
pressadmin-2
Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер иганахьала ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра хыркәшоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 4, 2024 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер иганахьала ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра хыркәшахеит. Халил Амер иганахьала «ауаҩы гәымбылџьбарала цәгьаԥсышьа иҭара» ахәҭаҷ ала идыз ахара шьақәырӷәӷәахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Ԥхынҷкәынмза 19, 2023 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы, ижәны иҟаз Халил Амер игәылаԥҳәыс Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс Лиутова О. В иареи ажәа анеимарк ашьҭахь игәы ааибаган аҳәызбалеи амаркатыли рыла уи 87-нтә илылаҵаны ахәрақәа лниҵеит, иара убри ала аԥҳәыс цәгьаԥсышьа лиҭеит.
Аԥсни Урыстәылеи рыпрокуратура Хадақәа ашәахтәии абиуџьеттәии азакәанԥҵара анагӡара азы апрокурортә хылаԥшра аусхкы аҿы аԥышәеимадара рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 4, 2024 шықәса рзы Урыстәыла Апрокуратура Хада аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ашәахтәии абиуџьеттәии азакәанԥҵарақәа рынагӡара азы апрокурортә хылаԥшра аусхкы аԥышәа» атема ала астол гьежь мҩаԥысит.
Ари ҳтәылақәа рыпрокуратура Хадақәа рыбжьара 2023-2024 шықәсқәа рзы аусеицура апрограмма назыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ируакуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҟны иҟоу адыра ала, Аԥсны Урыстәылеи Рхылаԥшырҭақәа апрокурорцәа рзинмчы, ашәахтәии абиуџьеттәии азакәанԥҵара анагӡара аганахьала апрокурорттә усура аԥышәа иалацәажәеит.
Убас, аԥснытәи аделегациа аҳәаанырцәтәи рколлегацәа Ареспублика Аԥсны ашәахтәии абиуџьеттәи закәанԥҵара апрокурорттә хылаԥшра анагӡара аҿы ихадоу ахырхарҭақәас иҟоу рзеиҭарҳәеит.
Ахәҭакахьала, урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа ртәылаҿы иҟоу аҳәынҭқарратә аахәарақәа русхкы аҿы аҳәынҭқарратә контрактқәа рыбжьаҵараан апрокурорттә хылаԥшра, урыстәылатәи амилаҭтә проектқәа рынагӡара аганахьала апрокурорттә хылаԥшра, уҳәа еиҿызкаауа азакәанԥҵара иалацәажәеит, иара убас апрокурорттә зхьаԥшра ахархәара аԥышәа иазааҭгылеит.
Аԥснытәи аделегациа 14 спорттә хкы рыла Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ирылахәхоит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа 14 спорттә хкы рыла рылахәхара атәы далацәажәеит.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟалоит 102-ҩык, урҭ рахьынтә 63 - ҩык спортсменцәоуп.
Беслан Карчаа аусмҩаԥгатә апланқәа дрылацәажәеит:
«Ареспублика Аԥсны аделегациа рашәарамза 11 рзы Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхаразы Ҭаҭарсҭан иҟалоит. Аделегациақәа рнапхгаҩцәа реиԥылара уи аԥхьа мышкы шыбжьоу имҩаԥысуеит».
Беслан Карчаа иажәақәа рыла, аԥснытәи аспортсменцәа - фиџьитал-шьапылампыли фиџьитал-мҵәышәмпыли реиԥш иҟоу иҿыцу аспорт хкқәа рыла аицлабрақәагьы рхы аладырхәраны иҟоуп. «Раԥхьа акомпиутер аҿы ахәмаррақәа мҩаԥгахоит, анаҩс аплошьадка аҿы»,- ҳәа иазгәеиҭеит иара. Иара убас имҩаԥгахоит асамбо, аӡиудо, атлетика лас, аԥкьаҭмпыл, зхы иақәиҭу аиқәԥара, амаҟақәа рыла аиқәԥара, абокс, ашахматқәа, карате, ушу, уҳәа рыла аицлабрақәа», -ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Карчаа.
Хәымз рыла Аԥсны абиуџьеҭ иалагалахеит 1,8 млрд. мааҭ ашәахтәқәа.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса хәымз рыла Аԥсны абиуџьеҭ 1823,7 млн. мааҭ ашәахтәқәа алагалахеит. Убри аан планла ишьақәыргылан 1584,2 млн. мааҭ. Анагӡара 115% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра апресс-маҵзура.
Аплан ахыхь инагӡаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 239,5 млн. мааҭ. 2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы инагӡаз ашәахтә шәатәқәа 114% рҟынӡа инаӡон, уи аицҵалыҵ 230,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.
2024 шықәса хәымз рыла имҩаԥгаз ашәахтә шәатәқәа араионқәа рыла абасала ишьақәгылеит:
Еилкаахеит XVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада заанаҵтәи аихшьаалақәа.
Аҟәа. Рашәарамза 04, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Еилкаахеит XVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада заанаҵтәи аихшьаалақәа. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз абаҩарҵәыра аусзуҩ Аслан Ҭаркьыл иажәақәа рыла, иахьазы атлетика лас, ашахматқәа, абокс, аӡиудо, астолтә ԥкьаҭмпыл, асамбо, зхы иақәиҭу аиқәԥара реиԥш иҟоу аспорттә хкқәа рыла аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Имҩаԥгаз аицлабрақәа зегьы реихшьаалақәа рыла, аԥхьа игылоуп Аҟәа ақалақь (200 кәаҭала), аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра ақалақь (184 кәаҭала), ахԥатәи аҭыԥ аҿы – Гәдоуҭа ақалақь (158 кәаҭала). Егьырҭ акомандақәагьы убасҵәҟьа ибзиоу аихьӡарақәа аадырԥшит. Убас: Гал - 156 кәаҭала, Ҭҟәарчал - 136 кәаҭала, Очамчыра – 134 кәаҭала, Гылрыԥшь – 122 кәаҭала, Аҟәа араион - 94 кәаҭала.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум-2024 ихы алаирхәраны дыҟоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниа XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум рхы аладырхәраны иҟоуп.
Афорум мҩаԥыслоит Санкт-Петербургтәи Аконгресс-цәыргақәҵатә Центр «Экспофорум» аҿы рашәарамза 5 инаркны рашәарамза 8 ыҟынӡа.
Сынтәа имҩаԥысуа Афорум атема хаданы иҟоуп — «Еиуеиԥшым амчратә центрқәа рыҟазаара азԥхьагәазҭо, азинеиҟарарара апринцип ала ишьақәгылоу адунеиеиҿкаара ашьаҭа – иҿыцу аҿиара ахырхарҭақәа рышьақәгылара» ( «Основа многополярного мира - формирование новых точек роста»).
Аԥсны Арбџьармчқәа рхысырҭатә дәы аҿы аҽазыҟаҵара-ԥышәатә хысрақәа мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза, 2024 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, иаалырҟьаны Аԥсны аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы аҟәшеиҵақәа ргәаҭара мҩаԥган. Агәаҭарақәа анхыркәшаха ашьҭахь, АШәА АУР ахатәы еилазаара Арбџьармчқәа рхысырҭатә дәқәак рҿы ахысрақәа рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟан – аштаттә бџьари атехникеи арратә хархәара азы адыррақәа аус рыдулара, иара убас аҟәшеиҵа аусзуҩцәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.
Аԥснытәи аспортменцәа аидгьылуаа ҿарацәа VIII Адунеизегьтәи Рыхәмаррақәа рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортменцәа аидгьылуаа ҿарацәа VIII Адунеизегьтәи Рыхәмаррақәа (ВИЮС) алагеит Москва ақалақь аҿы рашәарамза 2 рзы. Ахәмаррақәа еиднакылеит 200-ҩык инареиҳаны Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Египет, Замбиа, Индиа, Иорданиа, Испаниа, Ҟазахсҭан, Кипр, Киргизиа, Китаи, Ливан, Македониа, Малаизиа, Молдавиа, Монголиа, Палестина, Сербиа, Сириа, Таџьыкьысҭан, Таиланд, Тунис, Туркмениа, Ҭырқәтәыла, Узбекьысҭан, Швециа, Аладатәи Кореиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аспортсменцәа. Зынӡа ахәмаррақәа ирылахәхоит 450-ҩык аспортсменцәа.
Аицлабрақәа амҵәышәмпыл 3/3, анапылампыл 4х4, ашахматқәа, астолтә ԥкьаҭмпыл, аспорттә еиқәԥара, аӡысра реиԥш иҟоу аспорттә хкқәа рыла имҩаԥысуеит.
Аицлабрақәа раԥхьатәи амш азы аԥснытәи аспортсменцәа амҵәшәмпыл 3×3 аматчқәа ҩба мҩаԥыргеит. Урҭ атурнир афаворитцәа ирыцыхәмаруан. Актәи ахәмарра аҿы аспортсменцәа ириааит уаанӡа хышықәса инеиԥынкыланы арҭ Ахәмаррақәа рҿы аиааира згоз.- Ҟрымтәи акоманда, аҩбатәи ахәмарраҿы – Ҟыргызсҭан акоманда иаҵахеит.
Аԥсны азы алегендақәа рконкурс хацыркхеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агуманитартә практикақәа рзы Афедералтә центри «Мир музея» ҳәа ахьӡ змоу ажурнали рыла еиҿкаау, адизаин ашкол «НИУ ВШЭ» алархәны Аԥсны азы алегендақәа рконкурс алагеит.
Алитературатә конкурс алахәылас аҟаларазы аконкурс асаит аҿы иарбоу Аԥҟарақәа рдырра хымԥадатәиуп, аобиектқәа рсиа аҟынтәи алегенда азы аҭыԥ алхтәуп, арҿиаратә дҵа ала прозала алегенда аԥҵатәуп, аконкурс аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахештег ацны атекст асоциалтә ҳа «ВКонтакте» агәыԥ «Арм сара сыдгьыл ауп» («Это моя земля») аҿы икьыԥхьтәуп, анаҩс азхьарԥш агәыԥ аацҳамҭақәа рахь идәықәҵатәуп, амодерациа иахыстәуп, аҳамҭа гатәуп, аацҳамҭа аҿы автор идыррарбагақәа арбатәуп, аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭа еиқәыршәатәуп, аперсоналтә дыррақәа раиуразы азини алицензиеи гатәуп.
Аусумҭақәа рыдыркылоит цәыббрамза 30, 2024 шықәсанӡа асоциалтә ҳа «ВКонтакте» аҿы автор ипрофиль аҿы астатиа азхьарԥш аҳасабала ахештегақәа #itsmyland, #имяавтора@itsmyland, #абхазияэтомояземля@itsmyland ацны.
5 мыз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 138% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 5 мыз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 138% рыла инагӡоуп.
Лаҵарамзазы аҳазалхратә шәатәқәа рхыԥхьаӡалара 399,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.