pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абырзен-римтәи еиқәԥара азы Аԥсны еизгоу акоманда аспортсменцәа  Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда иацны аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгақәа рхы аладырхәуеит.

Аизгақәа ирылагеит лаҵарамза 17 рзы. Урҭ рашәарамза  3 рҟынӡа имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 110 шықәса раԥхьа диит актиор, адраматург, арежиссиор, Асовет Еидгыла жәлар рартист, аԥснытәи амилаҭтә апрофессионалтә театр раԥхьатәи аусзуҩцәа иреиуаз Шәарах Ԥачалиа (1914–2000 шш.).

Ирҿиарамҩа алагамҭа

Заԥхьаҟа иартисхараны зынасыԥ иалаз Шәарах Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.. Араҟоуп ихәыҷра ашықәсқәа ахьихыигаз. Ашколтә театралтә қәгыларақәа, иҩызцәеи иареи ашьапылампыл реицасра, ахәмаррақәа… Усҟан ари Аацытәи ақыҭаҷкәын адунеи аҟны еицырдыруа, Асовет Еидгыла Жәлар рартистны дҟалоит ҳәа ухаҿы иузаагомызт.

Шәарах Ԥачалиа иактиортә мҩа алагеит 1931 шықәсазы. Усҟан Шәарах далгоит Аҟәатәи адраматә студиа, араҟа уи ирҵаҩцәа дреиуан еицырдыруаз аԥсуа милаҭтә культура аусзуҩ нага Кондрат Ӡиӡариа, анаҩс аҵара иҵон В. И. Домогарови К. Ф. Ӡиӡариеи рыҟны. 1939 шықәсазы Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатр иатәыз атеатртә студиа далгеит.

Артист аԥсуа ахәаԥшҩы иареи раԥхьаӡа реибадырра ҟалеит 1931 шықәса рзы. Усҟан иара, зынӡа иқәыԥшыз астудент, Самсон Ҷанба иқәыргыламҭа «Кьараз» аҿы ароль хадақәа руак дыхәмарит. Ҳәарада, актиорра илахь ианын уҳәар ҟалоит, инаигӡоз арольқәа зегьы идыршаҳаҭуан абаҩхатәра ду шилаз. Иаԥхьаҟа изыԥшын хыԥхьаӡара рацәала арольқәа – атеатр аҟны еиԥш, акино аҿгьы.

1931–1961-тәи ашықәсқәа, нас 1966 шықәса инаркны Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа – Самсон Иаков-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актоирси арежиссирси дыҟан. 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа Аԥсуа драматә театр адиректорс аус иуан. 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит.

 «Ахәаԥшыҩ уи игәра игон»

Шәарах Ԥачалиа иколлегацәа ишыргәаладыршәо ала, уи уианиабадырлак ашьҭахь иаразнак еилукаауан иара актиорс аҟалара илахьынҵаны ишыҟаз. Иара аԥсуа публика даара бзиа дырбон, имеихсыӷьуаз анапеинҟьарақәа рыла дрыдыркылон, дагьынаскьаргон. Аиҳарак ахәаԥшцәа ргәаҿы иаанхеит уи инаигӡаз Иаго ироль, Шекспир ипиеса «Отелло» аҟны ихадоу аперсонажцәа ируаӡәкыз.

«Шәарах убас дыхәмаруан, уи ироль угәаҵанӡа инамӡар ауамызт. Ахәаԥшыҩ уи деиликаауан, ахәаԥшыҩ уи игәра игон», – ҳәа аинтервиуқәа руак аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны жәлар рартистка, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵаҩы Софа Агәмаа.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлааԥҳа напхгара зылҭо аделегациа Ҭаҭарҭан Ахада Русҭам Миннинханови Ҭаҭарсҭан Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатеи  рааԥхьарала ҳаҭыр зқу асас иаҳасабала   XV Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum» аусура ахы аланархәуеит.  

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә Центр «Казань Экспо» аплошьадка аҿы. Афорум  мҩаԥысуеит  2009 шықәа инаркны, 2023 шықәсазы уи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин  иӡбамҭала афедералтә статус аиуит.    

Аусура алагеит Ҭаҭарсҭан Ахада иԥыларала. Уи, ахәҭакахьала, асасцәа дырԥыло афорум рхы ахьаладырхәыз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Убри аан уи ахәаахә-ра-ааглыхратә Палатақәа аусдкылара аҿиара аус аҿы инарыгӡо ароль ахадара  инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит.

Уи азы Аусԥҟа лаҵарамза 15, 2024 шықәса рзы инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа,  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аофициалтә усмҩсԥгатә.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҿиараҟны иҟарҵаз алагалазы.

 

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

Бзиала шәаабеит! Иахьа гәахәара дула иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны: анаука, акультура, агәабзиарахьчара, аҟазара, аспорт, аҵараиураҟны, ҳҳәынҭқарра аргылареи Ҳаԥсадгьыл аинтерсқәа рыхьчареи рыҟны зааԥсара рацәоу, злгаламҭа дуу ауаа.

 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

Аԥсны жәлар рҿаԥхьа иҷыдоу абарҭ шәылшамҭақәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсоуп аҟнытә ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден.

Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳтәылаҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭон. Иахьа ара ҳаиқәшәеит Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵара иазықәԥоз, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз иналукааша ауаа иҭабуп ҳәа шәаҳәарц азы. Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭуп, ахьыԥшымра азхаҵоуп, аҿиара амҩа иануп.

Ара иҟоуп зхы иамеигӡакәа, хацәнмырхаҵәҟьа короновирус апандемиа иаҿагыланы, апрофессионализм, агәымшәара, аҭакԥхықәра ду аарԥшны шәҩыла ҳауаажәлар реиқәырхара зылшаз. Ари азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 16 рзы Ҭҟәарчал ақалақь, Иу. Н. Воронов ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 аҿы  ихыркәшахеит асоциалтә проектҟаҵара арҵара иазку ҩымштәи атренинг.  Апроект нагӡахоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки рыла.

Атренинг аспикер, аҿартә еиҿкаара IQan ахантәаҩы Мате Цквитариа 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа идирдырит асоциалтә проект аус адулара ашьаҭақәас иамоу, уи аҵакы, аформа, аҷыдарақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. Анаҩс ашкол аҵаҩцәа акомандақәа рыла рҽеихыршеит, урҭ хазы-хазы рхатәы социалтә проект аиқәыршәара рҽазыршәеит.  Иахьа акомандақәа аӡбаҩцәа ирыдыргалеит русура алҵшәақәа, аусураан ирызцәырҵқәаз ауадаҩрақәа, иқәдыргылаз ахықәкқәа, ирымаз аресурсқәа, уҳәа ирылацәажәеит, иара убас ахарџьынҵа еиқәдыршәеит.

Апроектқәа рыхьчара ашьҭахь, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки  русзуҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа аиааира згаз акоманда алнакааит. Уи аҿартә клуб аԥҵара иазку  апроект ҟазҵаз акоманда «Гении мысли» акәхеит.   Апроектҟаҵаҩцәа ҿарацәа афинанстә дгылара роураны иҟоуп.

Аиааира згаз акоманда иалахәыз ражәақәа рыла, дара русура аҿартә клуб ахьыҟам рықалақь аҿы даара актуалра злоу акакәны иҟоуп.

«Аклуб апроект аҟаҵара аидеиа – Ҭҟәарчал аҿар рыбжьара аибабареи аҿиареи рзы зегьы рыла иманшәалоу, ҳаамҭа иақәшәо аҵакыра аԥҵара ауп.  Иарбоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар арҿиаратә аланахаларақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рыла рхы аарԥшра азы алшара роуеит.

Апроект акультуратә ҿиареи ауаа ҽыц рдырреи реибадырреи рзы алшара аԥнаҵоит», -ҳәа ирҳәеит дара.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 – 16 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы арҵара-зыҟаҵаратә тренингқәа рцикл иацҵахеит.  

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офиси Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи рааԥхьарала аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигон Испаниатәи аексперт Емилио Пеиро. Иҳаҩсыз ашықәс азы иара аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигахьан, уи Аԥсны аӡахәааӡаратә усхкы аҷыдарақәа зеиӷьаҟам ала идыруеит.  

Емилио Пеиро имҩаԥигаз атренинг 30-ҩык рҟынӡа   аӡахәааӡаҩцәа еиднакылеит, уи ааԥынтәи аамҭахәҭа азы актуалра злоу атемақәа ирызкын.  

Атренинг актәи амш азы хадара злоу аетапқәа раҳасабала ааԥынтәи аҵиаақәа реилыхра атехника иалацәажәеит. Ахәҭакахьала, абарҭ аспектқәа ирыхәаԥшит:  аҵиаақәа реилыхра азы еиҳа иманшәалоу аамҭа; ихымԥадатәиу аинструментқәа; ажь аӡахәа аструктуреи аҽаҩраашьҭреи риӷьтәреи  рзы амахәқәа ииашаны реилыхра; аҵиаақәа аҳауа рыбжьысра аиӷьтәреи ачымазарақәа рацәыхьчареи рзы имыцху амахәқәа ииашаны рыхҵәара.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла артистцәа адирижиорцәа Нодар Ҷанбеи Мадина Чачхалиеи рнапхгарала аншлаг рыманы урыстәылатәи ақалақь Серпухов атеатр аҿы иқәгылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ  «Комсомольская правда.  Серпухов».

Ахортә капелла арепертуар аҿы иҟоуп – аԥсуа жәлар рашәақәа, еицырдыруа ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа раԥҵамҭақәа, аурыс музыка. Инагӡан иара убас аклассикатә репертуар аԥҵамҭақәа, ааигәа иаԥҵазгьы уахь иналаҵаны.

Арҿиаратә коллектив азыӡырҩцәа зеиӷьаҟам анагӡарала идыргәырӷьеит. Амузыкантцәа иҳараку рзанааҭдырратә ҟазара азгәарҭеит афестиваль аиҿкааҩцәагьы.

Акапелла артистцәа рықәгылара инарҭбаау апроект «Московский Пасхальный фестиваль» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан. Ари апроект ҳтәылақәа рыбжьара акультуратә диалог абжьаҵара иацхраауеит.   

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, абизнес-центр «Гәдоу-Плаза» аҿы иаатит Аԥсны Ахада иинформациатә Центр.

Аинформациатә Центр аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.

Акоординатор Милана Ҵәыџьба Аинформациатә Центр аусура ахықкқәеи ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.

«Аинформациатә Центр ахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларра еиҳа актуалра злоу азҵаарақәа рзы оперативла адырра рыҭара иазку иҿыцу, еиҳа аеффективра злоу асистема аԥҵара. Иарбоу аплошьадка Аԥсны аус зуа аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рыпресс-маҵзурақәа, иара убас  амассатә информациа ахархәагақәа аус рыцурала аинформациа аизгара, анализ азура, анаҩс  ауааажәларра рҟынӡа анагара иазырхахоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Авиациатә занааҭқәа рпопулиаризациа, иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы иҟоу аусуратә ҭыԥқәа рыдгалара  хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 16 рзы Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбраҿы аҳаирбаӷәаза анапхгараҭареи аусзуҩцәеи ақалақьи араиони руааԥсыреи реиԥылара  мҩаԥысит.

Аҳаирбаӷәаза ахархәара иҳараку аквалификациеи аԥышәеи реиԥш, аусуратә ԥышәа адагьы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи рыла аусуратә ҭыԥқәа  азԥхьагәанаҭоит.

Аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа иҟало авакансиақәа, иара убас акандидатцәа рахь иқәыргылахо азҵаарақәа, ахыдҵақәа, (ихымԥадатәиу аҵара, алшарақәа, адыррақәа, аԥышәа, уҳәа убас иҵегьы) ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иҭацәу аусуратә ҭыԥқәа рахь акандидатцәа рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.