Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи анаука Амшныҳәеи Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа 300-шықәса ахыҵреи разгәаҭара аламҭалазы Аҟәа ақалақь иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра аресурстә Центр аҿы аҳҭнықалақьи Гал араиони рҟынтәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы хықәкылатәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
Урыстәылатәи анаука Амш есышықәса иазгәарҭоит жәабранмза 8 рзы. Уи аԥҵан рашәарамза, 1999 шықәса рзы, иагьадҳәалахеит 2024 шықәсазы 300 шықәса зхыҵыз Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа аԥҵара.
Аныҳәа амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп ауаажәларратә еилазаара анаукатә прогресс разхьарԥшра.
Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов Ахаҭарнакра аҟәатәи аресурстә Центр аҿы еизаз аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма дирдырит.
Уи иалалеит адокументалтә фильм «Будущее на твоей тарелке». Уи ҳаԥхьаҟа иҟало афатәқәа ирызкуп (аамҭак ала афильм дырбахеит Гал ақалақь аҿы иҟоу Ахаҭарнакра аресурстә Центр аҿы). Иара убас имҩаԥысит Урыстәыла анаукақәа Ракадемиа аҭоурых иазку ажәахә аӡыргара, Урыстәылатәи анаука аихьӡарақәа атема ала аекспресс-викторина, иара убас амузеи аҭаарала Аексперименталтә патологиеи атерапиеи Ринститут ахь аекскурсиа.
«Ҳара аԥснытәи ҳколлегацәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳауз ас еиԥш алшарақәа рзы. Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи ҳареи аимадара бзиа ҳабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Владислав Куликов.
Наталиа Кадырова лдокументалтә фильм RT Documentary «Будущее на твоей тарелке» афатә аалыҵ ааглыхраҿы иҟоу ауадаҩрақәа аанарԥшуеит, иара убас альтернативтә крыфара аганахьала анаукатә ҭҵаарақәа ирылацәажәоит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра апроект Амилаҭтә куратор Наталиа Каиун анаука ауаатәыҩса рыԥҭсҭазаара аҭоурых аҿы иааннакыло ароль дазааҭгылеит, ауаажәларра рыԥсҭазаара аҿы аҵарадырра инанагӡо ароль инаҵшьны иазгәалҭеит.
Ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аусмҩаԥгақәа рхы аладырхәит, доусы ироуз аинформациа иахцәажәеит.