Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рахь, ауаажәларра рҿы иҟоу аиҿагылареи, аҭагылазаашьа аибарххареи инарымаданы атәылаҿы аилаҩынтрақәа хацзыркуа азҵаарақәа рыхәаԥшра, ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҟынӡа анаскьагара алдыршарц азы ааԥхьара ҟалҵоит. «Иара убри аамҭазы азинхьчаратә усбарҭақәа рахьгьы ааԥхьара ҟасҵоит азин еилазгаз рганахьала амч ахархәара азԥхьагәазҭо аҭагылазаашьа аан иҟоу азакәанқәеи ауснагӡатәқәа реизышәазаара апринципқәеи рықәныҟәара ахымԥадатәра азы», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит аомбудсмен. Уи иара убас аоппозициа аԥызацәеи апротестә акциа алахәылацәеи рахьгьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ахымҩаԥгареи амч ахархәара мап ацәкреи рзы аҳәара ҟалҵоит.
«Ҳара зегьы тәылак аҿы ҳаицынхоит. Ҳара ҳанхоит адемократиатә ҳәынҭқарра аҿы, араҟа ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи баша декларацианы иҟаӡам. Жәаҳәарада, ҳара аус здааулаша ҳамоуп, иалкаау ауснагӡатәқәагьы ҳаԥхьа ишьҭоуп. Аха уи азы ҳҳәынҭқарра еиқәырхатәуп, аполитикатә қәԥара ацивилизациатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи аҩныҵҟатәи аҳәоуеиқәшәареи шьықәыргылатәуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Анас Кьышьмариа.
Аомбудсмен аполитикатәии ауаажәларратәи еиҿагылара изныкымкәа ахалагаратә акциа ахь, амч ахархәарала аимак-аиҿак ахь иахьгылнагоз рыцҳара дуун ҳәа иазгәалҭеит. «Иахьа ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ас еиԥш иҟоу апрактика ацәхьаҵреи азҵаарақәа зегьы ацивилизациатә мҩала аӡбареи рзы, мап анакәха, ҳара ԥхьатәи ҳԥеиԥш ашәарҭара ду иҭаҳаргылар алшоит», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит лара.