АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:48

Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада аҿы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раламҭалазы Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада аҿы Урыстәыла алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараҿы Алхас Кәыҵниеи Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ареспублика Ахада иалхрақәа раан абжьыҭара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа рзы алхратә ҭыԥқәа ҩба аартхоит – Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы.

Елла Памфилова ишьақәлырӷәӷәеит акомиссиа аԥснытәи рколлегацәа иахьынӡалшо аиҿкааратәи атехникатәи цхыраара рыҭара ишазхиоу.  Алхас Кәыҵниа Елла Памфилова иҭабуп ҳәа леиҳәеит адгылара азы. Абри атәы аанацҳауеит адипломатиатә хаҭарнакра апресс-маҵзура.

Аԥсны Ахада заанаҵтәи иалхрақәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит.  Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала Аԥсныҟа иаауеит Урыстәыла Алхратә комиссиа Хада аделегациагьы.


Read 29 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.