Аспектакль аҿы ихадоу арольқәа нарыгӡоит Рубен Депелиан, Мадлена Барцыц, Наталиа Папасқьыр, Анна Гиурегиан.
Ашьаҭақәа рырӡра апроблема, аԥсҭазаараҿы ухатә ҭыԥ аԥшаара, аара ицәырнаго агәҭынчымра, иуқәу ауалԥшьа аилкаара, уҳәа иаарԥшуп апиеса афырхаҵа хада Арзамеҭ ихатә драма аҿы. «Ҳаамҭазтәи аекзистенциалтә драма» ахәаԥшцәа рҿаԥхьа ицәыргахоит. Актиорцәа рыхәмарра ахәаԥшцәа зегьы ргәаҵанӡа инеиуеит ҳәарада…