pressadmin-2
Ауаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара абжьаҟазара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 17 рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟаз гәыԥҩык адепутутцәа Сократ Џьынџьал напхгара зиҭо Ацуаажәларратә Палата аусуратә гәыԥ алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы ауаажәларра-политикатә кризис аҭышәынтәалара азы абжьаҟазаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны еицынагӡахо ауснагӡатәқәа ркоординациа амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп, уи ыҟоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи алҵшьазы иҟаҵатәууи рзы Аԥсныпресс азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
– Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәгәаанагарала атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иамоузеи?
– Аслан Бжьаниа: «Рҽеишьа змам ҳәа макьаназы акгьы ҟамлаӡеит. Зегьы ҳҿаанкыланы, апауза ганы цқьа ҳхәыцроуп. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп, уи ыҟоуп. Араҟа шәарҭарас иҟоу, ҳара ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр ахьалшо ауп.
Сара исҳәарц исҭахузеи, аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу еилкаауп ҳәа анысҳәо? Сара иҟасҵаз ажәалагала, даҽазныкгьы еиҭаҟасҵар сылшоит.
Ари ажәалагала ҵакыс иамоу уи ауп: апротест мҩаԥызго ауаа иааныркылаз анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанрыжьроуп, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламенти рыла иахәҭоу анормативтә актқәа рыдкылахоит. Ҿыц алхрақәа рымҩаԥгара рылаҳәахоит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имаҵуратә зинмчы ааныжьреи Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала алхрақәа рылахәхареи дазхиоуп.
Аганқәа иааҟәымҵӡакәа ажәлар ргәаанагара ахь азхьарԥш ҟаҵо иқәгылоит, ҳтәылауаа рыдгылара рымоуп ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Иарбоу азҵаараҿы зегьы аҭыԥ иқәзыргыло алхрақәа роуп. Алхрақәа иаҳдырбоит милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарра Ахадас ирбарц ирҭаху. Абас еиԥш ауп сара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас избогьы. Макьана уи ҳхы иаҳархәар ҟалоит.
Сара ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит ахшыҩзышьҭра арҭарц исҳәо зегьы.
Ҳаҭыр зқәу сџьынџьуаа, апровакациақәа шәыҽрылашәымгалан. Изакәаным, зинда имҩаԥырго амитингқәа шәхы рылашәмырхәын. Ҳара уажәы уи ҳҭахӡам. Уажәы ҳтәыла ҳанахӡыӡааша, Ҳаԥсадгьыл анаҳахьчаша аамҭа шьақәгыланы иҟоуп. Уи ашәарҭара иҭагылоуп. Ас еиԥш иуадаҩу аҭагылазаашьа аҿы иҟалеит ҳ-Аԥсадгьыл аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара зҽазызшәаз ауаа ирыхҟьаны. Макьаназы зегьы аҭыԥ иқәаҳҵартә еиԥш аамҭа ҳамоуп. Абас ала сара актәи азҵаара аҭак ҟасҵоит».
– Иаҳҳәап, апротекст ҟазҵо ауаа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ааныжьра мап ацәыркыр, усҟан атәыла анапхгара уснагӡатәқәас иҟанаҵо арбан?
– Апроблема цәырҵыр уи аӡбарагьы ҳалҳаршоит. Аусура цоит, абжьацәажәарахь иадыԥхьалоуп ауаажәларратә усзуҩцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, аԥышәеи ақәреи змоу ауаа, Аԥсны апатриотцәа. Ҳара ахычҳара ҳамоуп, ҳааԥшып. Макьаназы аус ааулоит иарбоу ахырхарҭа ала.
– Иҟоу аҭагылазаашьа аҿы раԥхьа иргыланы иарбан хыдҵақәоу атәыла анапхгара аҿаԥхьа иқәыргылоу?
– Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа ҳҭагылоуп. Зегьы аштаттә режим ала аус аулароуп – азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәеи амедицинатә усбарҭақәеи, арбџьармчқәа рҭагылазаашьа ахылаԥшра амазароуп, ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара алыршазароуп. Арҭи егьырҭ азҵаарақәеи атәыла анапхгара иаӡбалароуп, уи иарбоу ахырхарҭала аус ауеит. Аха, анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аанызкылаз ауаа ирыхҟьаны, иарбоу азҵаарақәа рыӡбара еиҳа иуадаҩхашт.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: абҵара 15 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахаҿсахьа ааха анаҭоит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абҵара 15 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа азакәантә мчра ахҳәаразы аҽазышәара аҳасабала иахәаԥшуеит. Иҟалаз ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахаҿсахьа ааха анаҭоит, ҳстратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иҽеимкәа ианыруеит.
Аслан Бжьаниа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит, ҳара зегьы уи азин мҩахь иҳаргьежьуеит», – ҳәа аиҳабыра алахәылацәа алархәны Тамшь имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Аҳәынҭқарра Ахадеи анапхгареи рахҳәара аҽазышәара шыҟазгьы, шәареи ҳареи ҳусура иацаҳҵоит, уимоу, иҳарӷәӷәоит. Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәеи иқәҵарақәеи нашәыгӡала», — ҳәа иҳәеит иара. Аслан Бжьаниа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа рықәыӷәӷәара алыршатәӡам ҳәа иԥхьаӡоит.
«Дыҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада, иҟоуп азакәан, иҟоуп Аԥсадгьыл, уи ҳара иҳахьчароуп», – ҳәа иҳәеит иара. Уи иара убас амчратә структурақәа русзуҩцәа зегьы аҭыԥқәа рҿы иҟоуп, рмаҵуратә уалԥшьа нарыгӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
«Агәабзиарахьчара Аминистрра абжьааԥнеиԥш аус ауеит. Сара сҭелқәа аҿакуп, сымадаразы уадаҩра ыҟаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Уи абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан зынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 14-ҩык атәылауаа ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит. Зегьы иахәҭоу амбулатортә еиԥш астационартә медицинатә цхыраара роуит.
Афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсны афымцамч азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иааиуа амчыбжь анҵәамҭазы 650 миллион мааҭ раҟара шшәатәу Аԥсны фымцамчыла ашықәс нҵәаанӡа аиқәыршәаразы.
Уи адагьы Џьансыхә Нанба Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза атехникатә ган ала аҳаирпланқәа рыдкылара иазхиоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аслан Бжьаниа: «Ҳара Аконституциа еилаҳго ҳалагар, иахьатәи апроцессқәа азинтә мҩахьы иаҳмыргьежьыр, ҳҳәынҭқарра аиқәырхара цәгьахоит».
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Тамшь ақыҭан имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи идгылаҩцәеи реиԥылара. Иара ицын атәыла Ахада Ихаҭыԥуаҩ, Апарламент Аиҳабы, гәыԥҩык адепутатцәа, аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Тамшь ақыҭа ашкол адәаҿы еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, Аслан Бжьаниа иҳәеит:
«Ҳыҭыр зқәу аҩызцәа, закәанмҩала иалху Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны дыҟоуп, џьаргьы далҵны дымцаӡеит. 2014 шықәсазы иҟалаз асценари (2014 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны, атәыла ахада Александр Анқәаб иҭакԥхықәра аанижьит, АП азгәаҭа.) еиҭаҟалаӡом. Аҳәынҭқарра Ахада иҭакԥхықәра ааныжьразы изакәантәым аӡбара рыдыркыларц азы адепутатцәа рҟны ақәыӷәӷәара ду ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара. Раԥхьа иргыланы исҳәарц исҭаху, ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылаӡом, иҩбахаз, уи рыдыркыланы иҟаларгьы, иара анагӡара аиуӡом.
Сара исҭахӡам иахьа Шәара агәаанагара шәурц сара амаҵураҭыԥ сахьынҳалоуп ҳәа. Мап, сара исҳәарц исҭаху абри ауп: аконституциатә форма змоу аҿиара ҟамлар, ҳара Аконституциа еилаҳго ҳалагар, иахьатәи апроцессқәа азинтә мҩахьы иаҳмыргьежьыр, ҳҳәынҭқарра аиқәырхара акыр ицәгьахоит. Убри аҟнытә аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара рҽазысшәаз анапхгаратә хыбрақәа ааныжьны иқәҵыроуп, убри ашьҭахь сара алхрақәа рымҩаԥгареи ԥхьатәара сышцои рзы аӡбамҭа сыдыскылоит. Атәыла аамҭала напхгара аиҭалоит атәыла Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Сара алхра ҿыцқәа раан скандидатура ақәыргылара сазхиоуп, усҟан ауаа рхала ирҳәааит хадас иалырхуа. Ажәлар иалырхуа ала аиаша шьақәгылааит. Араҟа уаҳа даҽакала аҭагылазаашьа алҵшьа амаӡам. Иҭабуп шәахьысзыӡырҩыз».
Роберт Киут: ҳара зҳәатәы наҳагӡало адҵаҟаҵаҩ Хада дҳамоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа рҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа рҿы ааха зауз, Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоу иҷыдоу аҟәшеиҵа ахаҭарнак диҭааит.
Роберт Киут аруаҩ иааирԥшыз апрофессионалра азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит..
«Сара даара сеигәырӷьоит ҳаҷкәынцәа зегьы иахьа абас еиԥш агәазҭазаара ахьрымоу, рыпрфессионалтә уалԥшьа анагӡара азы иахәҭоу зегьы ахьыҟарҵо. Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥ аҿы дыҟоуп, ҳара зегьы закәанла иҳаду ҳнапынҵақәа наҳагӡоит, зегьы маншәалахоит, ҳажәлар цхыраарада иаанҳажьӡом.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан ааха зауз дырҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, абҵарамза 16 рзы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едурд Быҭәба абҵарамза 15 рзы анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс аҿаԥхьа иҟалаз аидысларақәа раан ааха зауз дырҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр апациентцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит. Зынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 14-ҩык атәылауаа. Зегьы иахәҭоу амбулатортә еиԥш астационартә медицинатә цхыраара роуит.
Леонид Чачба: аҵарауаҩ, асахьаҭыхҩы, археолог, аҟазараҭҵааҩы.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 16 рзы иналукааша аҵарауаҩ, археолог, аҟазара аусзуҩ, аҟазарадырра адоктор, апрофессор Леонид (Лео) Алеқсеи-иԥа Чачба-Шервашиӡе (16.11.1910 - 23.07.2003 шш.) диижьҭеи 114 шықәса ҵит.
Иара аҭауад Алеқсеи Дырмит-иԥа Шервашиӡеи Тереза Мырзаҟан-иԥҳа Лакербаи рԥа иакәын. Диит Париж ақалақь аҿы, аха 1916 шықәсазы иара иҭаацәа хынҳәуеит Аԥсныҟа. Лео Чачба данқәыԥшыз инаркны асахьаҭыхратә ҟазареи алитературеи акыр дрызҿлымҳан, аинтересс икын. Абызшәақәа рҵара даналага, иара ибзиаӡаны идыруа далагеит аурыс бызшәеи афранцыз бызшәеи, идыруан аԥсуа бызшәеи ақырҭуа бызшәеи. Аҵара иҵон Тифлисстәи афранцызтә лицеи аҿы, ԥыҭрак ашьҭахь Аҟәатәи аԥсуа школ аҿы, анаҩс Аҟәатәи аиндустриалтә техникум аҿы. Данқәыԥшыз Леонид аԥсуа лакәқәа рзы аиллиустрациақәа аԥиҵеит, аԥсуа нбан, иара убас А.Фадеев ииҩыз аҭоурых азы арҵагашәҟәы асахьаҭыхҩыс дҟалеит. 1936 шықәсазы иара иҵара иациҵеит Аихамҩатә транспорт азы Қарҭтәи Аинститут аҿы, аамҭак ала Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә археологиеи аетнографиеи рмузеи аҿы аус иуан. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Леонид Шервашиӡе афронт аҿы деибашьуан, ахәрагьы иоуит. 1945 шықәса инаркны иара Кавказнҭыҵтәи аихамҩа Аусбарҭа аҿы аус иуан, хышықәса рышьҭахь ақырҭуа ҟазара Аинститут аспирантура дҭалеит, уаҟа уи ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа атәы иҵон.
1951 шықәса инаркны иара убри аинститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуан. 1957 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа Леонид Алеқсеи-иԥа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабы имаҵураҭыԥ аҿы, анаҩс археологиеи аҟазареи рыҟәша аиҳабыс аус иуан. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы, анаҩс Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы (1965 – 1992 шш.) антикатә литература аҭоурых азы алекциақәа дрыԥхьон, иара убас Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿы рҵаҩыс аус иуан.
Лео Шервашиӡе инаукатә усура аусхкқәа жәпакы амҽханакуан: ашәышықәсабжьаратәи аҿыханҵа, археологиеи архитектуреи, иара убас иҿыцӡоу аҟазареи. Аԥснытәи акультура абаҟақәа рыҭҵаара аус аҿы иара илагала ахә ашьара уадаҩуп. Иара ила иаарԥшыз, иҭҵааз аҭоурыхтә обиектқәа жәпакы аҟазараҭҵааратә литература аҿы рхатә ҭыԥ ааныркылеит. Адгьылхыхьтәи аҭҵаарақәа реиԥш иара ажәытәӡатәи Аҟәа аӡаҵантәи археологиатә обиектқәагьы ҭиҵаауан, аӡаҵатәи аргыламҭақәа рыхсаала еиқәиршәеит.
Аслан Бжьаниа: Сара Аԥсны сыҟоуп, апровокациақәа шәыҽрышәымҭан, ҳара аринахысгьы аџьабаа ҳбалоит арҭ ахҭысқәа рылҵшәақәа раԥыхразы.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рахь ихы рханы Аԥсны анапхгара аринахысгьы русура шынарыгӡо азы ааԥхьара ҟаиҵеит. «Иахьа имҩаԥысыз ахҭысқәа ҳреспублика ҩаԥхьа даара иуадаҩу апроблемақәа азцәырнагеит.
Ауаажәларратә палата еиҿагылоу атәыла аполитикатә мчрақәа рахь аимак аӡбаразы аиҿцәажәарақәа рахь ииасырц азы ааԥхьара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ҩаԥхьа атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿагылара ҳара зегьы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ҳҭанаргылеит – Арсепублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара ашәарҭара иҭагылоуп! Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи ринститутқәа русура аиԥҟьара - ари атәыла аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара ахь уназго мҩаны иҟам». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент,атәыла Анапхгара, иара убас аполитикатә партиақәа рахь иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы.
«Аԥсуа жәлар иреиӷьу рҵеицәа ршьала иааргаз аҳәынҭқарратә шьақәгылара, асуверенитет, ахьыԥшымраҳауаажәларратә еилазаареи зегьы рзы акырӡа аанагоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа.
Ауаажәларратә Палата иарбоу аполитикатә еиҿагылара иалаху аганқәа зегьы рахь аимак аӡбаразы аиҿцәажәара мҩаԥыргарц, иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазыдырхынҳәырц азы ааԥхьара ҟанаҵеит. «Ажәлари ареспубликеи рлахьынҵазы аҩ-ганкгьы аҭакԥхықәра рыдуп, убри аҟнытә иҟоу аиҿагылара азинтә ҟазшьа иазырхынҳәтәуп», -ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара атекст аҿы.








