Аоперативтә штаб Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аԥхьырҟәҟәаара азы астратегиақәа уснагӡатәқәа азԥхьагәаҭаны есымчыбжьа аилатәарақәа мҩаԥнагалароуп, инанагӡо аусуразы аҳасабырбақәа еиқәыршәаны Атәыла ахада Иусбарҭеи аминистрцәа Реилазаареи ақалақь ахадеи рызнагара алнаршароуп.
Иара убасгьы аштаб напынҵас иаҭоуп, амаининг азы атәылауаа зыдҵаало ацәаҳәа еиԥҟьарада аусура ахылаԥшразы.
Иарбоу ақәҵара анагӡара ахылаԥшра инапы ианҵоуп Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Ақәҵара азинмчы аиуоит уи анапаҵыҩра анымҩаԥгаха – жәабранмза 3 инаркны.