Иара еизаз иргәалаиршәеит Алхратә комиссиа Хада ала алхратә закәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагалақәа еиқәыршәаны Апарламент ахь ишынашьҭыз.
«Уаҟа 10 инареиҳаны ажәалагалақәа алагалан, «Зегьы рҿагылара» аграфагьы уахь иналаҵаны. Иарбоу аиҭакрақәа рыпроект актәи аԥхьараҿы мацара ауп иахьрыдыркылаз. Аҩбатәии ахԥатәии аԥхьарақәа макьана имҩаԥгаӡам. Убри аҟнытә аԥҟарақәа 2020 шықәсазы ишыҟаз еиԥшҵәҟьа ԥсахрада иаанхоит… Алхрақәа актәиии аҩбатәии атурқәа раан абиуллетеньқәа рҿы иарбахо аграфа «Зегьы рҿагылара» иаанаго актәи атур аҿы аиааиразы иахәҭоуп алхрақәа рахь иааиз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 50% иацҵаны 1% рыбжьы аиура», – ҳәа иҳәеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы.
Аҩбатәи атур, даҽакала иуҳәозар аиҭабжьыҭира аихшьаалақәа рыҟаҵара акәзар, Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, аҩбатәи атур аҿы еиҳа абжьы зырҭаз акандидат егьи акандидат иоуз абжьқәагьы аграфа «Зегьы ирҿагылоу» алызхызгьы рхыԥхьаӡара ааизакны дыриааироуп», — ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.
«Уи шьақәырӷәӷәоуп ажьырныҳәамза 2020 шықәсазы ирыдыркылаз, иахьа уажәраанӡа иаԥыхымкәа иаанханы иҟоу аӡбарҭа аӡбамҭеи азакәани рыла. Азакәанԥҵараҿы уаҳа даҿа еиҭакрақәак ыҟамзар, усҟан ҳара иҟоу аԥҟарақәа ҳрықәныҟәар ахәҭоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
«Иарбанызаалак аџьентльментә еиқәшаҳаҭрақәа Алхратә комиссиа Хада уажәтәи аилазаара ҳасаб азура азԥхьагәанаҭаӡом. Ҳара зегьы шьахәлаҵәҟьа иаҳгәалашәоит уи ахькылнагар алшо – аӡбарҭа ала Алхратә комиссиа Хада аӡбамҭа аԥыхра. Ас еиԥш иҟоу амоментқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ҳара уажәазы иҟоу алхратә закәанԥҵареи аӡбарҭа аӡбамҭеи ҳақәныҟәалоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.