АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:01

Валери Бганба Михаил Шургалин адипломаттә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин адипломаттә усзуҩ Имшныҳәа идиныҳәалеит.  

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Алеқсандр-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив зегьы ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – адипломатиатә усзуҩ Имшныҳәа! Шәара зыҩаӡара ҳараку шәзанааҭдырра, гәыкала шәус азнеишьа, аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәеи аусеицуреи рырӷәӷәара иашәҭо ахшыҩзышьҭра ду ҳаҭыр дула иҳадаҳкылоит.

Ареспублика аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара астратегиатә еимадара аҿиара акыр ахшыҩзышьҭра арҭоит.  Хаҭала Шәара шзанааҭтә ԥышәеи шәдыррақәеи ирыбзоураны аԥсны-урыстәылатәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара аиуоит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсни Урыстәылеи реимадареи реизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара иазкны аҩганктәи аусура аринахысгьы аиҩызара зыбжьо ажәларқәа реизҳазыӷьара иазкны алҵшәа бзиақәа шаанарԥшло. Хаҭала Шәареи напхгара зышәҭо Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа!»


Read 190 times - Ашәахьа, 10 Жәабран 2025 18:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.