Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны Ауааажәларратә Палата атәыла аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ишьақәгылаз имариам, аибарххара зныԥшуа ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа инамаданы агәҭынчымра аарԥшуа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы аҩынтәраан абжьыҭира алҵшәақәа рыҟаҵара ҳәаақәызҵо «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 19 аилкаара аҵакызаҵәрадара, анаҩс ауаажәларра рыбжьара еиҳагьы аибарххара цәырнагар алшоит ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иахь иҟарҵаз ааԥхьара аҿы.
Уаанӡа имҩаԥгаз алхрақәа рҟынтәи, аиҭабжьыҭира аан «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» атәы зҳәоз ацәаҳәа зныз абиуллитеньқәа рхархәара инамаданы хра злам аԥышәа аиҭаҟалара алмыршара азы, Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы аконституциатә закәан ахәҭаҷқәа 16, 19 абарҭ аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟанаҵоит:
- аҩынтәраан абжьыҭиразы абиуллетень аҟынтәи «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» иазку ацәаҳәа алгара.
- Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 19 абзац 3 абри аредакциа ала ишьақәыргылазарц: «Ааиҭалхрақәа раан асиа иҭагалаз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 25 процент иреиҵамкәа алхыҩцәа алхрақәа рхы аладырхәызар, аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит акандидатцәа рахьынтә зегь реиҳа абжьқәа зауз».
Ауаажәларратә Палата агәыӷра аанарԥшуеит «азакәанԥҵаратә усбарҭеи ҳауаажәларра аинститутқәа зегьи рылҳарақәа еилаҵаны, Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәагьы рымҩаԥгара уахь иналаҵаны, азинтә, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылараан ицәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы риааира шҳалшо».