Жәабранмза 4 – 9, 2025 шықәса рзы Краснодартәи атәылаҿацә ақалақь Славианск-на-Кубани аҿы имҩаԥысуан апрограмма «Урыстәыла аԥеиԥш» («Будущее России») аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аицлабрақәа. Урҭ рхы аладырхәит ақәратә категориақәа ԥшьба ирыҵанакуаз аспортсменцәа: 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз, иара убас 20 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз.
Аҟәатәи аҳәса ркоманда ибзиаӡаны рхы аадырԥшит, урҭ 14 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа 11 командак рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанкылара рылшеит. Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Беслан Карчаа.