацәкреи рзы аҳәара ҟалҵоит.
Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рганахьала агәҭынчымра аанарԥшуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла рааигәара иҟоу аиҩызаратә тәыла Аԥсны ҩаԥхьа атәылаҩныҵҟатәи аиҿагыларақәа реибарххара аицәахара иадҳәаланы имҩаԥысуа ахҭысқәа агәҭынчымра аарԥшуа иацклаԥшуеит, ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнакыс иҟоу Марииа Захарова.
«Аоппозициатә мчрақәа, рыцҳарас иҟалаз, атәыла азакәантә мчреи дареи рҳәоуеиқәымшәара ацивилизациатә, наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵаратә диалог абжьаҵарала аҭышәынтәалара ауеит ҳәа имԥхьаӡаӡакәа, аконфликт аескалациа апровокациа аҟаҵарала азинтә ҳәаақәа ирхысит. Убри иахҟьаны ареспублика аҿы акризисттә ҭагылазаашьа шьақәгылеит, уи, анаҩс хыркәшарас иаиуо иадҳәаламкәа, Аԥсны аҿиара акыр иаԥырхагоуп. Ахәҭакахьала, иубар залшом, уажәы иҟоу аҭагылазаашьа асценари еиԥшу асценариақәа, ареспублика асоциал-економикатә ҿиара азы акыр зҵазкуа факторны иҟоу аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара аус зынӡа иацхрааӡом, уи моу, акыр иаԥырхагоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Марииа Захарова.
Курсктәи аобласт аҟынтәи 33-ҩык ахәыҷқәа рҭаацәа рыцны Аԥсныҟа иааит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Украинатәи бџьарла еибыҭоу агәыԥқәа рҟынтәи ааха зауз Курсктәи аобласт аҟынтәи 33-ҩык ахәыҷқәа рҭаацәа рыцны Аԥсныҟа иааит.
Абҵарамза 15, 2024 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа рыхроника.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 15 рзы имҩаԥысраны иҟан Жәлар Реизара-Апарламент асессиа. Аилатәара амшхәаԥштә зҵаара иалагалан «Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи рыбжьара урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы Аиқәшаҳаҭра» аратификациа азҵаара.
Асааҭ 11:20 рзы – Апарламент асессиа аилатәара 35-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 21-ҩык роуп зхы алазырхәыз. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба амшхәаԥштә алацәажәаразы ажәалагала ҟаиҵеит. Уи «адепутатцәа џьоукы иарбоу аҭагылазаашьақәа рҿы аусура мап ацәыркуеит» ҳәа иазгәеиҭеит. Апарламент Аиҳабы атәылауаа агәҭынчра аадырԥшырц, апровакациақәа рыҽрыларымгаларц, ҳаҭыреиқәҵарала еизныҟәаларц, ачҳареи ахарахәыцреи аадырԥшырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Асааҭ 11:25 рзы – Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ахь узланеиуа амҩақәа зегьы иаԥырагылоуп арратә машьынақәеи автобусқәеи. Ашәарҭадара ауснагӡатәқәа рӷәӷәоуп.
Асааҭ 11:30 рзы – Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа аоппозициа ахаҭарнакцәа аизара иалагеит, урҭ аиқәшаҳаҭра аратификациа азы азакәан апроект шьҭахьҟа архынҳәразы адҵа ықәдыргылеит.
Асааҭ 11:35 рзы – Апарламент адепутатцәа асессиа аилатәара амшхәамтә мап шацәыркуа азы рыбжьы рҭиит.
Асааҭ 11:40 рзы – Апарламент ахыбра аҿаԥхьа апротесттә акциа иацҵахоит. Акциа алахәылацәа асессиа амҩаԥгара арыцхә аиагара азы агәынамӡара аадырԥшуеит, адҵагьы ықәдыргылоит Апарламент адепутатцәа абжьыҭира мҩаԥыргарц, Аинвестициатә усура азы аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра аратификациа мап ацәыркырц.
Асааҭ 12:20 рзы – Апротесттә акциа иалахәыз рҟынтәи ԥыҭҩык автомашьына «Урал» ала аихаанда аԥҽра рҽазыршәеит.
Асааҭ 12:30 рзы – амчратә структура аусбарҭақәа русзуҩцәеи апротесттә акциа иалахәуи рыбжьара ана-ара аидысларақәа ҟало иалагеит.
Асааҭ 13:28 рзы – Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар апротест ҟазҵо рахь дцәырҵит. Иара урҭ иқәдыргыло адҵақәа Аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа ишнеиго азы ажәа риҭеит.
Асааҭ 12:35 рзы – Апротест мҩаԥызго ауаа атәылахьчара Аминистрра амашьына «Урал» ахархәарала Апарамент аҿаԥхьа аихаанда ахәҭак дырбгеит.
Иахьа Ареспублика Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа рветеран Колбаиа Беслан Алеқсандр-иԥа иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Аҟәа. Абҵарамза 13,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Ареспублика Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа рветеран Колбаиа Беслан Алеқсандр-иԥа иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Колбая Беслан Алеқсандр-иԥа диит абҵарамза 13, 1954 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Афон Ҿыц ақалақь аҿы. 1973 шықәсазы Харьковтәи азиндырратә Институт «азиндырра» азанааҭҵара дҭалеит дагьалгеит уи 1977 шықәса рзы. Аинститут даналга ашьҭахь иара азауад «Сухумприбор» аҿы азиндырҩы-консулс аус иуан.
Мшаԥымза, 1979 шықәса инаркны 1979 шықәсанӡа Аԥснытәи АССР Аиустициа Аминистрра аконсультантс аус иуан. Лаҵарамза, 1981 шықәса мшаԥымза 15, 1992 шықәса рҟынӡа Беслан Колбаиа Гәылрыԥшь араион апрокурор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. Мшаԥымза 15, 1992 шықәсанӡа иара Гәылрыԥшь араион апрокурор имаҵураҭыԥ ахь диаган.
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Колбаиа Б.А. Ареспублика Аԥсны апрокурор 05.01.1993 ш. аҟынтәи Идҵа №6 инақәыршәаны, Гагра араион апрокуратура ахь амаҵураныҟәара аҳасабала ддәықәҵан.
Дамеи Аҩӡба: Ареспубликатә амашьына мҩаду Аацытәи аихаҵәырҭа азааигәара иԥсабаратәым амҩатә ԥынгалақәа рышьҭаҵара - ари аԥсреи аԥсҭазаареи ирыдҳәалоу акыр зҵазкуа зҵаароуп!
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мызқәак рыҩныҵҟа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа апрофильтә структурақәа рахь Ԥсоуи-Егри еимаздо ареспубликатә амашьына мҩаду иахьаҵанакуа, аиҳарак Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭахь узлабжьало амҩа аҿы иԥсабаратәым амҩатә ԥынгылақәа рышьақәыргыларазы изныкымкәа аҳәара ҟанаҵахьан. Аха, Автоҳәынҭинспекциа ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, урҭ зхьаԥшрада иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.
«Ҳара иацы еиҭа амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны иҟалаз атрагедиа ҳбеит. Уаҟа иҭахеит ҩыџьа арԥарцәа. Ари иарбоу амҩа ахәҭа аҿы ҩы-шықәса рыла шьҭа 12-тәи амҩатә машәыр ауп. Урҭ рҿы иҭахахьеит жәҩык ҳара ҳтәылауаа.
Ҳара ас еиԥш иҟоу астатистика аҽарнаалара, гәхьаас амкра азин ҳамаӡам. Ас еиԥш иҟоу амҩа ахәҭа аҿы амашьынарныҟәцаҩцәа хра злоу анырра рызҭо иҟоу акызаҵәык ауп – «ишьҭоу полицеиски» ҳәа изышьҭоу иԥсабаратәым амҩатә ԥынгылақәа рышьҭаҵара.
5 000 цыра ашәҟәқәа ААУ абиблиотека ҳамҭас иарҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭаранакра Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абиблиотека ҳамҭас ианаҭеит хәнызықь инареиҳаны ашәҟәқәа – асахьаркыратә, анаукатәи аҵара-методикатәи алитература.
ААУ аректор академик Алеко Гәарамиа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициаалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов ари аҳамҭа шьахә азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
9-ҩык аҟәатәи асамбистцәа В.А. Кувичко игәалашәара иазкны имҩаԥгаз атурнир аҿы аиааирақәа ргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспоррт Ахан аҿы имҩаԥысит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ В.А.Кувичко игәалашәара иазку арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара самбо азы иаарту ареспубликатә турнир.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи 97 - ҩык аспортсменцәа.
Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылеит аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа самбо асекциа ааӡамҭацәа. Аҟәатәи акоманда иранашьахеит араӡны ԥхьахәқәа 6, аџьазтә ԥхьахәқәа 3.
Аԥснытәи аспортсменцәа Славианск-на-Кубани имҩаԥысуаз аӡытә поло азы атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Абҵарамза мза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи ақалақьқәа Краснодар, Темриук, Ҟрымск, Славианск-на-Кубани рҟынтәи, иара убас Аԥсны аҟынтәи 180-ҩык аспортсменцәа аӡысреи аӡытә полои рзы аицлабрақәа рхы аладырхәит. Аԥсны ахьӡала иқәгылеит 14-ҩык аспортсменцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Иазгәаҭатәуп, Аԥснытәи ахәыҷқәа макьаназы аӡытә поло азы аҽазыҟаҵаразы алшара шрымам.
«Ҳара иҳамоу аӡҭарчы иарбоу аспорттә хкы азы еиқәыршәаӡам, убри аҟнытә ҳара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагаӡом. Аха ахәыҷқәа, рхала атурнир аҿы иҟоу аԥҟарақәа еилырганы ихәмарыр рыӡбеит, ишыжәбо еиԥш, абас еиԥш иҳараку алҵшәагьы аадырԥшит», – ҳәа иҳәеит азыҟаҵаҩ Виктор Задорожныи.
Аԥснытәи аӡсаҩцәа еиуеиԥшым адисциплинақәеи ақәратә категориақәеи рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.








