pressadmin-2
Аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа аҵх зегьы аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿын.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иацы ауха иҟалаз аԥшацәгьа иахҟьаны Синоп аҳаблаҿы атрасса ианаҳалеит иҵырҩыз аҵлақәа хԥа.
Убри иахҟьаны сааҭқәак рыҩныҵҟа атранспорт аныҟәара аанкылахеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа оперативла ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеины амҩа дрыцқьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит. Аԥшацәгьа иахҟьаны иара убас ааха роуит афымцамҩангагақәеи атроллеибус ацәаҳәақәагьы.
Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзурақәа русзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы аҵх зегьы аус руан ҳәа еиҭеиҳәеит.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу афымцамч арцәара аграфик аиҭахәаԥшразы аҳәара ҟалҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.
«Уи ашколқәа рҿы иахьа иара усгьы имариам аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит, атәыла ашколқәа рҿы ауадақәа рырԥхаразы аиҳарак ахархәара зауа афымцатә рԥхагақәа ахьраку инамаданы, аҵаҩцәа рчымазахара иацнаҵоит. Есышықәса, аиҳарак аӡынтәи аамҭахәҭа азы ишьақәгыло ари аҩыза аҭагылазаашьа ахәыҷқәа ргәабзиара ашәарҭара иҭанаргылоит. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аҭагылазаашьа аганахьала 2024 шықәсагьы иаԥхьанеиуаз ашықәсқәа ишреиԥшхаз», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи аомбудсмен Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә Хеилаки иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аслан Бжьаниа Лисичанск ақалақь ракетала алахысра иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы дидышшылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Лисичанск ақалақь Украина Арбџьармчқәа рыла ракетала алахысра иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы Владимир Путин дидышшылеит.
Адышшыларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәалсра дула сшәыдышшылоит Лисичанск ақалақь иаланхоз 28-ҩык ауааԥсыра рҭахара инамаданы.
Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы акадртә проблема аӡбаразы аҳақьымцәа реиҭныԥсахлара амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ареспублика ақалақьтәии араионтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аилатәара амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылаз иреиоуп Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьақәгылаз акадртә проблема аӡбара азҵаара.
Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым Хада Индира Арсалиа лажәақәа рыла, аиҳарак ахирургиатә маҵзура аҿы аҳақьымцәа разымхара ыҟоуп. Уажәы ахәышәтәырҭа аҿы аус руеит х-ҩык ахирургцәа, урҭ руаӡәк хара имгакәа дцараны дыҟоуп. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иамоу ақәыӷәӷәара маҷӡам, аиҳарак аԥхынтәи аамҭахәҭа, акурортә сезон азы. Ҳара хымԥада ацхыраара ҳҭахуп», - ҳәа илҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Индира Арсалиа.
Едуард Быҭәба ари аҭагылазаашьа излауа ала ирласны аӡбара алыршатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара акадрқәа реиҭныԥсахлара, даҽакала иуҳәозар рротациа амҩаԥгара ҳхы иаҳархәоит. Уи аҟара ахирургиатә қәыӷәӷәара ахьырацәам ҳаҳҭнықалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ахирургцәа ыҟоуп. Аграфик шьақәыргылатәхоит. Ҳара Гагра ахирургиатә маҵзура аусура арԥсыҽра алҳмыршароуп», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Апарламенттә Еилакы аҿы «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан апроект иахәаԥшит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәан апроект иахәаԥшит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы. Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Иарбоу азакәан апроект астратегиатә обиектқәа ралкаареи рҳәаақәҵареи рзы азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылара иазырхоуп.
Илеиз аӡымҭҟьар афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рымҩангагақәа ааха рынаҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 5 нызықь кубометр инарзынаԥшуа аӡымҭҟьар ҩарқәа леит амҽыша ауха, жәабранмза 4 рзы акацар «Дагомыс – Лоо» иахьаҵанакуа.
«Адәыӷбақәа рныҟәара аанкылара анаҩс, аӡымҭҟьар ҩарқәа рлеира аинтернет аиқәыршәаҩцәа рфымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рцәаҳәеизак ааха анаҭеит. Убри инамаданы аҩнытәии амобилтәии аинтернет аусураҿы аиԥҟьарақәа цәырҵуеит.
Арепатриациеи аинвалидцәеи рфондқәа рбиуџьетқәа рзы азакәан апроектқәа аҩбатәи аԥхьарала адкыларазы абжьгара ҟаҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Арепатриациа Афонд 2024 шықәсазы абиуџьет азы», «1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд 2024 шықәсатәи абиџьет азы» азакәан апроектқәа ирылацәажәеит ашәахьа, жәабранмза 5 рзы абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы.
Аилак ахантәаҩы Дмитри Маршаниа имҩаԥигоз аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Арепатриациа Афонд ахантәаҩы Енвер Чамагәуа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Игорь Ахба ииублеи идырныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, 75-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҿы раԥхьатәи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара акавалер Игорь Ахба.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив аиубилиар идныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Ишәыдышәкыл Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала Шәара шәира Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа!
Даара иҳаракны ахә ҳшьоит аԥсуа дипломатиа ашьақәгылараҿы Шәара шәлагала, зыҩаӡара ҳараку шәзанааҭдырреи шәус гәк-ԥсыкала азнеиреи.
Шәара еиҵашәааӡеит иахьагьы Зыԥсадгьыл амаҵ азызуо иакымкәа-иҩбамкәа адипломат ҿарацәа рабиԥара.
2024 шықәсазы апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара» ала аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара азы ареспубликатә биуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ақыҭанхамҩа аминистр Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит 2023 шықәса раантәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы хықәкылатәи зыҿҳәара кьаҿыз апрограмма шхыркәшоу азы. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса рзы иазоужьыз аԥарахархәара шаҭаз азы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аинвестициазы ишьақәнарӷәӷәаз 100 млн. мааҭ иабзоураны, аусбарҭа 99,9 млн. мааҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра агроааглыхратә комплекс ихадароу асекторқәа рыҿиараҟны рхархәара алнаршеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Џьопуа.
Аҳасабырба ала, ақыҭанхамҩа ахырхарҭа хадақәа ируаку - аҵиааӡара иазоужьын 37, 5 млн. мааҭ, ҷыдала, 48,9 нызқь еиуеиԥшым аиҭаҳатә хкқәа раахәаразы, уахь иаҵанакуеит 25.381 шьапы амандарин, 114, 5 гектар, ари уаанӡа хархәара змамыз адгьыл ақәаарыхра алнаршеит. Иара убас, аиҭаҳатәқәа ҿыцқәа рыхьчаразы аанда акәыршазы иаахәан аҵәҩанқәеи, аихатә даҷи.
Беслан Џьапуа иажәақәа рыла, арахәааӡара иазоужьын 13,6 млн.мааҭ, уи иалнаршеит анхамҩақәа рахь арахә рыҭара, иара убас ашьхымӡақәеи ашьхақәеи раахәара, убриала ашьхааӡара аус адгылара аҭоуп.
Аԥсыӡааӡара знапы алаку анаплакқәа рыцхыраара иазоужьын 2 млн. мааҭк, аԥсыӡ наплакы иадҳәалоу амаҭәарқәа раахәарагьы убрахь иналаҵаны.
Афинанстә цхыраара ҟаҵан иара убас аҵиаақәа рыхьчаразы, аарыхратә техникатә база аԥҵареи арҿиареи рзы, имаҷу амеханизациа ахархәагақәа раахәаразы, иара убас аветеринартә маҵзурақәа рзы ареагентқәа раахәаразы.
«Арҭ ауснагӡатәқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩатә аархыра технологиала аиқәыршәареи ашәарҭадареи рыҩаӡара ашьҭыхра иацхрааит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммаҟны иҟоу аихьӡарақәа зыдҳәалоу ақыҭаҟны зхатә ус иаҿу ауаа рхыԥхьаӡара иахьазҳаз мацара акәӡам, Аԥсны Аҳәынҭқарра аграртә сектор аҟны иара убас ааглыхратә лшарақәа рыцҵара азгәаҭоуп.
«Ари алыршахеит ақыҭанхамҩатә аарыхра хықәкылатәи адгылара аҭареи атехнологиа ҿыцқәа ралагалареи ирыбзоураны. Ақыҭанхамҩа аминистрра еиқәыԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа рынагӡарала аҿҳәара ду змоу алҵшәа бзиақәа ирықәгәыӷуеит», – ҳәа иазгәаҭоуп аминист иҟаиҵаз аҳасабырба аҟны.
Абри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аминистрра 2024 шықәсазы иазԥхьагәанаҭоит аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара. Аминистрцәа реилазаара аҿы 29.12.2023 шықәсазы ирыдыркылаз Ақәҵарала абарҭ ахықәкқәа ирзоужьуп 150 млн мааҭ.
Данил Допуеи Дамеи Кархалааи зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәқәа ргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Данил Допуа аиааира игеит, Дамеи Кархалаа – араӡнытә аԥхьахә игеит 2009-2011 шықәсазы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.