Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҿыц ииз аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа дыргеит.
Аҷкәын диит жәабранмза 5 рзы аҟәатәи ахшараиурҭа аҿы амгәарҭаҿы ицәырҵыз арԥҳатә патологиа иманы.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҟаиҵаз адҵа ала анестезиологиа-реанимациатә бригада аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа ииагаразы Шәачантәи Аҟәаҟа амҩа иқәлеит.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҿыц ииз аӡҟы Аԥснынтәи Шәачаҟа дыргеит, уи игара маншәаланы имҩаԥысит, иара уажәы иахәҭоу амедицианатә цхыраара зегьы иоуеит, иҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппов ихатәы Telegram-канал аҟны.