АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 19:08

Бадра Гәынба алхрақәа рылҵшәақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба жәабранмза 2025 шықәсазы имҩаԥысуа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵурахьы акандидатцәа рыбжьара алхрақәа рылҵшәақәа алхратә процесс алахәылацәа зегьы ишеицазхарҵо азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩразы аԥшьгара ҟаиҵеит.

Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳара, Ареспублика Аԥсны Ахадарахь акандидатцәа  ари аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҩуа иарбоу аҭоурыхтә етап аҿы зегьы реиҳа ирыцку, ҳтәылауаа зегьы рзы акырӡа ихымԥадатәиу аҭышәынтәалара, аҭынчра ашьақәгылара, убри аан уи  алзыршо ҳара-ҳара ҳабжьара Аԥсны аҿиареи аизҳазыӷьареи рзы аҭынчреи аилибакаареи аҳра ауа аҟалара шаку еилаҳкаауеит.

Ҳара зегьы бзиа иаабоит ҳаԥсадгьыл, ҳауаажәлар, алхратә кампаниа алҵшәақәа ирыдҳәаламкәа иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп аиҿагыларақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы. Ҳара ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ҭынч мҩала имҩаԥысуа аполитикатә конкуренциа ауп иазхаҳҵо. Ҳара ҳадгылаҩцәа рахь аҭынчреи аилибакаареи раарԥшреи атәылауаҩратә еиҿагылара алмыршареи рзы ааԥхьара аҟаҵаразы аҭакԥхықәра ҳхахьы иаагоит.

Атәыла анапхгара ахықәкы хаданы иҟоуп – Ҳаԥсадгьыли уи ауаажәлари реизҳазыӷьара иазкны аусура, аиҿагылареи ашьакаҭәареи ралмыршара. Ҳаргьы иаҳҭаху убри ауп, ҭынчмҩала азҵаарақәа зегьы рыӡбара, аҭышәынтәалара, аҭынчра.

Ари аҳәамҭа ауаажәларраҿы иҟоу агәҭынчымра арԥсыҽра иацхраауеит, насгьы алхрақәа иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳанаҭоит.

Хыхь иарбоу зегьы ҳасаб азуны, ҳара жәабранмза 2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рылҵшәақәа алхратә процесс алахәылацәа зегьы ишеицазхаҳҵо азы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит». 

Бадра Гәынба зегь раԥхьагьы инапы аҵаиҩит ари Аиқәшаҳаҭра. Уи ари алхратә кампаниа аан оппонентс имоу Адгәыр Арӡынба алхрақәа рылҵшәақәа разхаҵареи арадикалтә шьаҿақәа рымҩаԥымгареи дшазхиоу азы ииҳәаз ажәақәа ахәшьара бзиа риҭеит.

 


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.