pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь аҿы иҟоу иралсу амедицинатә цхыраара астанциа азы иҿыцу ҩ-машьынак аархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара астанциа автопарк ахәҭак ахьажәыз инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгара ирласу амедицинатә цхыраара автомашьынақәа ҩба раахәаразы аӡбамҭа аднакылеит. Мышқәак рышьҭахь автомашьынақәа иахәҭоу ашәҟәҭагалара мҩаԥганы ацәаҳәа ахь ицәырҵуеит. Аҟәа ақалақь ауааԥсыра агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, иҿыцу амашьынақәа ртехникатә ҟазшьарбагақәа рыла астанциа автопарк аҿы иҟоу егырҭ амашьынақәа акыр иреиҩсуеит ҳәа еиҭеиҳәеит.   

«Ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа амашьыналасқәа рбазала иҟаҵоуп. Уажәтәи аамҭазы, амҩадуқәа рҿы лассы-лассы иҟало аиԥынгыларақәа раан амашьына аманиоврра акырӡа аанагоит. Амашьынақәа аҵәыҵәритә системалеи асалон аҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи рыла еибыҭоуп. Уи зегьы апациент ианаамҭоу амедицинатә цхыраара иҭареи ахәышәтәырҭа ахь ирласны инагареи аус акыр иарманшәалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Џьопуа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс  Сариа Лакоба дижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы игылоу апрлитикатә репрессиақәа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, ареволиуционер, аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс, лаҵара 16, 1939 шықәсазы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит.

85 шықәса раԥхьа қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа зызхымгакәа зыԥсҭазаара иалҵыз Сариа Лакәаба дыргәаладыршәит Аҟәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны акриптовалиута арҳара иазку 99 аппаратқәа рыԥшаареи рымхреи рзы аоперативтә операциа мҩаԥыргеит.

Габлиа Римма Оҭар-иԥҳа  ԥшәымас дызмаз амаининг-ферма Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭанахатәы ҩны адгьылҵакыра аҿы аус ауан.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз, Аԥсны атәылауаҩ Деинеки Е.И. Машин зыԥсҟы икыз автомашьына Mercedes-Benz S320 ааныркылеит.

Амашьына агәаҭараан уи аҩныҵҟа иҭаҵәахыз амаининг аппаратқәа Whatsminer M30S хԥа рыԥшааит.

Аҟәа Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Сариа Лакоба (Џьих-оглы) – иналукааша аԥснытәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аԥсны жәлар ркоммисариатқәа Рхеилак ахантәаҩы, Аԥснытәи АССР Анагӡаратә Комитет Хада (ЦИК  СССР) ахантәаҩы Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс, иҩыза иаша диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит.  

Сария Лакоба (лыӡӷабраан Сарие Џьих-оглы)  диит 1904 шықәсазы амал змаз аҷаруаҩ Аҳмед-Мамед Џьих-оглы иҭаацәараҿы. Сариа лынахыс аҭаацәараҿы ирызҳауан даҽа фҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәара амал зкыз ракәны иԥхьаӡан: Баҭым аԥшаҳәаҿы аҩнқәа рызгылан, урҭ қьырала иарҭон, ирыман иара убас рхатәы чаӡырҭеи адәқьанқәеи. Сариа лан – Мелеқ Ԥаҭланӡиаԥҳа даԥсыуан, Очамчыратәын. Уи быжьҩык ахәыҷқәа ааӡара бзиаӡа рылҭеит.

Сариа илнасыԥхараны иҟаз Нестор Лакоба раԥхьаӡа акәны дылбеит Баҭым, 1920 шықәсазы дара рыҩны даннеи. Усҟан Нестор англыз аккупациатә мчрақәа дыркразы ишьҭан.  Иара ҩызас диман лара лашьеиҳаб Аки, уи иоуп иҩыза – аԥсуа арԥыс зыҩны дызҵәахуаз. Сариа усҟан жәохә шықәса ракәын илхыҵуаз. Аҭыԥҳа ԥшӡа дкахәхәа, лыбла қаруақәа ҭыԥххаауа, лыхцәы еиқәаҵәа жәпаӡа, Нестор дшынлыхәаԥшыз еиԥшҵәҟьа иаразнак дигәаԥхеит, Сариагьы лылаҿы дааит агәымшәара злаз ареволиуционер қәыԥш. Аҩыџьагьы еицыбналеит.

Азныказы Сариа лани лаби, аиҳарак лашьцәа урҭ реибагара ргәы иахәомызт, аха хәыҷы-хәыҷла ргәашыра еиқәтәон, ишнеиуазгьы Нестор иаԥсоу маҳәык иаҳасабала дрыдыркылеит. Ачара руит  1921 шықәса рзы, Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь.  

Сариа Нестор даниццоз ашколгьы далымгацызт. Аҵара лоуит аҩныҟа ҷыдала лара лзы Нестор ааԥхьара зиҭоз арҵаҩцәа рҟынтә. Аԥышәарақәа екстернла иаҭаны Сариа аттестат лоуеит. Сариа. Даара ирацәаны ашәҟәқәа дрыԥхьон, лҵара иазлырҳауан. Ԥсабарала илылаз ахшыҩи, агьама ҳараки, аҟыбаҩи, аҵареи аетикет адырреи анрыцла, абагәа илатәоу ахәац анхьычԥаԥырхо еиԥш ашьха-ҭыԥҳа Сариа, атәыла ахада иԥҳәыс ишлаҭәоу еиԥш, раԥхьатәи леди лакәны даақәгылеит», – ҳәа лыҩуеит Надежда Лиутахина, лессе «Сариа лыҩныҟа дхынҳәуеит» аҟны.

1921 шықәсазы Нестори Сариеи аԥа дроуит. Уи ихьӡырҵеит Рауф.

Сариа аиашазы даԥсаны аҳаҭыри апауи лықәын, уи даара аамсҭашәара злаз, агьама бзиеи адырреи  змаз ԥҳәысын. Сариеи Нестори рыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа зегь реиҳа ирацәаны иаҳзаанлыжьит лара лҭаца – лашьеиҵба Емды иԥҳәыс – Адиле Аббас-оглы, лышәҟы «Хашҭшьа сымам» аҟны. Лара лгәалашәарақәа рҟны Сариа даҳбоит згьама ҳаракӡоу ԥҳәызба ҟәышк лаҳасабала, иԥшӡаны аҽеилаҳәара инаркны аҩны аиҿкаашьа зеиӷьыҟам ала издыруаз лакәны.

«Лара ахьи абырлашқәеи рацәаны илыман, урҭ реиҳарак лашьцәа ҳамҭас илырҭақәоз ракәын, избанзар Нестор излаиԥхьаӡоз ала, уԥҳәыс амцхә «лырқьынцыцра» иаԥсам усын – аха, лара ахаангьы лырԥшӡага ссирқәа зегьы лхаҵаны џьара днеиуамызт, ԥхашьароуп ҳәа лыԥхьаӡон. Иаҳҳәап, зыхә ҳаракӡоу амацәаз лхалҵозар, алымҳарыҩқәа иаҳа имариқәааз алҭон. Аиҳабыра рыҳәсақәа лара илҿыԥшуан, илеиԥшны аҽеиҿкаашьа иашьҭан», – ҳәа лыҩуеит Адиле Аббас-оглы.

Сариа лассы-лассы аҳәсақәа лҭаауан, аҽырхиашьа аганахьала лабжьгарақәа раҳарц, ларгьы еснагь хра злаз абжьгарақәа рылҭон, убри аан аӡәгьы игәы нмырхакәа, илҳәоз зегьы ирхааны илҳәон. Лҭаца Адиле илабжьылгеит 1864 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Аамысҭашәала ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа» даԥхьарц. Сариа лхаҭа лакәзар, ари ашәҟәы ианыз ҿырҳәала илҵахьан.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы ихыркәшахеит аԥышәараҭаратә аамҭахәҭа. Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵараиурҭақәа рахь адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥысит. Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи абитуриентцәа Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофильтә ҵааиурҭақәа – Аҳәынҭқарратә  абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиеи Атәылауаҩратә хьчара Академиеи  ркурсантцәас аҟаларазы агәыӷра рыманы адкыларатә ԥышәарақәа рҭиуан. Иара убас аԥышәарақәа рҭиуан Иарославтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Университет аҭаларазы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Доусы иалырхыз аспециализациа инамаданы абитуриентцәа химиа, биологиа, физика, маматематика, уҳәа амаҭәарқәа рыла ирымоу адыррақәа рыҩаӡара аадырԥшуан.  Иҭало абитуриентцәа зегьы ирзеиԥшу адисциплинақәас иҟан аурыс бызшәеи абҩарҵәыратә зыҟаҵареи. Апретендентцәа зегьы иара убас апсихологиатә тестқәа иахысит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Оксана Лут Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрс лаҭара лыдиныҳәалеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала, ақыҭанхаҩа Аминистрра ахьӡала, иара хаҭала сара сыхьӡала, ҳаҭыр зқәу Оксана Николаи-иԥҳа, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи Аҳәынҭқарра Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иқәиргылаз ахыдҵақәеи ахықәкқәеи зегьы рынагӡара алыршареи.

Ари амаҵураҭыԥ ахагылара Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аганахьала агәрагара шшәымоу, Шәара ишәылоу анапхгараҭаратә баҩхатәреи аԥышәеи арҵабыргоит. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәзанааҭтә ԥышәа иабзоураны ари иҳараку, аҭакԥхықәра зцу амаҵураҭыԥ аҿы аихьӡарақәа раарԥшра шшәылшо», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алаҵаразы аџьықәреи аахәаразы 4 млн. мааҭ азоужьуп. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

«Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьания иҳаҩсыз ашықәс азы иҟалаз аарҩара иахҟьаны аҽаҩра ахьмаҷыз  инамаданы ақыҭақәа рҿы алаҵаратә кампаниа амҩаԥысшьа аилкааразы  анапынҵа ҳаиҭеит. Ақыҭақәа рхадацәа ҳанрыҿцәажәа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа, иара ақыҭауаа иааизакны алаҵаразы аџьықәреи маҷны ишрымоу еилкаахеит. Атәыла Анапхгара Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рқыҭақәа рзы 20-20 тонн алаҵатә џьықәреи аахәаразы аԥарақәа рыԥшаара алнаршеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Гәдоуҭа араион ахь  19 тонна ибзиоу алаҵатә  џьықәреи наргеит. Аџьықәреи ақыҭақәа рызшара иалагахьеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш лаҵарамза 18 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит акциа «Аҵх амузеи аҟны». Сынтәа ари акциа иалахәхоит Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи.

«Аҵх амузеи аҟны» – жәларбжьаратәи акциоуп, уи ҵакыс иамоуп амузеитә експонатқәа уахынла рыхәаԥшразы алшара аҟаҵара. Ари ауха адунеи амузеиқәа жәпакы хәыда-ԥсада урҭаар улшоит, рышәқәа аадыртуеит амра шааҭашәалак еиԥш ашьыжь ашара ҟалаанӡа. Аԥсны ари акциа иалахәхо амузеиқәа ҵхагәҭанынӡа иаартхоит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аатуеит асааҭ  11: 00 рзы.

 «Ҳара ҳмузеи аҿы «Сара гәахәарыла Сыԥсадгьыл ахь схынҳәуан» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит. Араҟа ицәыргақәҵахоит асахьаҭыхыҩ-аграфик Алеқсандр Чачба-Шервашидӡе ихатәы маҭәақәа. Даҽа цәыргақәҵак Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш иазкуп.  Амузеи иаҭаауа амузеи егьырҭ азалқәа рыҩнысреи егьырҭ, есымша аус зуа ацәыргақәҵақәа рыхәаԥшреи аинтерес рызцәынамгар залшаӡом», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит амузеи адиректор Аркади Џьопуа. Иара иажәақәа рыла, амузеи аусзуҩцәа ауснагӡатә рҽазыҟарҵоит. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит амузеи азалқәа рҿы шамаха иумбо аекспонатқәа.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  1929 шықәса Лаҵарамза 15, 1929 шықәса рзы диит аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Қырҭтәыла акоммунисттә партиа Аԥснытәи аобласттә Еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет Апрезидиум ахантәаҩы, 7, 8, 9-тәи Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Валериан Осман-иԥа Кобахьиа.

Валериан Осман-иԥа Кобахьиа диит лаҵарамза 15, 1929 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.  

1944 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә Институт,  1947 шықәсазы - Аҟәатәи арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. Уи даналга ашьҭахь усураҳәа ддәықәҵан Лыхнытәи абжьаратәи ашкол ахь.

1953 шықәсазы  акомҿартә усура дазырхан: Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1955 шықәсазы далхын Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс, нас актәи амаӡаныҟәгаҩыс.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.