АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:44

Аԥсны иахьаҵанакуа 152 алхратә ҭыԥқәа аԥҵоуп.

Аҟәа. Жәабранмза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵареи абжьыҭара актәии аҩбатәии атурқәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иазкыз абрифинг мҩаԥысит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аҿы.

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада  ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит имҩаԥгаз аусура атәы.

«Абжьыҭара аҟынӡа 10-мыш шыбжьоу Ареспублика Аԥснгы иахьаҵанакуа иаатраны иҟоу алхратә ҭыԥқәа зегьы иахьа инаркны аусура иалагоит. Алхыҩцәа рсиақәа акыдҵара иалагеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны иахьаҵанакуа зынӡа 152 алхратә ҭыԥ ҟалоит.

Жәабранмза 5 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ихадоу асиа иалагалоуп 135 – нызықьҩык алхыҩцәа.

«Урҭ Аԥсны иахьаҵанакуа иҭаҩу ауаа роуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы иажәақәа рыла, алхыҩцәа иахьарнахыс алхратә ҭыԥқәа рҿы инеины асиақәа рбар рылшоит. 

«Асиақәа рҿы шәшаным гәашәҭар, шәара уи азы акомиссиа алахәылацәа адырра рышәҭар ауеит, дара  анаҩс ихадоу асиа шәаларгалоит. Ҳара иаҳҭахуп иназыцҵоу асиақәа излауа ала имаҷны иҟаларц», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Аԥсны анҭыҵ иаԥҵахоит алхратә ҭыԥқәа хԥа: ҩба Урыстәыла (Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы), акы  Ҭырқәтәыла ақалақь Сақариа (Адаԥазары)  аҿы.

«Ҳара иарбоу алхратә ҭыԥқәа рыҿгьы акомиссиақәа реилазаарақәагьы шьақәҳарӷәӷәахьеит.  Уаҟагьы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Иарбоу алхратә ҭыԥқәа рҿы зыбжьы азҭаз иназыцҵоу рсиа ҳара иҳауеит абжьыҭара аҽны.  Аиҳарак Аԥсны анҭыҵ инхо Аԥсны атәылауаа араҟа ашәҟәы иҭаҩӡам, убри аҟнытә урҭ ихадоу асиа иҭагалаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы.

Иахьа инаркны Алхратә комиссиа Хада аԥснытәи аҭаҩра змам ареспублика атәылауаа абжьыҭаразы азин аршаҳаҭгақәа рыҭара иалагоит.

Дмитри Маршьан Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны аҽамхратә (аҽҭыҩраатә) бӷьыц аҭара азԥхьагәаҭаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Урҭ акыр ҵуеит иаԥыхижьҭеи.

 «Даҽа зныкгьы еиҭасҳәоит:  абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа Алхратә комиссиа Хада аҿы аиура зылшо Аԥсны иҭаҩым ареспублика атәылауаа мацара роуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аршаҳаҭга аиуразы Алхратә комиссиа Хада аҿы инеитәуп, ибжьи аиҭар ахьиҭаху алхратә ҭыԥ арбаны арзаҳал ҩтәуп.

«Ҳара арзаҳал алазҵаз атәылауаҩ аршаҳаҭга иаҳҭоит, уи иара убри аҽныҵәҟьа ихы иаирхәароуп. Абиуллетень аниоулак ашьҭахь иара иарбоу аршаҳаҭга акомиссиа алахәылацәа ирхынҳәны ириҭоит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандиданцәа зегьы алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы 10-ҩык рҟынӡа агәрагацәеи х-ҩык анаԥшыҩцәеи  рымазар ауеит.

Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа рыгәрагацәа уи азы аршаҳаҭгақәа роур алшоит Алхратә комиссиа Хада аҿы, анапшыҩцәа  – алхратә ҭыԥхадақәа рҿы.

«Уи зегьы зыҟаҵахо алхрақәа  ииашаны, иаартны, азакәан шьаҭала амҩаԥгара алыршаразы ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан

 

 


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.