Бадра Гәынба Аԥсны аринахысгьы Урыстәылантәи аинвестициақәа радыԥхьалара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку аусура ацҵахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳзы ари даара акыр зҵазкуа хырхарҭаны иҟоуп. Убри аан, аинтерессқәа реибакапанра ахшыҩзышьҭра ду аҭазароуп. Уи аинвесторцәа ринтерессқәеи ҳтәыла ауааԥсыреи ҳҳәынҭқарреи ҳбизнесс еилазаареи ринтерессқәеи роуп. Ҳара Урыстәылантәи аинвестициақәа ралагалара ҳазҿлымҳауп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы инаҳагӡоз аусуцра аҳәаақәа ирҭагӡаны 25 миллиард мааҭ инарзынаԥшуа аинвестициақәа раҳасабала Аԥсны аекономика иалагалахеит. Аринахысгьы ҳара уи аусура ацҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ҳҽазаҳшәоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа политик.