Аҟәа. Абҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иахьа, асааҭ 15:20 рзы, Израильтәи аҳаиртә мчқәа аоккупациа зызуу шьамтәылатәи Голан аҟынтәи ажәылара иҟарҵаз инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Дамаск араион Мезеи, Дамаск араион Кудсаии, Дамаск иаԥну ақыҭаҭыԥқәеи рҿы анхарҭатә хыбрақәа жәпакы ааха рырҭеит, иҭахеит жәохәҩык рҟынӡа ауаа. Жәафҩык ауаа ааха роуит, аҳәсеи ахәыҷқәеи уахь иналаҵаны. Анхарҭатә ҭыԥқәеи ааигәа-сигәа игылаз аҩнқәеи ааха ӷәӷәа роуит.
Дамаск иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара Мезе араион иалахысит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа амазаратә ԥхасҭа аиуит: аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ икабинет асаркьа ԥҽуп, иара убас Ацҳаражәҳәарҭа актәи аихагылаҿы асаркьашәқәа ԥҽуп. Насыԥны, Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адагьы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә хаҭарнакра.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазныкгьы ирықәыӡбоит Израиль аганахь ала ас еиԥш иҟоу азакәани агуманизми ирҿагылоу аусмҩаԥгатәқәа, насгьы иаарласны асеиԥш иҟоу аҳаиртә жәыларақәа аанкылазарц ааԥхьара ҟанаҵоит. «Ҳара ҳгәы иаанагоит, иарбанзаалак агәҭакы бзиа, мамзаргьы агрессиа азакәанҟазшьа аҭаразы аҽазышәарақәа риашатәра шалымшо», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәмҭа аҿы. отмечается в заявлении МИД РА. Прочитано 288 раз. Последнее изменение 16.11.2024.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/13768-sotrudniki-posolstva-abkhazii-v-damaske-ne-postradali.
© АПСНЫПРЕСС.