pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥснынтәи афронт иаԥну Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь агуманитартә еидара адәықәҵара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иазку асеминар еиҿкаахеит  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) ацхырарала.

Асеминар рхы аладырхәит анџьнырцәа, аргылаҩцәа, иарбоу аусхкқәа рҿы аус зуа аспециалистцәа. Асеминар алахәылацәа аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит,  асептикқәа рыргылара аҷыдарақәа ирзааҭгылеит, аӡцарҭатә ӡқәа ринфильтрациа аметодқәа ирыхәаԥшит, иара убас афито-нџьныртә шьақәыргылагақәеи астабилизациатә аӡҭарчқәеи реиԥш иҟоу арыцқьаразы аԥсабаратә лшарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Аԥсныпресс 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» азинхьчаратә ҟәшеиҵа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцырхырааны акриптовалиута арҳара иазку 12 цыра аппарати уи афымцамч ала еиқәзыршәо амаругақәеи рыԥшааит.

Аппаратқәа рҟынтәи хԥа афымцацәаҳәақәа иаҿакын, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.

Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа ашәҟәҭагаларазы аршаҳаҭга бӷьыцқәеи анапаҵаҩратә бӷьыцқәеи рыҭан. Урҭ еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.

«Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит зхыԥхьаӡара 18-ҩык рҟынӡа инаӡо, атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа Бадра Гәынба аԥсуа дипломат Кафказ Аҭрышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит  Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16,  2024. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Пицунда ақалақь аҿы инхоз, 1995 шықәса рзы ииз, Курсктәи аобласт аҿы иҭахаз Михалиов Олег Олег-иԥа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Артиом Табариан аиҳабацәа рыбжьара ареспубликатә шахматтә турнир аҿы аиааира игеит. Ԥхынҷкәынмза  15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз атурнир рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи  34-ҩык ашахматистцәа.  

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Борис Наҟоԥиа (ақ. Аҟәа),  ахԥатәи аҭыԥ   – Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа).

Аветеранцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит Леонид Пак (ақ. Гагра, иара убас Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. «Аԥснытәи амилаҭтә еиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба ипресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 16 рзы.

Ажурналистцәа рԥылара аҿы ишьҭыхыз атема хадақәа ареспублика аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз акризиси иуадаҩу аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы анализ аҟаҵареи ирызкын.

Иҟалаз зхарада?

Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, аенергетикатә кризис мзыс хадас иамоу – аӡынтәи аамҭахәҭа азы Урыстәылантәи афамцамч аашьҭра азы аԥаратә хархәагақәа абиуџьет аҿы иазԥхьагәазымҭаз анагӡаратә мчра аусура ауп.  Уи аҟынӡа анеира зыхҟьаз, иара игәаанагарала, ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара-Апарламент ала Аԥсны аинтересқәа ирықәымшәоз Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аратификациа алыршахоит ҳәа инамыцхәны имаз агәрагара ауп. 

«Урыстәыла акагьы ахараӡам. Ҳара ҳауп иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәара злымшоны иаанхаз», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

«Аԥснытәи амилаҭтә еиҿкаара» ахантәаҩы агәра ганы дыҟоуп «Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи алигархцәақәак рҿаԥхьа зынагӡара алымшоз ахыдҵақәа ихахьы агара  аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы ауадаҩрақәа цәырнагеит ҳәа.

«Урҭ ауадаҩрақәа даҽа ганкгьы рымоуп. Иааит аамҭа, аиашьарала, аиҩызарала Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азы, убри аан урҭ аиашареи аԥсыцқьареи рыла ишьаҭаркызароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.  

Иҟаҵатәузеи?

Адгәыр Арӡынба  иҟоу атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәақәак рганахьала аусеиҵаҟьара аҽазышәарақәа шыҟоу умбар залшаӡом ҳәа иазгәеиҭеит. Урҭ аенергетика аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьаз абҵарамза 15-19 рзы аҭыԥ зауз ахҭысқәа роуп ҳәа  иазгәарҭоит, аха усҟан зегьы ишаадыруа еиԥш хыԥхьаӡара рацәала еизаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа  акы акун дҵас иқәдыргылоз – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҟынӡа аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ахәаԥшра аиагара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амилициа аусзуҩцәа ԥыхьатәи аҭаҭынааглыхратә фабрика аҵакыраҿы акриптовалиута арҳара иазку 8 аппаратк рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Акриптовалиута арҳара иазку 8 аппаратк аус зымуа ԥыхьатәи аҭаҭынааглыхратә фабрика ахыбраҿы ирыԥшааит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа  рминистрра  адипломат, аԥсадгьыл атәылауаҩ, апатриот, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи  Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Каваз Аҭрышба амца зхақьоуқьадуаз иабацәа рыдгьыл Аԥсны ахьчаразы даауеит. Хаҭала Аԥсны ар ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба инапаҵаҟа иҟаз, ирццаку аҭакҟаҵаратә ҟәша далахәны  деибашьуан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.