АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2024

Ауаажәларратә палата еиҿагылоу атәыла аполитикатә мчрақәа рахь аимак аӡбаразы аиҿцәажәарақәа рахь ииасырц азы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ҩаԥхьа атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿагылара ҳара зегьы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ҳҭанаргылеит – Арсепублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара ашәарҭара иҭагылоуп! Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи ринститутқәа русура аиԥҟьара  - ари атәыла аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара ахь уназго мҩаны иҟам». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент,атәыла Анапхгара, иара убас аполитикатә партиақәа рахь иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы.  

«Аԥсуа жәлар иреиӷьу рҵеицәа ршьала иааргаз аҳәынҭқарратә шьақәгылара, асуверенитет, ахьыԥшымраҳауаажәларратә еилазаареи зегьы рзы акырӡа аанагоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа.

Ауаажәларратә Палата иарбоу аполитикатә еиҿагылара иалаху аганқәа зегьы рахь аимак аӡбаразы аиҿцәажәара мҩаԥыргарц, иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазыдырхынҳәырц азы ааԥхьара ҟанаҵеит. «Ажәлари ареспубликеи рлахьынҵазы аҩ-ганкгьы аҭакԥхықәра рыдуп, убри аҟнытә иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазырхынҳәтәуп», -ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара атекст аҿы.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанԥҵареи инарықәыршәаны хара имгакәа ахада иалхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара шыԥҵәатәу ҳасаб азуны, ҳара иахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русуреи аполитикатә диалоги реиҭахацыркра», — ҳәа иаҳәоит Ауаажәларратә Палата иҟанаҵаз ааԥхьара атекст.

 

 


Read 144 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.