Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы иҟоу аҵаратә база ашьаҭала аҩаӡара еиҵбы иаҵанакуа акомандаҟаҵаҩцәа разыҟаҵара акурсқәа еиҿкаахеит. Урҭ алшықәсанык имҩаԥгахо Аԥсны Арбџьармчқәа акадрқәа арра-занааҭтә зыҟаҵара асистема иалагалоуп. Аҵаратә гәыԥ аилазаара алкаахоит архәҭақәа рҭаххрақәа ирарықәыршәаны.
Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – атәылахьчара Аминистрра аҟәшеиҵақәеи архәҭақәеи асержанттә еилазаара иамоу иҷыдоу азеиԥшарратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан аҟәшеиҵақәа рнапхгараҭара иадҳәалоу азеиԥшарратә дыррақәа раиура, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵара апрограмма ҳаамҭазтәи аиашьратә ҭагылазаашьақәа рҿы арбџьари арратә техникеи рхархәара азы иҷыдоу атактикатә, аҵаратә дисциплинақәеи иҷыдоу аԥышәатә ҽазыҟаҵарақәеи азԥхьагәанаҭоит. А́ҽазыҟаҵарақәа Аштаб Хада еиқәнаршәаз аметодика ала имҩаԥысуеит, уи иалагалоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азы аҵара-методикатә комплекс.
Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшара ашьҭахь аҵара иахысуа аихшьаалатә аԥышәара (аттестациа) иахысуеит, уи алҵшәақәа рыла урҭ ироуз адыррақәеи алшарақәеи ааизакны ахәшьара рыҭахоит.