«Ҳара ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп – иԥхьагылоу аҵаратә ԥышәа аарԥшра, анаҩс уи иахәҭоу ахырхарҭа аҭара. Иԥхьагылоу урыстәылатәи аспециалистцәа, аҵарадырраҿы аекспертцәа рколлегацәа рԥышәа рымардоит, ирызнаргоит рметодикатә материалқәеи егьырҭ русура аартрақәеи. Аиҩызаратә республика аҟынтәи асасцәа иара убас идеилыркаахоит иахьа Урыстәыла иҟоу ахәыҷтәии аҿартәии апроектқәеи урҭ рылахәхара шзалыршахои ртәы. Апрограмма анхыркәшахалак ашьҭахь ааигәа еицынагӡахо аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс азԥхьагәаҭахоит. Агәра ганы сыҟоуп уи зегьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аимадарақәеи аҵарадырратә усхкы аҿы аинтеграциатә процессқәеи рырӷәӷәара ишацхраауа», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адыррақәа Рцентр «Машук» адиректор Хада, Урыстәылатәи аилазаара «Знание» адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Антон Сериков.
Ацентр имҩаԥнаго азеиԥшҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара залыршахеит Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистрцәа Инал Габлиеи Сергеи Кравцови ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны. Убри аан адгылара ҟанаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа.
Адыррақәа Рцентр «Машук» аиҿкааҩцәа – Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳаӡоу аҵарадырреи Рминистрра, аидгылара «Росмолодеж», Урыстәылатәи аилазаара «Знание».