Аинвалидцәеи згәабзиара алшара ԥку ауааи рыбжьара азанааҭтә ҟазара азы Амилаҭтә чемпионат «Абилимпикс – 2024» мҩаԥысуан жьҭаарамза 26 -29, 2024 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы. Аицлабрақәа рхы аладырхәит 9 тәылак рхаҭарнакцәа, Аԥсны ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны.
Аԥснытәи алахәылацәа абарҭ адисциплинақәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: ароботатехника (Адриан Озган), афотосахьа (Милана Аџьба), афымцамонтаж (Дамир Арсҭаа).
Иара убас алахәхаразы аҳамҭақәа роуит Валериа Џьынџьал (афлористика), Анри Цкәуа (ароботатехника), Данил Арсҭаа (афотосахьа).
Аԥснытәи акоманда анапхгаҩы — Леила Кәакәасқьыр, Очамчыра араион аҵара аҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ. Аԥснытәи акоманда «Абилимпикс» алахәхара напхгара алҭон Аԥсны аҵара Аминистрра аспециалист хада Гәында Кәыҵниа.