АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:48

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәыла адипломатиатә усзуҩ Имш инамаданы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит. 

Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи шәзанааҭтә ныҳәа шәыдысныҳәылоит! Ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭыгылазаашьақәа рҿы, иҿыцу адунеитә шьақәгылара аҿиараан адипломаттә усзуҩцәа русура аҵакы еиҳагьы ихадахоит.

Иахьагьы, адунеизегьтәи аиашамратә ҭагылазаашьаан урыстәылатәи адипломатцәа адунеи аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара аус активла рхы аладырххәуеит, урҭ равторитети иҳараку рзанааҭдырреи рхырхәарала ақәреи асоциалтә статуси, амилаҭреи адинхаҵареи ирыхьмырԥшыкәа, аиашара шьаҭас измоу адунеизегьтәи аиҿкаара ашьақәыргыларазы иазықәгылоит.

Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа иалнахыз адәныҟаполитикатә курс иадгылоит, аҳаҭырқәҵареи агәрагареи рыпринципқәа рыла ишьаҭарку Урыстәыла адипломатиатә усура аспециалистцәа аус рыцура ахә ҳаракны иршьоит. 

Урыстәылатәи адипломатцәа иҳараку рзанааҭтә дырра аҩаӡара  аԥсны-урыстәылатәи аидгыларатәи аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара акыр иацхраауеит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, имариам шәусура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи!! »


Read 175 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.