pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада ихантәаҩы  Ҭенгиз Гирџьынба аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аиҭашьақәыгыларатә усурақәа рцашьа азы адырра иҭеит.   

Астанциа атрансформатортә мчхара азымхара иахҟьаны аӡынра афымцадәыӷба аиасраан ауааԥсыра афымцамч рызнагара аҿы инацҵаны  аԥкрақәа алагалахон, уи Цандрыԥшьи Гьиачрыԥшьи инхо  ауааԥсыра акыр иаргәамҵуан.

«Амшынеиқәфымцамч» аспециалистцәа атрансформатор шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥыргеит. Уажәы астанцеиҵа «Цандрыԥшь» аҿы аушьҭраеиқәыршәаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Урҭ рхыркәшара ҳазҭоу рашәарамза нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭоп.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа ишәҟәы ҿыц «Тревожная ночь» ҭыҵит.

Ари аизга иалалеит Даур Наҷҟьебиа, Витали Шариа, Светлана Ладариеи Алина Жибҳаи аурыс бызшәахьы еиҭаргаз, аԥсуа шәҟәыҩҩы, Д.И.Гулиа Т.Ш. Аџьба рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат Анатоли Лагулаа иажәабжьқәа.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәа рзы Акризистә цент ахаҭарнакцәа Кама Гоԥиа, Елана Кортуа, Кама Аргәын идикылеит.

Акризистә центр аԥҵан мшаԥымза, 2024 шықәса рзы. Уажәазы ацентр ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ф-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ иара уааҵәҟьа инхоит, уаҟоуп рыкрыфарагьы ахьеиҿкаау. Дара ирыхәҭоу асоциалтәии апсихологиатәи ацхраара роуеит.

Апроект агәыҳалалратә еиҿкаарақәа «Кьарази» «Панорамеи рыла инагӡахоит». Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ахыбра ақьырахәыԥса ашәара аҳәынҭқарра ахахьы иагеит.

Ацентр ахаҭарнакцәа инарыгӡо аусура, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа абикунра аусбарҭақәеи асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрреи аус рыцура, уҳәа шымҩаԥысуа атәы иалацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2024 шықәса рашәарамза 5-8 рзы Санкт-Петербург АЦӘЦ «Експофорум» аҟны имҩаԥысуа XXVII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум (ПЖӘАФ) далахәуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Иахьа, рашәарамза 6 рзы, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниеи УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки, Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглови, Ленинградтәи аобласт агубернатор Александр Дрозденкои, Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабирови, Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови, иара убас Аҩада Кавказтәи аокруг  ареспубликақәа рхадацәеи еиԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аиԥылара аҿы Наамоа Шадуд  аиҿкаара ахықәкқәеи ахыдҵақәеи дрылацәажәеит, ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахо еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, шьамтәылатәи аҿар рымаха-шьахатәи ринтеллектуалтәи зыҟаҵареи амилаҭтәии аморалтәии ахәдуқәа рыҿиареи рзы иҟарҵо дазааҭгылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара  «Ареспублика Ҭаҭарсҭан ашахматқәа Рфедерациеи»  аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҩ-федерациак рхадацәа Константин Ҭыжәбеи Рушана Сахбиевеи.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит Казань ақалақь, 46-тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Рашид Нежметдинов Имемориал» («Мемориал Рашида Нежметдинова») аплошьадка аҿы. Аԥсны аганахьала анапаҵыҩра ацеремониа аҿы ихы алаирхәит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент ицхырааҩ  Алмас Багаҭелиа.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум ахы аланархәуеит. 

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба,  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьаниа, аекономикатә зҵаарақәа рзы Апарламент Аиҳабы иабжьгаҩ Хада Нодар Шьоуа.

Афорум аатит рашәарамза 5 рзы. Аус алоит рашәарамза  8 рҟынӡа.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум есышықәса, 1997 шықәса инаркны имҩаԥысуеит, 2006 шықәса раахыс – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ихылаԥшреи иалахәхареи рыла.

Петербургтәи Жәларбжьаратәи Аекономикатә Форум — ари иҭышәынтәалоу аҿаира хықәкыс иҟаҵаны аглобалтә економика азҵаара хадақәа рылацәажәареи иреиӷьу адунеизегьтәи аԥышәеи акомпетенциақәеи рыла аимадареи рзы аплошьадка ауп.  

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада рашәарамза 4, 2024 шықәса рзы иаднакылаз изаамҭанытәиу арезолиуциа «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахҵәацәеи аҩныҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәеи рзы Аԥҟарақәа» иахцәажәеит.    Арезолиуциа аҿы ахҵәацәеи аҩныҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәа зегьи рыҩныҟақәа рахь ахынҳәразы азин рымоуп ҳәа иарбоуп.

«Зегьы реиҳа агәынамӡара цәырнагоит иарбоу арезолиуциа есышықәса аԥсуа ган иарбоу азҵаара азы агәаанагара ҳасаб аҭарада иахьрыдыркыло. Ишдыру еиԥш, шықәсы рацәа инеиԥынкыланы Ареспублика Аԥсны ахаҭарнакцәа, Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уахь иналаҵаны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада алахәылацәа рҿаԥхьа ахҵәацәа рызҵаара аганахьала рхатәы позициа адгалара рҽазыршәоит.   Аха рыцҳарас иҟалаз, иазинтересу аганқәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара азы аԥсуа ган иқәнаргыло азҵаарақәа зегьы иахәҭоу азхьаԥшра амамкәа иаанхоит», – ҳәа иазгәаҭоуп ахцәажәара аҿы.

Қырҭтәыла аԥшьгарала есышықәса Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿы абжьыҭиазы зыдгалара мҩаԥгахо  иарбоу аусшәҟәы  аганқәа згьы ргәаанагара ҳасаб азымукәа еиқәыршәоуп, аиаша адымгылара аҟазшьа амоуп, арегион аҿы иҟоуҵәҟьа аҭагылазаашьа аанарԥшӡом, ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы.  

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афон Ҿыц иҟоу Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канттәи ихьӡ зху Афонҿыцтәи аберҭыԥ ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи аҭаацәа ирынаҭо ацхыраара азы адырра ҟанаҵеит.    

10 шықәса рыҩныҵҟа инанагӡо аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым ацхырааразы аҳәарақәа зну шәкыла арзаҳалқәа  рыдыркылахьеит. Ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп – ахәшәқәа раахәара, зықәра наӡам акы иаԥсоу рыхәшәтәра аҿы ацхыраара рыҭара, ахәышәтәразы Аԥсны анҭыҵ ацараан ицәырҵуа атранспорттә харџьқәа рхарҭәаара, афатә аалыҵқәеи ашәҵатәи раахәаразы ацхыраара аҭара, уҳәа убас иҵегьы.  

Есышықәса аҟәша ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи аҭаацәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа рзы ашколтә фома аахәара еиҿнакаауеит. 2016 шықәса раахыс иҿыцу ашколтә форма роуит атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи 1079-ҩык ахәыҷқәа, уи ахәԥса азеиԥш еицҵалыҵ  7 млн 434 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа ацхыраара зҭаху аҭаацәа адгылара рыҭара знапы алаку агәыҳалалратә еиҿкаарақәа активла аус рыцура алнаршоит. Убас, 2023 шықәсазы агәыҳалалратә хықәкқәа рзы иазоужьхеит  2 153 250 мааҭ, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәагьы рзы – 800 нызықь мааҭ, афонд «Иқьиоу аус» («Доброе дело») – 50 нызықь мааҭ, афонд «Асакьал»  - 300 нызықь мааҭ, афонд «Аԥсара» - 500 нызықь мааҭ, афонд  «ПИМО» - 50 нызықь мааҭ уахь иналаҵаны.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Новосибирсктәи академиатә аҿартә театр «Глобус» асцена иахьа иаднакылоит Аԥснытәи иааз асацәа. Ҳара ҳаурыс драматә театр ахәаԥшцәа иднарбахьеит арежиссиор Сергеи Ефремов иқәиргылаз аспектакль «Евгени Онегин». Уи иуникалу азнагара аҿы зегьы рышколтә шықәсқәа раахыс ирдыруа асиужет иҿыцу аԥшшәхәқәа, иџьашьаху аинтонациа  ахылоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.