АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2025

Михаил Шургалин Бадра Гәынба Москва имҩаԥигаз аиԥыларақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит: уи иҿцәажәоз зегьы ибзиаӡаны ирдыруан иара уажәы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарратә структурақәа дырхаҭарнакны дшыҟам.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аинформациатә Маҵзура Sputnik Аԥсны аҳәарала Бадра Гәынба абарҭ амшқәа рзы Москва ақалақь аҿы аиԥыларақәа мҩаԥго дзыҿцәажәоз ирҩашьон, избан акәзар иара ареспублика аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакны дыҟаӡам ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рыхҳәаа ҟаиҵеит.

«Урыстәылатәи аструктурақәа зегьы ианакузаалакгьы аиашьаратә республика Аԥсны адгылара аҭара, ихымԥадатәиу аӡбарақәа ианаамҭоу рыӡбара алыршара иазырхан», – ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ. Убри ауп, урыстәылатәи адипломат иажәақәа рыла, хыԥхьаӡара рацәала Москва имҩаԥгаз Бадра Гәынба иԥыларақәа зызкыз.

Бадра Гәынба ихаҭаратә статус атәы ҳҳәозар, араҟа иарбанзаалак проблемеи ииашам аилкаарақәеи ыҟаӡам, иҟаларгьы ҟалом. Иара дзыҿцәажәоз ибзиаӡаны еилыркаауан уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны аофициалтә ҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнак шиакәмыз. Москва иара еицырдыруа политикатә усзуҩык иаҳасабала ихәаԥшуеит, Урыстәыла анапхгара рхаҭарнакцәеи иареи иҭышәынтәалоу аусуратә еизыҟазаашьақәа змоу иоуп ҳәа дырдыруеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Михаил Шургалин.  


Read 173 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.