pressadmin-2
Аԥсны Ахада XXVIII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәара далахәын.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра XXVIII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәара далахәын.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин апленартә еилатәараҟны аҵак ду змоу аҳәамҭақәа жәпакы ҟаиҵеит.
Амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахаз Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив адиректор Николаи Ҭраԥшь Аԥсны анышә дамадахоит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 49-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив адиректор Николаи Ҭраԥшь. Иара дҭахеит рашәарамза 21 ахәылбыҽха Ростови Ставрополи еимаздо амҩаду аҿы иҟалаз автомашьынатә машәыр иахҟьаны.
«Аолимпиатә аҩра амш» азгәарҭеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликтә стадион аҿы ихацыркхеит атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир «Аолимпиатә аҩра амш». Аицлабрақәа Жәларбжьаратәи Аолимпиатә амш» азгәаҭара иазкуп.
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи 200-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Елакы.
Х-ҩык абаандаҩцәа рыбналара афакт азы ашьаусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусӡбараанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь рыиагараан хҩык абаандаҩцәа рыбналара афакт азы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аспортсменцәа кекусинкаи карате азы Нхыҵкавказтәи афедералтә Округ атурнир аҿы ахԥатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа кекусинкаи карате азы Нхыҵкавказтәи афедералтә Округ иаарту атурнир аҿы ахԥатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит. Атурнир мҩаԥысуан рашәарамза 20 – 23 рзы аҳабла Домбаи аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа» Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара аҿы аиааира ргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа » рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара аҿы акоманда «Четыре татарина», иара убас Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда (МАИ) ираԥасны аиааира ргеит. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит «Нарҭаа» ркоманда акаԥдан Ҭемыр Ҭаниа.
Бадра Гәынба: «Сара, Аԥсны атәылауаа реиҳараҩӡак реиԥш, атуризм Аминистрра аусзуҩцәа џьоукы ҳасасцәа рганахьала иҟарҵаз аҳәамҭа даараӡа исгәаԥхаӡом».
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи атуризм аминистри реиԥылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра атуризм аминистр Логәуа Асҭамыри иареи реиԥылараан атуризм аминистрра ачынуаа рҳәамҭақәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит.
Аԥсны аробототехника азы аицлабра "Атомтә код" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылара иалагеит.
Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Курчатов ихьӡ зху аробототехника азы аицлабра «Атомтә код» алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Аицлабра мҩаԥгахоит Обнинск ақалақь аҟны рашәара 27 инаркны ԥхынгәы 4 рҟынӡа. Абри атәы иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба.
«Атомтә код» - ари ахәыҷқәеи аҿари рдырратә зҿлымҳарақәа рыҿиареи анџьныртә занааҭқәа рыларҵәареи иазку аҵаратә проектуп. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 12 шықәса инаркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа.
Аԥсны Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерск араиони аиҩызара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Петербургтәи жәларбжьаратәи аеконмоикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Тҟәарчал араиони Ленинградтәи аобласт Приозерск араиони аиҩызара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Анапаҵыҩра ацеремониа алахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ленинградтәи аобласт агубернатор Алеқсандр Дрозденкои.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Ҭҟәарча араион ахада Исидор Дочиеи гЛенинградтәи аобласть Приозиорск араион ахада Алеқсандр Соклакови.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ибналаз Сергеи Ким иԥшаара рыланаҳәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ибналаз, 1990 шықәса рзы ииз Ким Сергеи Олег-иԥа иҟазаара аҭыԥ аилкаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААР апресс-маҵзура.








