Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла рааигәара иҟоу аиҩызаратә тәыла Аԥсны ҩаԥхьа атәылаҩныҵҟатәи аиҿагыларақәа реибарххара аицәахара иадҳәаланы имҩаԥысуа ахҭысқәа агәҭынчымра аарԥшуа иацклаԥшуеит, ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнакыс иҟоу Марииа Захарова.
«Аоппозициатә мчрақәа, рыцҳарас иҟалаз, атәыла азакәантә мчреи дареи рҳәоуеиқәымшәара ацивилизациатә, наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵаратә диалог абжьаҵарала аҭышәынтәалара ауеит ҳәа имԥхьаӡаӡакәа, аконфликт аескалациа апровокациа аҟаҵарала азинтә ҳәаақәа ирхысит. Убри иахҟьаны ареспублика аҿы акризисттә ҭагылазаашьа шьақәгылеит, уи, анаҩс хыркәшарас иаиуо иадҳәаламкәа, Аԥсны аҿиара акыр иаԥырхагоуп. Ахәҭакахьала, иубар залшом, уажәы иҟоу аҭагылазаашьа асценари еиԥшу асценариақәа, ареспублика асоциал-економикатә ҿиара азы акыр зҵазкуа факторны иҟоу аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа ралагалара аус зынӡа иацхрааӡом, уи моу, акыр иаԥырхагоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Марииа Захарова.
Урыстәыла аган, Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥысуа апроцессқәа аҽаламгалакәа, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аполитикатә ҭынчмҩала аҭышәынтәалара шаларәшахо азы агәыӷра амоуп Убри аан, жәаҳәарада, Аԥсны азакәанқәа хьаҳә-хьачарада рынагӡара алыршазароуп, ауаажәларратә зинеиҿкаарагьы уахь иналаҵаны.
Иҟоу аҭагылазаашьа аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра урыстәылатәи атәылауаа атуристтә ныҟәарақәа уахь иналаҵаны, Аԥсныҟа ацарақәа аамҭала мап ацәыркырц аҳәамҭа ҟанаҵоит. Уахь иҟоу Урыстәыла атәылауаа ракәзар, агәҽанызаара аарԥшра рыхәҭоуп, аила-ҩеиласрақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҽазааигәарымтәыроуп, алшара рымазар – еиӷьуп атәыла иалҵны ицар.