АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жәабран.2025

Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥышәатә реис Москва-Аҟәа раԥхьатәи апассаџьырцәа рыдыркылеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба. Уи ицны иааит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа.  Аҳаиртә еилазаара «UTVaero» аҳаирплан аӡытә салиут ала иаԥылеит. Иара убас аҳәынҭқарратә хореографиатә ансамбль «Абаза» акәашаҩ ҿарацәа уи аҿаԥхьа инарыгӡеит аԥсуа милаҭтә кәашарақәа.

«Аиашазы, иахьа даара акыр зҵазкуа, 30 шықәса раахыс ҳаззыԥшыз ахҭыс ҟалеит. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит акыр аамҭа ҳаззыԥшыз раԥхьатәи аҳаирплан. Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәылаҟа аԥыррақәа ргеографиа аринахыс ессааира аҽшарҭбаало», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. Бадра Гәынба иажәақәа рыла, атуристтә сезон алагарала Урыстәыла ақалақьқәа рахь иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа мҩаԥгахалоит.

Иахьа аҳаиртә еилазаара «UVTaero» ари апрограмма хацнаркуеит.  Уи иацло аҳаиртә еилазаарақәагьы ыҟоуп.

«Ҳара агәра ҳгоит ас еиԥш иҟоу апроект ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа шеиӷьнатәуа. Ҳәарада, ари ҳара аринахысгьы иҳарҿиало акыр зҵазкуа ахырхарҭақәа иреиуоуп», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Ажурналистцәа дрыҿцәажәо иахьатәи амш азы аҳаирбаӷәазаҿы иҟаҵоу атәы далацәажәеит аинвестор – аилазаара «Инфраструктурное развитие» адиректор Хада  Евгени Боженов.

Аҭоурыхтә терминал аконструкциа арӷәӷәара иазку аусура ҳхаркәшоит, анаҩс ҳаиасуеит аҭоурыхтә терминал аҩныҵҟа иазԥхьагәаҭоу аусурақәа рахь. Уажәы иацҵоуп иҿыцу адкыларатә терминал аҿы аусурақәа, хара имгакәа аметаллтә конструкциа ала аусурақәа ҳхаркәшоит, - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьазы инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа, аԥсҟарҵәиратә мҩақәа, аперрон, иахәҭоу алашара-сигналтәи аметеорологиатә еиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп. 


Read 109 times - Ашәахьа, 10 Жәабран 2025 03:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.