АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 18:46

Азинхьчаратә усбарҭақәа алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны алхырҭатә ҭыԥқәа рыхьчара еиҿыркаауеит.

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи апрокуратура Хадеи рахь «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхра азы» Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 15 инақәыршәаны, алхратә кампаниа амҩаԥгара аамҭа зегьы иалагӡаны, иара убас жәабранмза  15, 2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан Ареспублика Аԥсны аӡбарҭақәеи апрокуратура аусбарҭақәеи русура аиҿкааразы аҳәара ҟанаҵеит.

Алхратә комиссиа Хада иара убас ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рахь аҳәара ҟанаҵеит атәыла Ахада иалхрақәа раламҭалази алхрақәа амш аҽни алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы.   

Алхратә комиссиа хада иара убасгьы аҳәара ҟанаҵеит, алхратә комиссиақәа рылахәцәа мҩаԥыргарц абжьыҭара алҵшәақәа рзы апротоколқәа иреиҳау акомиссиақәа рахь рышьҭраан.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.

 

 


Read 15 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.