АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2025

Александр Новак: Урыстәыла азхиоуп Аԥсны афымцалашаразы иалагалаз аԥкрақәа зегьы аԥыхразы афымцамчла аиқәыршәара ахацыркра.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак Бадра Гәынба диԥыло, Аԥсны иалагалаз алашара арцәара аамҭеихша аԥыхразы Урыстәыла Аԥсны афымцамчла аиқәыршәара ахацыркра иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уаҵәы инаркны Аԥсны иалагалаз алашара арцәара аамҭеихша аԥыхразы Урыстәыла аганахьала Аԥсны афымцамчла аиқәыршәара ахацыркразы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳалагоит.  Аԥсны ауааԥсыреи асоциал-економикатә усхкқәа ирыҵанакуа аобиектқәеи уаанӡа иҟаҵаз аҳәарала Урысттәыла Аԥсныҟа идәықәнаҵо афымцамч ахыхь инацҵаны афымцамч роуроуп. Адгылара аҳасабала ҳара иахәҭоу аӡбамҭақәа рыдкылара ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Александр Новак.

Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ҳаԥхьаҟа Аԥсни Урыстәылеи аенергетикатә сектор анаҩстәи ахархәара амеханизмқәа, уи аҿиара иадҳәалоу ахырхарҭақәа зегьы рылацәажәара азԥхьагәаҭопу.

Бадра Гәынба аенергетика иадҳәалоу апроблема Аԥсны атәылауаа раԥхьа иргыланы агәҭынчымра рызцәырызго зҵаараны иҟоуп, избан акәзар ирдыруеит уаанӡа Урыстәылантәи ҳтәылаҟа иаашьҭыз агәуманитартә фымцалашара амҽхак шынҵәо. Бадра Гәынба урыстәылатәи анаԥхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит, агәуманитартә фымцалашара иҳауаз ацҵаразы аӡбамҭа ахьрыдыркылаз.

Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылара Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара азы аҵак ду амоуп.


Read 95 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.