АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:47

Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа Аԥсны акоордиологиатә цхыраара шеиҿкаатәу ҭырҵааит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа Аԥсны акоордиологиатә цхыраара шеиҿкаатәу аҭҵааразы Аԥсныҟа иааит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Е.И. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә Центр адиректор хада, Ацентралтә, Уральсктәи, Сибратәи, Харатәи Амрагыларатәи афедералтә округқәа, Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа рҿы Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи акоордиолог хада  Сергеи Боицов, Е.И. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә Центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анна Шангина, адиагностикеи ахәышәтәреи рзы арентгенхирургиатә методқәа рыла  аҳақьым, Ацентр анаука-еиҿкааратә ҟәша анаукатә усзуҩ Всеволод Миронов.

Раԥхьа аделегациа иаҭааит Ареспубликатә хәышәтәырҭа. Асасцәа ирԥылеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәеи. Асасцәа Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы адкыларҭақәа, акардиологиеи атерапиеи рыҟәшақәа, адатә хирургиа аҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәшақәа гәарҭеит.

Сергеи Боицов ахәышәҭырҭаҿы ишьҭоу апациентцәа дрыҿцәажәеит, дрыхәаԥшит. Уи аамышьҭахь ачымазцәа рҟынтәи еиҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу гәыԥҩык Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә центрқәа рахь рдәықәҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аекспертцәа иара убасгьы арегионалтә адатә центр аиҿкаареи ангиограф ашьақәыргылареи рзы аҭыԥ гәарҭеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр акардиологиатә цхыраара амаҵзура аусура арӷәӷәара азы  ангиограф акыр ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәа иахьааз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит: «Иахьа ҳара Сергеи Анатоли-иԥеи (Боицов – аред. АП азгәаҭа) Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҳарбеит. Ҳара еиуеиԥшым аҟәшақәа гәаҳҭеит, избан акәзар ахәышәтәырҭаҿы ангиограф ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп.  Сара изныкымкәа иазгәасҭахьеит ас еиԥш амаруга ҳусура аҿы ишхымԥадатәиу атәы. Уи агәы-ада ачымазарақәа, адабла чымазара аан  акоронарографиа, астентмҩаԥгара, атромбоекстракциа, уҳәа амҩаԥгара алнаршоит. Ҳасасцәа аамҭа ԥшааны иахьаҳҭааз ҳтәыла агәабзиарахьчара ацхыраара аҭара иахьазхиоу азы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп».

Е.И. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә Центр адиректор хада Сергеи Боицов Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа русура ахәшьара ҳарак аиҭеит.

«Ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҳицны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ҳаҭааит, агәы-ада ачымазарақәа рыхәшәтәра иадҳәалоу ахәышәтәырҭа аҟәшақәа зегьы гәаҳҭеит. Сара хаҭала аспециалистцәа рзанааҭтә ҩаӡара шыҳараку азгәасҭеит. Жәаҳәарада, уи атерапиатә ҟәша аҿы ареанимациеи аинтенсивтә терапиеи рыҟәша аҿы аус зуа аҳақьымцәагьы аҵанакуеит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Боицов.

Едуард Быҭәбеи Сергеи Боицови иара убас  Аҟәатәи 2-тәи ақалақьтә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа русушьа рбеит. Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба урыстәылатәи иколлегацәа иарбоу амедусбарҭа аусура атәы рзеиҭеиҳәеит, идирбеит уи аҟәшақәа. Сергеи Боицов ахәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша апациентцәа дырҭааит, дрыҿцәажәеит, акардиологцәа русуреи рзанааҭдырреи ахәшьара ҳарак аиҭеит.

«Апациентцәа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵаареи рыхәышәтәреи ҳаамҭа иақәшәо аклиникатә абжьгарақәа инақәыршәаны иҳараку аҩаӡараҿы имҩаԥысуеит. Аԥсни Урыстәылеи аҳақьымцәа рыбжьара аимадара бзиа шыбжьоу умбар залшаӡом. Ҳәарада, анаҩстәи аҿиаразы аперспективақәа ыҟоуп. Ҳара ҳус хадақәа иреиуан агәы-датә чымазарақәа раан ацхыраара аҟаҵара асистема анаҩстәи аҿиара алшарақәа рыхә ашьара, арахь иаҵанакуеит амиокарда аинфаркт ӷәӷәақәа, ахшыбаҩ-шьеикәыршара аилагарақәа, агәы-датә хирургиа аҿиара. Уи азы изыцҵоу аӡбрақәа рыдкылара аҭахуп, урҭ уажәы ҳрыхәаԥшуеит. Анагӡара иазырхоу ажәалагалақ́әа рхианы иҳамоуп», — ҳәа иҳәеит Сергеи Боицов.

 

 

 

 


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.