АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2025

Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц аҿы жә-еихагыларак змоу аҩны ахыб амца акит.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц Кьараз амҩаду ала игылоу жә-еихагыларак змоу аҩны №17 ахыб амца акит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Амца арцәаразы аусурақәа цоит. Амцарцәара рхы аладырхәуеит амцарцәаратә гәыԥқәа хәбеи ҩажәаҩык рҟынӡа аиқәырхаҩцәеи. Ацхырааразы амҩа иқәлеит Агәыӡерантәи амцарцәаратә машьына, ҳәа «Аԥсныпресс» адырра ауит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьарҭа аҿы.

Амцакразы аҷаԥшьарҭахь адырра ҟалеит асааҭ 12:09 рзы.

Амцакра зыхҟьаз макьана ишьақәыргылаӡам.

 

 

 


Read 236 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.